TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 70 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 14 дек.
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан, Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа. Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан, Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа. Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи? Иамбацызт ауаҩы дырбылуа! Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи, Анацәеи рыхшареи збылуа?! Баграт Шьынқәба…
Опубликован 14 дек.
Аӡы акәӡамызт, ацәаҟәа ашьа ажәуан, Ирзымычҳазт, иԥсит ацәашьқәа. Илаӷырӡышуеит Лаҭатәи ажәҩан, Рыҵәаабжь аныҩуеит ахәыҷқәа. Уа Ерцахә ӡыш иамбаӡац ҳәа иҟоузеи? Иамбацызт ауаҩы дырбылуа! Аӷа хәымга хҿыхшьас ҳәа имоузеи, Анацәеи рыхшареи збылуа?! Баграт Шьынқәба Егьа аамҭа царгьы хҿыхшьак, хырқьиашьак змам, уаҩԥсхылҵ зегьы зқәыӡбаша, идырны иҟаҵаз гәнаҳара дуны иаанхоит Лаҭатәи атрагедиа. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса. Еҳ, изакәытә гәырҩақәоузеи излаԥшхьоу ҳажәлар, гәыла ирымгар, амшын ҭанарбо... Ргәалашәара ԥшьазааит ԥсаатәҵас ажәҩан иазцаз аԥсыцқьақәа! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 13 дек.
Абнаӡахәақәагьы хкы-хкыла иҟоуп, Аԥсны изызҳауа рҟынтә ҩба рыхьӡ ҳаԥшааит. Абтәыҩа (обвойник греческий, букв.: "козий рог"), ҳәа иҟоу ибзианы иҵәиуеит, асакасақәа аларшышуан ажәытәан. Алмышә ӡахәа акәзар, уигьы унапаҿы иааиуеит, ашаха ацымхәрас рхы иадырхәон…
Опубликован 13 дек.
"Ее, дад, аԥсҭазаара мыжда… Ауаҩы иԥсы анҭоу адыӷаџьа инаркуеит, данԥслак игәы ашәҭ ықәнаҵоит". Алықьса Гогәуа ироман "Аҽыкәаҳа" аҟынтә, Кадыр иажәақәа Ады́ӷаџьа – падуб колхидский, Аԥсны изызҳауа реликт ҵиаауп, ендемикуп, аџьра, ахьацара, аԥсара, ашәра иаҵиаауеит. Ашәшьыраҿы аҿиара азымариоуп, метрак инаркны 6-7 метра рҟынӡа иҩаӡоит. Абӷьы иаҵәа ҭырффақәа "цҳауеит", мӷыцла ихыркәшоуп, акофеин рылоуп, ашәыр кәымпыл ҟаԥшьқәа аҿалоит (ауаҩы изы ишҳамуп). Аиԥш зеиԥшу аҵиаақәа маҷуп, аха ахкқәа уԥылоит Европа, Азиа, Америка. Ашықәс ҿыц аныҳәа анааигәахәо аҩычараҿы рхы иадырхәоит. 🤓🪄 Гарри Поттер инашана лаба адыӷаџьа амахә иалхын. 📽🎞 Калифорниа иҟоу еицырдыруа Голливуд аҭыԥхьыӡ аԥсышәала иаанагоит "Адыӷаџьара". 🔎Адыӷаџьара – Аԥсны иуԥыло микротопонимуп, Гәылрыԥшь араион, Амтҟьал ахахьы, иара убас Гәыԥ ақыҭан (В. Кәарҷиа. Аԥсны атопонимика) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 12 дек.
Ацәажәара иазку аԥсуа ҳәамҭақәа🎩 Рыхәҭак аааҳгоит Игор Ҵнариа еидикылаз ажәаԥҟақәа ирылхны, егьырҭ Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ирҳәамҭаны Владимир Аҩӡба ианиҵаз рҟынтә. ▫️Ацәажәара иацуп аӡырҩра. ▫️Умцәажәар уҿаҳау џьыршьоит, амцхә уцәажәар ргәы ԥуҵәоит. ▫️Ухызхыз…
Опубликован 11 дек.
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа…
Опубликован 11 дек.
Ҳаамҭазы аҿар, ахәыҷқәа ирылаҵәаны иҟоу ахәмаррақәа иреиуоуп "Пол – это лава" захьӡу: адгьыл уқәкьымсӡакәа еиуеиԥшым аԥынгылақәа урхысроуп. Абри угәалазыршәо, алахҿыхра зцу "аԥышәара" аԥсуаагьы ирыман. Зыӡбахә ҳҳәо архаикатә цәа зыҟәну ауапакәашароуп. Ауапа иқәкәашоз еиҳарак аҿар ракәын, уи иҷыдоу аҟыбаҩ аҭахын. Зны аԥҳәызба лхаҵкы камыршәуа, ашьац дыламыргылаӡакәа, ауапа шьҭаршәны ддыркәашоит, нас арԥыс даалеихырхәаны, длываҽырбо даақәлоит. Аҩыџьагьы ауапаҿы еицыкәашоит, иқәҵыр, ма ирыҵаҽылар ҟалаӡом. Ауаа рыкәшаны игылоуп, анапеинҟьабжьқәеи аркәашагеи еиҳа-еиҳа иццакхоит. "Шәас, уара, ауапа рыҵаркит!" – рҳәоит ашәаҳәацәа. "Ауапа зшьапы ықәҵыз дбылуеит!" – ргәы рҽанырҵоит егьырҭ. Арԥыси аҭыԥҳаи реицыкәашара рыласшьеи, рҟазареи адагьы рыламыс, рыпатуеиқәҵашьа ахьынӡаҳараку унарбон. Еицлабрамызт, абаҩхатәра аигәарӷьара иазкын. Еиҳа инарҭбааны дахцәажәоит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа абри лматериал аҟны>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Шәкы-зқьы километрала адунеи азбжак иакәшаны атәылаԥхаррақәа рахь ицо, нас ҩаԥхьа зыҭрақәа ирзыхынҳәуа аԥсаа рымҩа иацәхымҟьартә еиԥш ԥсабарала аҟәышра рылоуп. Аха ус шакәугьы, зны-зынла, уарла-шәарла иҟьалоит, иаҳҳәап, икараха ишыҟоу аурҭ ӷәӷәа ҵысыр, ирԥырхагоуп. Убас акы иақәшәазар акәхарын 1886 шықәсазы Аԥсны иқәнагалазафламинго. Аԥсаатә ссир ҳагаҿы игәеиҭеит аҵарауаҩ Александр Норман. Иахьа акәызҭгьы аӡәы иҭел иҭнамхуази, аџьашьахә! 🦩 Аԥсаатә рҽеидкыланы рымҩасра знык иадымхаргьы избахьоу хашҭшьа имам, бла иамбо арахәыц иаҵдоушәа еиврыԥхаа жәҩангәы иазцоит, урзыԥшла. Аԥсны рахыԥраараҿы ихадароу рымҩақәа иреиуоуп аԥша зҭышәшәо Кәыдры аиҩхаа. Шьоукы аанҿасрада иниаҟьа ицоит, даҽа шьоукых мышқәак рыԥсы ааиҭаркырц итәоит, ӡык ржәуеит, акы инацҳауеит. #аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 10 дек.
Иналукааша аҵарауаҩ-абиолог Виктор Маланӡиа иахьа дҳалагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Виктор Маланӡиа ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы, Урыстәыла, Европа ирдыруеит, иара дышҵарауаҩ духоз заа иубаратәы иҟалахьан. Дқәыԥшын Аԥсны орнитофауна аилазаашьа иазкны икандидаттә диссертациа…
Опубликован 10 дек.
Иналукааша аҵарауаҩ-абиолог Виктор Маланӡиа иахьа дҳалагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Виктор Маланӡиа ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы, Урыстәыла, Европа ирдыруеит, иара дышҵарауаҩ духоз заа иубаратәы иҟалахьан. Дқәыԥшын Аԥсны орнитофауна аилазаашьа иазкны икандидаттә диссертациа анихьчоз (1991). Итема азҿлымҳара дуӡӡа цәырнагеит усҟан, адунеи иакәшахьаз академикцәа гәыԥҩык ааит изыӡырҩырц, иазыҟаҵашьа џьаршьеит, иеигәырӷьеит, аусумҭа ахә ҳаракны иршьеит. Аԥсабараҭҵааҩцәа аӡәы ҳәа дшаарылагылаз имҩашьахкәа агәра ргеит. Абарҭқәа ҳзеиҭеиҳәон иара иҩыза, аҵарауаҩ Едуард Гәыбаз. Виктор Илиа-иԥа аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси еилаигӡон, 30 шықәса инареиҳаны Аԥсуа университет амаҵ азиуит. Аибашьраан, нас уи ашьҭахь аҵара апроцесс аиҿкаара иаҵагылаз дыруаӡәкын, 2002 шықәса инаркны проректорс дыҟан, иааԥсара дууп. Хазы иҳәатәуп астудентцәагьы бзиа дшырбоз, илекциақәа убас аинтерес аҵаны имҩаԥигон, зны-зынла егьырҭ акурсқәа рҟынтәгьы аҿар неины ак ҳаҩымшәандаз ҳәа иӡырҩуан. Аԥышәарақәа анарҭозгьы ибзианы ишазыҟаҵаз убарҭан. Адырра адагьы аамысҭашәара зҿырҵаауаз еиҳабыс ихәаԥшуан, ҳәарада. Виктор Маланӡиа зыуаҩра заԥхьа игылаз, ҭеиҭԥшлагьы гәаҭалагьы иԥшӡаз хаҵан. Уамашәа аԥсабаара дахӡыӡаауан, ихәны иибоз аҵарақәа, аԥсаатә дуқәа егьараан аҳақьымцәа рҿы иганы ихәышәтәхьан. Зус азы згәы былуаз, зус ҳаҭыр ззақәыз иакәын. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аџьабаа адибалон, аҵиаақәа рыхәҭа еиқәдыршәахьан иколлегацәа, аԥсаатәқәа иара инапы ианын. Ачымазара ицәа ишалаз шидыруазгьы, ак агмыжьқәа анагӡара иҭахын, дперфекционистын. Ахыркәшарахь днеиуан еиԥш аԥсцәаҳа дигагәышьеит. Аԥсныра даԥхеит, иабиԥара даԥхеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Ашәҟәы аҭыжьразы егьагым, иахьынӡаҳдыруа, иара дахьымӡеит, умҳәозар. Иԥсаҭа лашазааит, инижьыз ихаареи, имшреи, идырреи ари адунеи аҿы мҵәыжәҩара руеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Ари аинтерес аҵоуп — араԥ, аџьам хылҵшьҭра змоу ахьӡқәа аԥсышәала ишцәажәо: Аазиз — пату зқәу, мчы змоу Ааишьа — зыԥсы ҭоу Абас — иџьбароу Аҳмаҭ — аҽхәаԥхьыӡ иаԥсоу Қьамал — зеиӷьыҟам, акгьы згым Рашьыҭ — амҩа иаша иану Саид // Саида — насыԥ змоу, ахы азҭо Уасман — абаҩԥҵәа еиԥызшьуа Ҳамида — хьӡи-ԥшеи зцу Шьарифа — аҳалал Џьамал // Џьамила — аԥшӡа Џьума — ахәашаҽны ииз #ахьӡқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 8 дек.
Нарҭ Цәыцә иицәыцәуази? Нарҭ Цәыцә иахьа аахәлаанӡа аҽҳәаҿы иҟыцә-ҟыцәуаз иҳәа-иуы уамшьуа, уахынла дфырхаҵаха даақәгылон. Бжеиқәа-Бжашла ҳәа иҽыццышә дақәтәаны уама ирҿион, Сасрыҟәагьы иаԥигалон, ажәала Ҩаӡамакьаҭ еилазыршыз иараӡәк иоуп. Абас иҟаз ахаҵа ҽынла баша аҵәаҟьа каиԥсаларызма (уи ҽырҩашьагас ишимазгьы)? Ихәарҭаз уск даҿызҭгьы, ҳара ҳакәзар – ацәымзақәа иҳарҟаҵон. 🙂 Ацәымза, амзарҷа – лучина, ахьӡ ишаҳәо ала, амзаҵла амҿы рҩаны иалырхуан, ицәуа, ма ирҷауа (разделять на щепы). Ас еиԥш аҵәыџь мца ирласны ибылуан, аха уахынла алашара узырбоз акакәын, абназацәа рзеиԥш аҩназацәа рзгьы имаҭәахәын. Ааигәанӡа иааит. Аурысқәа амза инаваргыланы аҵааҵлагьы (береза) рхы иадырхәон, реиҳа ирацәаны ирызгылоу аҵла. Аԥсуаа – амзеи аԥсеи. Амза (сосна), амза (луна) аԥсшәаҿы ажәакала иахьаарԥшу иҟалоит имашәырзар, иҟалоит имашәырымзар – уахынла изырлашо аҵакала уахәаԥшуазар. Абызшәадырҩы Борис Џьонуа иҩуан, ари ажәа индоевропатә шьаҭа амазар ауеит ҳәа: ажәытә-индиатә маса, аерман амис, абырзен меис, ажәытә-славиан бызшәа месеци. Ииашаҵәҟьаны, еигәыцхәымКавказ жәларқәа рбызшәа иалоуп – азахәцәа, ауаԥсаа, ақырҭқәа... Аха ҳгьежьып Цәыцә иахь. Иара дуахынлатәи фырхаҵан аҟынтә лашарбагак имамкәан изыҟаломызт. Хьыӡрацарак изхашаз ацәымзақәа ҽынла дтәаны ирмазеиларын. Шәгәы ишԥаанаго? 🔥 🧡Ахьыуардын шәақәтәа