TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 33 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 23 мар.
Ажәлар малс иҳамоуп иеиԥш иҟоу ауаа – иахьа изымшироу Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кәабахьиа. Диит Лыхны ақыҭан 65 шықәса раԥхьа, ахыи-аҵыхәеи ифырхаҵоу, абџьарлагьы, ажәалагьы, услагьы хьаԥш-кәаԥшрак ҟамҵа зыԥсадгьыл аинтересқәа зыхьчо, гәышԥыла иазгыло. Аслан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, аинрал-маиор, Аԥсны Жәлар реизара V ааԥхьара адепутат, ԥыхьатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ. Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, адҵаҟаҵаҩ, далахәын Гагра ахақәиҭра, Аҟәа ахақәиҭразы ажәыларақәа зегьы; Гал араион арыцқьара, Лаҭатәи аоперациақәа аҩбагьы, Кәыдры аиҩхаа аҭарцәра. Аибашьра ашьҭахь Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы. Дхаҵаӷәӷәоуп, дԥышәоуп. Ихьыԥшым Аԥсны ашьапы ақәгылара иашаҳаҭу, инижьхьеит хыԥхьаӡара рацәала аҭоурых азы хәы змам астатиақәеи анҵамҭақәеи. Шәарҭак аныҟоу, ажәлар еиқәзырхаша ак ҟарымҵар ада ԥсыхәа шрымам еилыркаауеит иара иҩызцәа агәаҵәеилгақәа. Наџьнатә аахыс иахьанӡагьы. Иҭаацәеи ижәлари дрыԥхамкәа, дызҭаху зегьы дрыгымкәа ауаҩықәра ду ниҵааит, ҽаангьы-цахәгьы-цабжьгьы зашәахә ԥымҵәаша афырхаҵа. Хьыӡла-ԥшала, гәыӷра лашала, насыԥла! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
АԤСНЫ Ухьӡ иагәылоуп амаӡа, Аха ԥшаашьас иамоузеи? Уи иблахкыгоу бырлашуп, Уи абырлаш хәамаӡам. Ухьӡ иагәылоуп амацәыс, Еимгеимцара-еимҟьараны. Ухьӡ иагәылоуп анасыԥ, Жәҩангәашәԥхьара лашараны. Ухьӡ — иԥымҵәо мҩазаҵәуп, Мҩасҩы зыкәа дҭалауа. Иаҳхылаԥшхәу бла заҵәуп, Жәҩанахьтә ҳазмырҟьалауа. Илахьынҵа-хьӡны, иԥышәаран Уа иухҵоуп, уанышәароуп. Ԥсаатәҵас ишьҭԥрааз уакәушәа, Улабҿабоушәа, улакәушәа. Гәында Кәыҵниаԥҳа #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 22 мар.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу апоет, аиҭагаҩ, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа лықәраныҳәоуп иахьа. 💐🦋 Аԥсшәа сахьарк алшара џьашьахәқәа цәырызгаз, ҳаамҭазтәи алитература еихазҳа-еиҵазҳауа (ахәыҷтәы литературагьы уахь иналаҵаны), зырҿиара аоригинал-цәа ахоу автор — иҭлыжьхьеит 10 инареиҳаны зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку ажәеинраалақәа реизгақәа. Аԥсшәахь еиҭалгеит Апсалтыр, Ахәыҷтәы библиа, адоуҳашәақәа, ахьыӡрашәақәа, Ауаҩы изинқәа рзы адунеизегьтәи адекларациа уҳәа убас иҵегь хра злоу ашәҟәқәа. Лырҿиара згәаԥхо, иззааигәоу аԥхьаҩцәа рацәаҩны илымоуп, еснагь ҿыц лыбжьы иазыԥшуп. Ҽаанбзиала, ааԥын иалашоу, аԥсуа ажәа аиқәырхара иазааԥсо! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Абызшәазы ҳхьаа хызҽша, ҳахәра зырӷьаша апоезиа цқьа аӡыхь ҳиржәуеит Аинар Ҷыҭанаа. Зарԥысымта иҭагылоу, аха зыстиль шьақәгылахьоу, абаҩхатәра лаша иалаҟоу апоет. Иҟоуп убас аамҭақәак, аӡәы имацарагьы ибжьы ианалшо жәларык ргәы ҭнаԥаарц. Иблахкыгоуп исахьаркыратә дунеи, аԥсшәа иныруеит ссиршәа! Иқәра ашәымҭахь днаскьацыԥхьаӡа иҵегь дшеизҳало агәра ҳгоит, аихьӡара дуқәа изеиӷьаҳшьоит. Аҵх еиқәара салакнаҳауп, Ҵла наак хырхәоит, зхәыжәцәа зҟьаз. Аеҵәақәа рыԥшшәқәа рхаҳауп: Ацԥхь еиԥш илаԥсоит ашьац. Аҵх еиқәара салакнаҳауп, Уи сзанышәаӡом уаха. Амш иахшаз аԥсы цқьа гәнаҳауп, Аҵх агәеисраҿ ианҭаха. Сыбла хыстуеит, хыхьтә иҿысҭуеит, Сасуеит аԥҭақәа рытрышә. Санырмыхәа урҭ сыҽрысҭеит: Скырцхны сықәрыԥсарц анышә. Аинар Ҷыҭанаа #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Ажәа ишәаны-изаны аҭыԥаҿ ианургылалак, агәашьа еиԥш иӷәӷәахоит, иԥшӡахоит, ихаахоит, иуанаҳәо агәра уго уҟалоит. Ус акәымкәа, ажәа иара иахьаҭыԥу ианузмыргылалак, ирзымбжьаз аҽы еиԥш иуарчануа иалагоит, иԥсыдахоит, игәыԥҵәагахоит. Идыруп, ахаан аахыс, зегь раԥхьаӡагьы ашәҟәыҩҩы ибызшәа ирбеиалароуп егьараангьы нҵәашьа змам ижәлар рбызшәала. ✍🏻Баграт Шьынқәба * * * Ажәа асахьаркыратә мчы иамоу дуӡӡоуп. Абри аҟны даҽа бызшәак иаҵахом аԥсшәа, уи ауразоуроу исахьаркыроуп, ипоезиоуп. Аԥсуа бызшәа уамашәаҵәҟьа исахьаркны иҭнахуеит ауаҩы иҟазшьа, итәашьа-игылашьа, ихәыцшьа: днагыла-аагыло, деихеигәо, деихьыс-еиԥысуа, деихьымӡа-еиԥымӡо, дныгәнысуа, дыблаҟыблаҵәо, дмага-маго, дкылаԥш-кылӡырҩуа уҳәа убас ирацәаӡаны. Аха абызшәа абеиара ахархәашьа иагьакуп, иагьыҩбоуп... ✍🏻Владимир Аҵнариа #ахшыҩҵак_хьыршәыгәқәа Асахьаҿы: Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩны-игәараҭа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 21 мар.
Ашьыжь – амш иахҷаҭуп, Иууа барақьаҭуп, Ашьыжь заа игылаз, Убри иоуп бга зԥылаз! Ашьыжь – гәыӷра-шәаԥшьуп, Сара сымш иагәаԥшьуп, Шьыжьтәи амрахәага – Сцәаҳәа агәазырҳага! Мушьни Лашәриа, 1990 Иахьа иазгәарҭоит Адунеизегьтәи апоезиа амш. Шәадныҳәалаз иаԥхьогьы, иаԥызҵогьы! Апоезиа — баҩхатәрала ииуа ажәа сахьарк, иҟалап, зегь раасҭа анырра змоу ҟазара хкызар. Еинрааланы, игәылхны ианҳәаха, зынӡа жәҩангәашәԥхьароуп, ааԥынроуп. Иахьа амши аҵхи еиҟароуп, "ақәыџьма аӡы иҭабылгьоит". Уаҵәы нахыс амш еиҳахалоит аҵх аасҭа. Машәырым апоезиа амш Тамашәҭын иахьақәдыршәаз, уи еснагь иҷкәыноуп, жәра ақәӡам! 🌸 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәытә аԥсышәала ашьха ҳаракы, ахра ӷьазӷьаз даҽкала "а-бӷа́" ҳәа иашьҭан, ашәуаа-абазақәа иахьагьы ирҳәоит. Аԥсшәаҿы ари ашьаҭа ҳпылоит иалахырҿиаау ажәақәа рҟны, иара убас ирацәаны атопонимикаҿы. • Абӷа́цымкыра — даара ишәарҭоу ахра ҭакнаҳа, хынҳәышьа ахьамам ацаҟьацәҳәы • Абӷа́лара — алеира, аҿҟьара; • Абӷа́нҷ — ахаҳәсса (гравий); • Абӷа́б, абӷа́џьма — тур, горная коза; • Абӷа́мшә — а́храмшә (вид медведя); • Абӷацгәы́ — аԥы́ҭҳәа (рысь) 🔸 Абӷа́ ҵысит — обвал, камнепад; страшный грохот; селевой поток; переносно "светопреставление". Ҳашьха қәыԥшқәа рызҳара иадҳәалоу агеологиатә процессқәа аныԥшуазар ҟалап ари, афразеологизм аҵакала. Аҭыԥхьыӡқәа: • Аи́бӷа • Џьы́бӷа • Абӷа́шхә • Бӷаԥшьы́ • Бӷы́рӡха • Мзабӷа́ • Ҳауа́жәбӷа • Аҽыбӷа́лара • Дарыҟәа ибӷа́ларҭа • Мықьа лыбӷа́ларҭа уҳәа убас иҵегь Аҿырԥштәқәа аахӷоит Аԥсуа-аурыс жәар аҟынтә (В. Касланӡиа); "Аԥсны аҭоурыхтә топонимика" аҟынтә (В. Кәарҷиа) #ажәахырҿиаара#атопонимика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 20 мар.
"Хәыки шьхаки рыбжьоуп" рҳәоит аԥсуаа еиҿдырԥшуа аки-аки зынӡа ишеицәыхароу аарԥшразы. Иџьашьатәым, ахәи ашьхеи — зегь раасҭа ирацәаны иуԥыло релиефуп Аԥсны. Насгьы дара ааидкыланы урыхәаԥшыр, зегь рыла еишьашәалоит, аҳаракыра ада. Ахәы — шьха хәыҷуп, агылара 200 метра рҟынӡа инаӡар алшоит, уи ианеиҳаха шьхас иԥхьаӡоуп, "ахәы" ахьӡзаргьы. Иаҳҳәап, Аисырра ахәы — шьхоуп. Аҩбатәи аиԥшымзаара — ахра цыҩцыҩқәа, урҭ ахьуԥыло шьхатәыла мацароуп. 🏔 Ҵаҟа еизаҳгеит ашьха иатәу аԥсуа географиатә терминқәа, шәаргьы иацышәҵа. • А́қәцәа / А́цәқәа — горная вершина; • А́шьхакәаҩра — острая горная вершина; • Ашьхынгы́лара — высота горы; • А́наара, акаӡӷы́ра, ама́рдара — пологий склон; косогорье; • Ахшьы́ра, а́лаӷьара, ахы́лаӷьара — крутой склон; • Ашьапы́ / ака́лҭ — подошва горы / холма; • Ахәы акәа́ԥра / акәа́ҩра; ахәзы́мпра — вершина холма; • Ахәы́зқәа — склон холма; • Ахәы́гәырҭа — тропинка на вершине холма; • А́хәҵа — подножье горы; • Аҩы́ҵа — подгорье; • Ахԥы́ (бз) — предгорье; • Ахәдаа́ра (бз), акаҵәа́ра, ахы́ҵырҭа — перевал; • Ахәдаа́ра — 2. склон холма • Ахәада́ — горка, холм, взгорье, пригорок; • Ахәадара́ — гребень продолговатого холма; холмистая местность; • Ахәаџа́ — гористая местность; • Аҿа́ҩа, аҟәа́ԥа-ҿа́ԥара — холмистость, холмогорье; • Аҳәҭа, аҳәҭа́шь — лощина, балка; • Алгы́ҭ, аҭҳәаа́, аҳәа́ш, аҭҳәа́ш, агәа́ҩа — овраги; • Аҳа́ҩа — каменный овраг; • А́иҩхаа, абахәбжьа́ра — расщелина; узкое ущелье; теснина; • Аԥсҭа́ — ущелье. 📚 Абызшәаҿы ишаҳԥыло азы ҿырԥшыс — Алықьса Џьениаироман "Ашәҭқәа кәаҳатәым" аҟынтә цыԥҵәаха ссирк: "Мзахәаа рԥошьҭамҩангаҩ Ҳасан Лыцәба дыжәлазаҵәуп, дагьхаҭазаҵәуп. Алаҳаш зықәгылоу ахәы ашьапы ираҵәаны инадрыжьлазшәа ауп инышәтә ҩны аҽкыдырҟәыҟәла амарда ишаҿагылоу. Алаҳаш ахәыиаҩыҵракуп иҩн хәыҷы". ▫️Аҩны хәдаҟа́ даҩсит — он объехал дом сверху; ▫️Ақыҭа аха́ҩаӡараҿы дынхоит — живет на краю (горного) села. 📍Асахьаҿы: Бармышь, иҭыхымҭоуп Алхас Қаԥшь 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
АХАҚӘИҬРА 🏔️ Акы заҵәык ауп – иҟоу иароуп, Сыԥсадгьыл хазына Аԥсны! Хақәиҭроуп – ауаҩ иҩны данаԥшәымоу, Иԥсадгьыл данахым атәым, Иан лбызшәа абџьарс ианимоу – Уи адагьы шьамх иҭахым! Зых иақәиҭу иоуп ишиашоу игылоу, Иқәгылоу зыдгьыл уаҩҵас, Инаскьа-ааскьароуп зыбла дыхгыло, Ҳазшазгьы иҭахуп иара убас! Ԥхареи лашареи агым ҳаԥсабара, Аԥсны игыло амра еиԥшым ҽа мракы. Аха Аԥсны иагын ахақәиҭра лашара, Уи еиҳаугьы ҳазхьуам аҽакы. Сыуаажәлар игәаҟхьоу, сыуаажәлар гәымшәа, Маҷк ауп ишәыгу – нас ишарккоит. Аӡы ырԥан ишалырхуеиԥш афымца Шәықәԥара иалыԥхашт ахақәиҭра лашо! Иван Ҭарба #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 16 мар.
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ԥанҭиа иахьа 55 шықәса ихыҵрын. Едуард Ԥанҭиа — алеитенант, арҟәыҵәа рыдҵаҟаҵаҩ, аԥшыхәҩы, аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа аӷа иҿагылаз, зажәеи зуси еимадаз арԥыс гәымшәа. Иеибашьратә мҩа алагеит Ацҳа ҟаԥшь аҟны, ихыркәшахеит Егры аӡиас ахықәан. Дрылахәын Мраҭашәаратәи афронт ажәылара дуқәа зегьы, иқәра шмаҷызгьы аԥхьа дгыланы Гәымсҭа ируаз дреиуан, ихьыԥшуаз аҿар рзы дҿырԥшыган, зхаҵашьа мҩашьоз еибашьҩы еибаган. Аханатә ивагылаз иҩызцәа реиҳараҩык ивыршьааит. Игәы ԥжәон аԥсуа ар азыҟаҵареи аԥышәеи ахьрымамыз азы аихьымӡарақәа ахьыҟалоз, урҭқәа ртәы аартны иҳәон. Иҳагу-иҳабзоу абри-абри ауп, ҳшыҟалаша абас ауп ҳәа. Афырԥҳәыс Ҭали Џьапуаԥҳа леибашьратә хроникаҿы иҟоуп ицәажәара (ацыԥҵәаха шәаԥхьарц шәылшоит абра>> ) Аибашьра ашьҭахь аус иуан Аԥсны аҳазалхратә маҵзураҿы, аполковник ичын иман. Иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы. Ахақәиҭра ҳзаазгаз абас иҟаз аҵеицәа роуп — ҳиааира иалакҭоу. Афырхацәа ԥсра рықәым, ус анакәха ҳаҟанаҵ рыеҵәахә кыдуп, ес-ииуа ирыциуеит. Афото: Марина Барцыц 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 15 мар.
"Абызшәа ԥсыс иахоуп алитература. Аха абызшәа ахаҭагьы алитература анаимыу, акгьы зацхрааӡом. Уажә ҳара иҳамоуп алитературатә бызшәа, уи ҳара иҟаҳҵаз ауп. Ажәытә ажәлар злацәажәоз аасҭа акыр аҽакала иҟоуп. Иахьа ҳбызшәала иумыҩуа шамахамзар егьыҟам, иазышьҭымхуа ыҟаӡам, афилософиатә ҩымҭақәа инадыркны. Абри ҟазҵаз алитература ауп. ...Сталин данԥсы ашьҭахь, аԥсуа школқәа анаат, убас аамҭак ҟалеит – убыржәтәи ҳаибашьра ашьҭахь уи аҩыза ҟамлаӡеит, избангьы ҭҵаатәуп – ажәлар иааҭыҵуа зегьы иаԥхьон, усҟан зынӡа ассирқәа инеиԥынкыланы изыҩуадаз аха. Сара уажәыгь исымоуп ашәҟәқәа, анҵамҭақәа, ауаа зыԥхьақәоз ирҳәоз. Иаԥхьон. Ашәҟәы ркын. Иахьа алитература аԥхьаҩцәагьы ашәҟәыҩҩцәагьы аҭакԥхықәра ӷәӷәаны иҳадуп. Ҳара зегь ҳаицхыраароуп, иара ахаҭа ҟаларц. Аԥхьаҩ даныҟамла, изыҩуагьы ахаҳә иршәыз ахьҭаиршәыз абжьы имаҳар, нас ииҩуагьы рацәак усс имкыр ҟалоит. Аха абжьы иаҳар, усҟан аҽакала иҟалоит, аҽакала дахәаԥшуеит. Убри аҟынтә иахьагьы амилаҭ ркультураҿы алитература аԥхьа игылоуп, аиҵахарақәа амазаргьы". 📚Алықьса Гогәуа, 2010 ш. ААУастудентцәа рԥылараан ицәажәара аҟынтә, акьыԥхь абоит раԥхьаӡа акәны Жәлар рышәҟәыҩҩы, жәлар ргәадура Алықьса Гогәуа 93 шықәса дырҭагылеит. Аԥсуа мафусаилцәа рықәра дазааигәахоит, аԥсуаа рҭоурых иалагылоу, зажәа мыӡуа, зыхшыҩ еилшәара ақәым ахрагәаԥшь. Иеиԥш ашәҟәыҩҩы дызмоу ажәлар маҷ насыԥ ду рымоуп. Анцәа дҳагимырхааит иҵегь шьардаамҭа! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 15 мар.
Бсышьҭамлан, сан, сыҟам хара, Ҳадгьыл ацәеижь ҳадуп ҳара. Белла Барцыц Аԥсуа ари аԥсуа жәлари рзы иӡрыжәгахаз Марттәи ажәылара 32 шықәса ахыҵит. Шаҟа иҟәандоузеи сынтәа ари амза, шаҟа ихьшәашәази усҟан, 1993 шықәсазы. Амш ашьа аҿыҵуан, иҵааршәха, унацәа нӡааукылар иааихнаҵәо илеиуан Гәымсҭа. Ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа "Ԥхьаҟа!" ҳәа аӡӷьы ирсны Аҟәа ахақәиҭра ианазцоз. Ажәылара хықәкыс иаман Аԥсны аҳҭнықалақь анапахьы аагара, аӷа имч ԥсаҟьаны Мрагыларатәи афронт аԥсеивгара рыҭара. Аха иалымҵит, ихьаҵыр акәхеит ҳа ҳтәқәа. Арҭ амшқәа рзы иҭахеит 222-ҩык ҳаруаа, 23-ҩык рыхабар ыҟамкәа ибжьаӡит, шәҩыла ахәрақәа роуит. Аӷа инапаҿы иҟалаз атҟәацәа ргәаҟны иҭархан, аԥсуаа рыбаҩ рырҭомызт. Убригьы иаиааит ҳажәлар, рылаӷырӡ иамхәаҽит, ашәы зхьыкәкәоз анацәеи абацәеи ҿык еицҭацәажәеит: "Аӷа дахцатәуп, ҳаҷкәынцәа рыԥсадгьыл аҿы иҟоуп". Абасала ахақәиҭра аидеиа ӡыхь-ԥсыхьха мҩабжара инымхеит, амца иалгоу ҳамҩа иацҵан. Хашҭра рықәымзааит Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа зегьы! Рыхьӡ кашәара ақәым, ҳхьыԥшымра иақәлоуп наӡаӡа! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа