Содержимое
Ҳашьцәа ашәуаа рымчындыр ҳныҵалап ҭынч. Аҿар асцена иқәԥраауанаҵы, аиҳабацәа гәаартыла асасцәа ирԥылон. Ачеиџьыка змоу иблақәа хтуп. Асовет аамҭазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгаз, знапы ахьы аԥссо Амир Абыџба анапкымҭақәа дрыхцәажәеит, реиҳарак иара ичаԥамҭоуп. Хҩеишьцәа ахьыҟоу рызегь аҟазара рнапы алакуп. Ара иаҳирбаз аҳәа ҟьаҟьа анхараҿы имаҭәахәуп, аԥҳә, амӷ алаурхуеит. Иҳәеит ашәуа ҳәызбақәа зегь рыла аԥсуаа ҳтәқәа ишреиԥшу. Зурида Ачбаҟәа, хылҵшьҭралагьы ҭеиҭԥшлагьы иаҳкәажәу, лыбла лхаччо абаза чысқәа ирыхьӡу, излыху еиҭалҳәон. Лнапы иқәыргыланы иаалгаз афатәқәа иреиуоуп: ашырӡ ҳалуа ҳалы́уа-хылԥа, аныҳәақәа раан иҟарҵоит, ҳаҭы́ӷ — ҳара ҳамгьал аиуа, ҟальта́ма(хворост), бахсы́ма(ахәыӡ иалху арыжәтә цаҳәцаҳәа), иара убас аҭубар, ауасажьы, акәтыжь, ачашә, ауҭраҭыхқәа. Аишәа аҩычон амшра зцу акаканҵла. Аҿыц аамҭазы Лыхнашҭа аныҳәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа ԥшӡала 40 шықәса ахыҵуеит еиҭахацырку ҳмилаҭ традициа. Аныҳәаҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа