Содержимое
Ҳазҭагылоу аамҭазы ауаатәыҩса иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаара шьарда ианыруа даҽа занааҭкгьы ыҟоуп, уи ажурналистика ауп. Аԥсышәала иуҳәозар — ажәабжь еиҭаҳәара, адырра аҭара. Иахьурхалак, абарҭ аҩ-хықәкык рынагӡара иазкуп амассатә-информациатә хархәагақәа зегьы. Амч ду рымоуп, аха аҭакԥхықәрагьы рыдуп. Ҳтәылаҿы арҭ азҵаарақәа шааибуа иахьа иалацәажәараны иҟоуп арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркуа адырраҭара ҿыц"Аҳәатәи аҳәашьеи" актәи аҭыжьымҭаҿы. Имҩаԥыргоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Елеонора Кәаӷәаниаԥҳаи аԥышәа змоу ажурналист Инал Лазбеи. Аҳәатәы аныҟоу аҳәашьа здыруа ҳколлегацәа. Рысасцәагьы ус иҟоу ракәхоит: аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи рзы зхатә гәаанагара змоу ауаажәлар рхаҭарнакцәа аарыԥхьалоит. Адырраҭара ҭыҵуеит ес-ԥшьаша, ишиашоу ицо аефир ала, 13:00 сааҭ инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа. Ҳлымҳа кыдҵаны ҳӡырҩлоит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа