TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #965

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры900Количество просмотров
Опубликован3 нояб.03.11.2023, 13:00
Содержимое поста

Содержимое

Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, археолог Демур Бжьаниа иахьа дҳалагылазҭгьы, 70 шықәса ихыҵрын. Археологцәа зегьы ирқәашьхом зеиԥшыҟам аартрақәа рыҟаҵара, Демур Бжьаниа иразҟы иалан ус еиԥш: иара иоуп раԥхьаӡа акәны иаазырԥшыз аџьаз аамҭа (!) иаҵанакуа аԥсуаа ржәытә шхәа акыц ҿырԥшы (керамическая модель древнеабхазской лодки эпохи бронзы). Демур Бжьаниа тәамҩахә змамыз, зусура мар ацыз ҵарауаҩын. Ажрақәа дрылахәын, астатиақәа иҩуан, жәларбжьаратәи аконференциақәа рҿы дықәгылон, Ҭырқәтәыла, Чехьиа имҩаԥысуазгьы уахь иналаҵаны. Имонографиақәеи иҭҵаамҭақәеи атәым бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Аибашьраан Аԥсны аҭоурых ҵабырг ихьчон ҵарауаҩк иаҳасабала, уи азмырхакәа иԥсадгьыл ахақәиҭра дазықәԥон Гәымсҭатәи афронт аҿы. 1998 шықәсазы аусура далагеит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара Аусбарҭаҿы, Вадим Бжьаниа инапаҵаҟа. 2010 шықәсазы ари аусбарҭа дахагылоит. Аекспедициақәа разырхиареи, рымҩаԥгареи адагьы, илшаз рацәоуп археологцәа дуқәа Михаил Траԥшь, Иури Воронов, Гьаргь Шамба ргәалашәара иазкыз жәларбжьаратәи аконференциақәа реиҿкаара аҟынгьы. Аҵарауаҩ иаамҭанымкәа иԥсҭазаара ҿахҵәеит 2011 шықәсазы Оҭҳара имҩаԥысуаз аԥхынтәи аекспедициаан. Аԥсуаҭҵаара дазыҳаҵҳаҵон, иҟаиҵашаз рацәан иҵегь, аха илахь ианымзаарын. Иахьа уажәраанӡагьы дырхьаауп иҩызцәа, иколлегацәа, ацәыӡ амоуп дзыԥхаз аԥсуа ҭоурыхҭҵаара. Уаҩышьалагьы даара дхаҵа бзиан рҳәоит. Уахь акрыҟазар, далхымзааит! Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар Афото: Адгәыр Ӡиӡариа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа