TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #970

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры782Количество просмотров
Опубликован6 нояб.06.11.2023, 09:05
Содержимое поста

Содержимое

Ажәабжьқәа хкы-хкыла иаҳзеиҭазҳәо аԥсышәала Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵит. Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра ртелербагақәа раԥхьаӡа акәны ирнылеит Аҟәа асахьа, шәымҭак ашьҭахь иаацәырҵыз адикторцәа Леонид Хышбеи Кама Џьапуаԥҳаи "Хәлыбзиақәа!" ҳәа аԥсшәа рҳәеит. Зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшыз, Аԥсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа ари ахҭыс иаԥхьанеиуан еихсыӷьра зқәымыз аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, лымкаалагьы "130-ҩык рысаламшәҟәы". Ажәлар ирҿахәҳәагахарц иаартыз аԥсуа телерадиоеилахәыра еиԥҟьарада аус ауеит есҽны. Ҳаамҭазы уи амаҵ азыруеит 160-ҩык ауаа, аефир аамҭа 14 сааҭ рҟынӡа иазырҳауп. Ари ахәышҭаара еснагь еиднакылон, иахьагьы еиднакылоит ззанааҭ бзиа избо, здырра ҳараку, аџьабааи аҭакԥхықәреи ирцәымшәо аҟазауаа. Амшеикәшарала ихацыркыз ателеефир есааира иҭбаахон, иахьа ателехәаԥшцәа рзы иҭыҵуеит тематикалеи хырхарҭалеи еиуеиԥшым адырраҭарақәа 20: аҭоурых, аҟазара, аҵарадырра, акультура, алитература, аналитика, абзазара, ақыҭа алакҭа, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара, иалкаау ауааи ахҭысқәеи ирызку афильмқәа, ахәыҷқәа, аҿар, аспорт ирзырхоу апроектқәа уҳәа. Ҳрыдныҳәалоит Аԥсуа телехәаԥшра иазааԥсо, иазааԥсахьоу зегьы! Аизҳара, ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәазыҳәара рымазааит! АТ аҭоурыхаҟынтә>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа