TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 32 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 5 апр.
Аԥсшьарамш. Шьыбжьаанӡа. Ԥсыуа қалақьк аҟны иуаҳаша аџьармыкьаҿтәи аицәажәара: – Ари канӡоуп, џьбеит! – Иканӡазаргьы заҟа сҭаху сыманда! – Ихәаԥсоуп, ихәаԥса! – Акы-ҩба аламшәар ауама, нас?! – Иара ахә ҟадыџьгьы!.. – Ана бышнеиуа бҵааишь!.. – Ҳаи, абааԥс!.. – Изакәызеи, мшәа, ари агьама бо, егьи агьама бо, Ари ара аишәа иқәгылоу џьыбшьома? – Иҟалазеи, мшәан? – Бабатәиу бара? – Сахьатәиу иалабхи? – Мамоу, ус, Баша сҵааит аҟароуп... Мушьни Лашәриа, 1991 • Ҳаи, абааԥс — аԥсышәаҳәароуп. (ажәаԥҟа) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 апр.
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан Аԥсны Афырхаҵа, Гагратәи I абаталион аиҳабы Џьамал Чыргба. Иеиԥш иҟоу ахацәа рзы ирҳәоит даниуаз баша имхысит ҳәа. Диит Лыхны ақыҭан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иаветеранцәаз (аҩыџьагьы ргәышԥқәа медалԥсараха), аԥсуа ҵеицәа иашақәа зааӡаз Владимир Чыргбеи Ольга Арнауҭԥҳаи рҭаацәараҿы. Аҷкәын аспорт дазҟазаны изҳауан, дықәԥаҩын, аиааирақәа рацәаӡаны игахьан Аԥсны, уи анҭыҵ. Ҩынтә Аԥсны ачемпионс дҟалеит. Донецк абаҩрҵәыратә техникум данҭала, уагьы ақалақь ачемпионс дыҟан. Иҵара хыркәшаны аҩныҟа данаа, Гагра араион ахь рҵаҩыс дрышьҭуеит. Алаҳаӡытәи ашкол аҟны абаҩрҵәыра дирҵон, аҿар аспорт иазыҟаиҵон. Гаграа ашколхәыҷқәа иара инапхгарала аицлабра "Зарница" аҟны Қырҭтәыла иачемпионцәахон изныкымкәа. Жәаа шықәса иџьабаа адиҵеит аҵара-ааӡара аус. Аԥсны аӷа данақәла аҽныҵәҟьа Џьамал Чыргба иашьцәа ҩыџьагьы иаргьы еибашьра игылеит. Аҟәа ианалҵтәха, алеи-ԥси рыбжьара икәша-мыкәша шәара зқәымыз иҩызцәа еизигеит: аспортсменцәа, ашьханыҟәацәа-шәарыцацәа. Даазықәгәыӷыз зегь ивагылеит — лхаа, дәрыԥшьаа, афонаа, гаграа рыҷкәынцәа. Иеибашьцәа раԥхьа дгыланы алым еиԥш дықәԥон иаргьы. Гагра анырга аамышьҭахь Џьамал Чыргба ибаталион иадын Ԥсоу аҳәааи Аибӷа ашьхеи рыхьчара. Анаҩс Аҟәа ахақәиҭрахь ҳназгоз ажәыларақәа зегьы ирылахәын, рылша рацәоуп. Џьамал Чыргба афырхацәа рыбжьарагьы иаарылукаауаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит ицеибашьуаз иҩызцәа. "Эталонный, природный абхаз" ҳәа ихцәажәоит нхыҵаа ҳашьцәагьы. Аибашьра ашьҭахь ибаталион Гал аҳәааҿы иҷаԥшьон, Аԥсны аҭынчра рыхьчон. Џьамал Чыргба иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит 1999 шықәсазы. Акыршықәса аус ахьиуаз Алаҳаӡытәи 1-тәи абжьаратә школ иара ихьӡ ахуп. Ихьӡ кашәара ақәымзааит Аԥсназы зхы-зыԥсы иамеигӡоз агәымшәа! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 3 апр.
Опубликован 3 апр.
Мшаԥы 3 рзы иҭыҵит аубых ашәа ҿыц "Ԥырын". Ацыԥҵәахақәа ҳаҳауан мызк аахыс, иахьа аҵыхәанӡа ҳазыӡырҩит. Ари ажәабжь аҿы зегь реиҳа игәахәароу — иазхәыцызгьы, иаԥшьызгазгьы, иназыгӡазгьы аҿар роуп! Ашәа лҳәоит абжьы хаа зхоу ашәаҳәаҩ, акәашаҩ Сабрина Ԥкьын, ажәақәа зыҩыз аҷкәын д-Ҩардануп. Атекст —убыхшәа цқьоуп, аграмматика аганахьала ибла ахигеит абызшәа ҭызҵаауа Инал Баҟ (Ҭәахыбза). Аԥсуаа рахьтә уажәаԥхьа убых бызшәала ашәа иҳәахьан Нарсоу Абыхәба. Гәык ԥсыр, гәык аауам рҳәоит, аха аубых бызшәа иахьазы иԥсхьоу абызшәақәа ишырхыԥхьаӡалоугьы, агәы еисуеит абас иҟоу аҿар рыбзоурала. "Сара схәышҭаара" иаԥхьахьоу, "Ацынҵәарах" зылаӷырӡ ақәҭәахьоу, "Чу Иақәыԥ иуахҭа" џьазшьахьоу, "Семра" згәы арԥшаахьоу. Иахьа ашәа, уаҵәы ажәеинраала, уаҵәашьҭахь ажәабжь, унашьҭахь афильм. Ахьышьҭрахь ихоу дыӡуам. Уԥры "Ԥырын"! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Алафи ахәмарреи рымш азы ажьа иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәасақәеи ҳрыԥхьап🌱🐇 🟠 Ажьа бжьара ақәым. 🟠 Ажьа ахьышьҭра иқәлоит. 🟠 Ажьа ахьыҵҟьаз иаанагоит. 🟠 Ажьа ашьҭала амшә узылцом. 🟠 Ажьа "атәарҭа соур, аҳәырҭа шсоурыз" аҳәеит. 🟠 Ажьа шаҟа итәаз аҟара икәарит. 🟠 Ажьа абахә иацәгәышуан, абахә ажьа шыҟоугьы аздыруамызт. 🟠 Ҩ-жьак ирышьҭалаз акгьы изымкит. 🟠 Ажьа бжьозар, иаргьы дыбжьоит. 🟠 Еснагь иццакуа ажьоуп. 🟠 Ҭакәажәык дахьтәаз жьак лкит. 🟠 Ахәылҭра збаз ажьа еиԥш. "Ажьа шкәакәа зкыздиҩызоуп" зырҳәо ҳалацәажәон абра>> Ажьашәара иазку алаф ажәабжь>> #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 1 апр.
Ҳҭалеит Мшаԥымза, мамзаргьы — Цәаӷәан, Быӷьпытын, Ҽаблан, Ҿаблакьын, Ҽахьамза. Алакәаамҭа, агәырӷьаҿҳәа зцу. Анхараамҭа ҿыц, мышьҭабзиала!🪻🍀 * * * Адәы хыртит адәыкрынқәа Сынтәак ицәаз, Сынтәа нтәарак, Дәыбла шаша, Ӡаӡа ҟәанда Зыԥсоу здыруа, Адәы хыртит адәыкрынқәа - Ҭаца хаҿы, ԥхашьа-ԥхаҵа, Амра напы ԥхаҵәы-ԥхаҵәы, Адәы шаҳә-шаҳә, Ӡымҩа иаҵәа, Каԥа-каԥа – ҵыс иаҵәа – гәырӷьаҵәа, Аҵәақ-аҵәақ, Пытҟәыр – кәаԥ-кәаԥ, Изшаз исасуп сынтәа ааԥын – Адәы хыртит адәыкрынқәа. Гунда Сақаниа, 1985 📖Адәыкрын — фиалка душистая 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
"Аферым" даҽакала ишԥаҳҳәо?(умница; молодец) • Аҟәыш • Аҟәыбҷа • Аилыхха • Аилыҷҷа • Аилфаҷа • Аиҿамс • Агәеилыҷҷа • Агәеилца • Агәеилга • Ахшыҩҵар • Афырхаҵа #асинонимқәа Асахьаҿы: Нестор Ҭарба Ателехәаԥшратәолимпиада "Умницы и умники" аҟны иахьа аиааира згаз🥇 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 27 мар.
Ҳаҵгәалароуп – хаҵарами; Аҳаҳаира! Уа, ҳа иҳацииз қәԥарами; Аҳаҳаира! Зҵеи лашара дзыцәҭахазгьы; Аҳаҳаира! Ахәра хьанҭақәа ззынхазгьы; Аҳаҳаира! Ҳа ҳазцәымӷу зегьы рцасаз; Аҳаҳаира! Ҳазҭахугьы гәырӷьаларцаз; Аҳаҳаира! Адунеи зегь ҿаҳа-дагәоуп; Аҳаҳаира! Иҳарҿыхоит, ҽа хәыҷӡакоуп; Аҳаҳаира! Ашәа еиҭамшәа, ашәа гәахәа; Аҳаҳаира! Ҳаит ахацәа, шәнаха-наха; Аҳаҳаира! Амца иалга ҳамҩа нагоуп; Аҳаҳаира! Ҳажәҩан зырлашо ҳбираҟоуп; Аҳаҳаира! Рушьбеи Смыр 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 27 мар.
Аԥсуаа ргәамч агәра игон, Аиааира агәра игон — амцашыра ишалҵуаз иаҳа ииашоу, иаҳа иҟәыӷоу жәларны. Ҳаиқәхоит, ҳагьеиҭеиуеит иҳәон, ҳшыҟаз аасҭа ҳаиӷьны, доуҳала иҵегь ҳҳаракны, ҳацқьаны, ҭаҷкәымкны ҳаилаҵәаны. Аԥсны Афырхаҵа, ахаҵа ихаҵа Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи иахьа 70 шықәса ҵуеит. Ахаҵара ициит, иагьиҭынхеит, ахааназ кьаҭара зқәым ахьӡ-аԥша ацны. Аҵарауаҩ нага, аибашьҩы гәымшәа изку инеиҵыху аматериал шәаԥхьар шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 25 мар.
ЗЕГЬ РЕИҲА ИХААУ – Адунеи аҟны аханқәеи аҩнқәеи рацәоуп: аду уҭахума, ахәыҷы уҭахума, ажәытәтәиқәа, аҿатәтәиқәа зҳәаз еиԥш. Убарҭ рызегь иреиӷьу арбану? – ҳәа Чаҵә Чагә иазҵааит ҽнак зны. – Ухатәы! – иҳәеит. – Ус акәзар, убри ухатәы ҩнаҿы зегь реиҳа ихааузеи? – рҳәан, еиҭаиазҵааит. – Ухатәы бызшәа! – иҳәеит Чагә. – Уи абри ҳадунеи аҟны зегь реиҳагьы ихаауп! * * * Чаҵә Чагә – аԥсуа лафҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ ду, ԥсабарала абаҩҷыдеи ахшыҩ ҷыдеи занашьаз, ихаҭа ф-бызшәак идыруан рҳәоит. Аԥсшәеи абаза бызшәеи рнаҩс, аҟабарда бызшәа, абырзен бызшәа, аџьам бызшәа, аҭырқәшәа, аурысшәа дрылацәажәартә дыҟан. Диит 1835 шықәсазы Гәыԥ ақыҭан, Чаҵәқыҭ аҳаблан — диижьҭеи сынтәа 190 шықәса ҵуеит. Чаҵә Чагә Аԥсны ахы-аҵыхәа дахьазымдыруаз ыҟамызт, унеишь-уааишь зарҳәоз иакәын. Иԥсы ҭаны Абас Коӷониа иҩнаҭа акыр даҭаахьан, Иуа дхәыҷны, илымҳа кыдҵаны дыззыӡырҩуаз аҿаԥыцуаа дреиуан. Акыршықәса рнаҩсгьы ажәлар имырӡкәа иааргеит илафқәа, иҭоурыхқәа рацәаӡаны. Ҩышә инарзынаԥшуа иҳәамҭақәеи, иара ихҳәаау ажәабжьқәеи еидкыланы иҭижьит ашәҟәыҩҩы Заур Быҭәба. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 25 мар.
Аԥсуа телехәаԥшра арежиссиор, аоператор Амиран Гамгиа иахьа иԥсы ҭаны иҩызцәа дрылагылазҭгьы 75 шықәса ихыҵуазаарын. Иара амилаҭтә телехәаԥшра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ателехәаԥшра аусзуҩцәа иахьагьы ирҳәоит "Амиран дышԥаҳагу" ҳәа. "Аиашазы, иара данаҳцәыӡ нахыс, ҳахуаадахазшәа ҳааҟалеит, иҳагуп згәаанагара аахтны изҳәоз, абзиеи ацәгьеи еилзыршәшәоз арежиссиор ихыԥша. Наџь-натә аахыс аус зуа анааилатәо иргәаладыршәоит сарказмла иҭәу еицырдыруа Амиран иажәақәа: "Ателехәаԥшраҿы ихадоу аҳасабеилыргаҩцәа роуп" ҳәа. Иара арҭ ажәақәа ихы иаирхәон ҳусураҿы аҟазацәа раҳаҭыр иҵегьы ишьҭыхзарц ахьиҭахыз аҟынтә. Амиран ҟазшьас иман амаҭәар ахьӡ аҳәара, днавала-аавало акәымкәа", — абас дылгәалалыршәоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа, шықәсқәак раԥхьа Аԥсуа телехәаԥшра амш азы Амиран Гамгиа изкны илыҩхьаз аматериал аҟны. Арежиссиор инапы ианыз аиҿкааратә усқәа инарҷыданы, авторс дрыман еиуеиԥшымыз апроектқәа. аибашьра иазкыз анҵамҭақәа ицҟеиҵон ажурналист Даур Инаԥшьба. Ателехәаԥшра аус анаҩсангьы, Амиран инапы иҵихит ателеновеллақәа "Татчкеи Кьышьуарди", "Абасгьы ҟалахьеит", "Сыхаара Б" уҳәа, иахьагьы ҳархив абеирақәа ирхыԥхьаӡало аусумҭақәа. Амиран Гамгиа иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 2 2009 шықәсазы.
Опубликован 23 мар.
Иахьа 65 шықәса ихыҵит Аԥсны Афырхаҵа, аполковник, Леон иорден занашьоу, агәыԥ "Душман" аиҳабы Оҭар Ԥалаванӡиа. Оҭар Ԥалаванӡиа Афганистан деибашьуан, ахәра иоухьан. 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи раԥхьатәи реидыслара далахәын, афорум "Аидгылара" далан. 1989-1991 шықәсқәа рзы Аԥсны ахьчара иазкыз арра-резервтә еиҿкаарақәа рахь хатәгәаԥхарала инеиз арԥарацәа дыруаӡәкуп. Егры аҳәааҿы дҷаԥшьон. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ацҳа ҟаԥшь аҟны аӷа диҿагылеит. Зны Гәымсҭатәи афронт зырӷәӷәоз дреиуан, анаҩс Мрагыларатәи афронт аҿы адҵақәа назыгӡаша 60-ҩык злаз агәыԥ еиҿикааит. Дҵаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ "Душман" аибашьцәа Тамшь, Кындыӷ, Лабра арратә операциақәа ирылахәын. Аибашьра аилгамҭаз Аҟәа ахы иақәиҭыртәуан, Егрынӡа инаӡеит. Ҩ-еибашьрак рветеран Оҭар Ԥалаванӡиа иԥсадгьыл амаҵ аура иациҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра дахәҭакны. Агәабзиара-агәамч изеиӷьаҳшьоит. Ажәлар рныҳәаԥхьыӡ игымзааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа