TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #985

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры684Количество просмотров
Опубликован11 нояб.11.11.2023, 10:38
Содержимое поста

Содержимое

Аҟазара адунеи зырлашоз шәахәацк ацыршәеит. Иуана Шамба, ашьац иаӷрымгылоз ауаҩ қьиа, аԥсуа культура аихаҳа-еиҵаҳара зыԥсҭазаара азызкыз, адоуҳа зцыз аҵарауаҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иуана Сафар-иԥа амилаҭ рҟазара иԥсы алан, инҭырҳәцааны идыруан, ишьа-ида иҭаныҟәон. Еизигеит, ианиҵеит, иагьҭижьит жанрла ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа (аҭоурыхтә-фырхаҵаратә, аџьатә, аҭацаагаратә, ашәарыцаратә уҳәа). Аԥсуа музыкатә фольклор аҭҵаареи аиқәырхареи шьарда дазааԥсеит. Еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа напхгара риҭон, шықәсырацәала дирижиорс аус иуан, Аԥсуа театр аҟны ансамбль "Уарада" еиҿкааны иман. 2010-тәи ашықәсқәа раан иусқәа иҽырхаршәаланы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иколлегацәеи астудентцәеи ашәаҳәашьа дирҵон, аԥсуа ашәақәа бжьырацәала реицҳәашьа, агармониа аҳашьа. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, акультура аусзуҩцәа рыла еиҿкааз арҟәыҵәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Аԥсадгьыл даԥхеит абаҩхатәра ҷыда злаз ахаҵа. Ҳрыцџьабоит згәы далсыз зегьы. Анцәа иишаз Анцәа дигоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа