TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 83 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 5 окт.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ауаатәыҩса иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаара шьарда ианыруа даҽа занааҭкгьы ыҟоуп, уи ажурналистика ауп. Аԥсышәала иуҳәозар — ажәабжь еиҭаҳәара, адырра аҭара. Иахьурхалак, абарҭ аҩ-хықәкык рынагӡара иазкуп амассатә-информациатә хархәагақәа зегьы.…
Опубликован 5 окт.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ауаатәыҩса иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаара шьарда ианыруа даҽа занааҭкгьы ыҟоуп, уи ажурналистика ауп. Аԥсышәала иуҳәозар — ажәабжь еиҭаҳәара, адырра аҭара. Иахьурхалак, абарҭ аҩ-хықәкык рынагӡара иазкуп амассатә-информациатә хархәагақәа зегьы. Амч ду рымоуп, аха аҭакԥхықәрагьы рыдуп. Ҳтәылаҿы арҭ азҵаарақәа шааибуа иахьа иалацәажәараны иҟоуп арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркуа адырраҭара ҿыц"Аҳәатәи аҳәашьеи" актәи аҭыжьымҭаҿы. Имҩаԥыргоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Елеонора Кәаӷәаниаԥҳаи аԥышәа змоу ажурналист Инал Лазбеи. Аҳәатәы аныҟоу аҳәашьа здыруа ҳколлегацәа. Рысасцәагьы ус иҟоу ракәхоит: аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи рзы зхатә гәаанагара змоу ауаажәлар рхаҭарнакцәа аарыԥхьалоит. Адырраҭара ҭыҵуеит ес-ԥшьаша, ишиашоу ицо аефир ала, 13:00 сааҭ инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа. Ҳлымҳа кыдҵаны ҳӡырҩлоит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 5 окт.
Аҵара-ааӡара аус иазааԥсо зегьы Арҵаҩы имш шәыдаҳныҳәалоит! 👩🏫💐 Имариам, аха зегь раасҭа ихәарҭоу, акрызҵазкуа азанааҭ алышәхит. Арҵаҩы ихаҭара, иуаҩра, идырра ахьынӡаҳараку аҟара аҳәынҭқарра ԥхьаҟа ицоит. Ус иҟан шәышықәса раԥхьа, ажәлар рырҵаҩцәа арккара аус ианаҿыз, ус иҟоуп иахьагьы. Ҳара иҳамоуп шәҩыла арҵаҩцәа хазынақәа, абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу, ламысцқьала, гәыкалаҵәҟьа зус иазнеиуа (уи еснагь иубарҭоуп), убас аҿар бзиагьы. Шәџьабаазы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәабзиареи агәыхәтәыхьӡареи шәзеиӷьаҳшьоит, шәзыргәырӷьо рацәазааит! Арҵаҩы иаҳаҭыр, ихьӡ анаӡарак илаҳмырҟәыроуп. Уи азын иреиӷьӡоу аушьҭымҭацәа ракәзароуп ашкол ахь инеилаша: зус ала згәы былуа, зегь рыла иҿырԥшыгоу, ахәыҷы баҩхатәрас илоу зызгәаҭо, деиззырҳауа. Абри ԥҟараны иҟалар, ҳауадаҩрақәа ԥыҭк рхала иамҵуан. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 окт.
Аешқәа ахьырацәоу араҵлақәагьы рацәоуп ҳәа гәарҭахьеит, избан? Ишдыру еиԥш, ахьҭақәа ааигәахо ианалагалак аешқәа рӡынхәы рҵәахуеит, зегьы иреиӷьаршьо арасеи акакани аҵлагәаҩа ишҭарҵо еиԥш, адгьыл цәыԥԥынгьы ихәыҵарҵоит. Аеш аԥыхьашәа аныбзиоу, акырџьара аҭаҵәахқәа ҟанаҵоит, аха нас урҭ аҭыԥқәа ахашҭуеит. Иахьахашҭыз арыц ҵәыӷьаны ашьап ҿыц гылоит. Ари иҭаҳхызгьы зҿу иароуп. 🐿️ 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 окт.
🍇"Нар улбааит!" Ажәытәра ацәа зыҟәну аԥсышәаҳәароуп, аҵла иқәу, ашәыр зҭаауа абас иарҳәоит. Еиҳарак ажьҭаара иадҳәаланоуп ишырҳәо. Нар — ажьҭаара, аҩҭаҭәара иахылаԥшуа нцәахәуп ҳәа даадыруеит, аха иџьоушьаша, иара изку шамахамзар акагь анҵаӡам (иԥшра-исахьа, иҟазшьақәа зеиԥшроу, ихьӡала иныҳәозу уҳәа). Аӡахәааӡара атрадициақәа ӷәӷәаны излаҳамоу ала, иӡбахәала иҵегь дыррақәак еиқәхар акәын ҳәа агәаанагара цәырҵуеит. Убри аҟынтә... Издыруада, араҟа иҳамоу "Мар улбааит!" акәзар? "Мар" — аԥсышәоуп, анапы (амапы) иадҳәалоуп, иаҳԥылоит егьырҭ ижәытәу аԥсшәаҳәашьақәа рҟынгьы: "Мар умоуп!" ма "Аура уқәуп!" ҳәа иарҳәон уардынла иаауа (Да сопутствует тебе урожай); "Мар умоуп!" ҳәа иарҳәоит ацха зыԥшуа; "Мар умоуп!" ҳәа еибырҳәоит аҩызцәа-ақәлацәа (Да умножится твой очаг!); "Марҳәара сааит" / "Абыцаҟь ҳәа сааит" асырҭы иаҿатәоу илзырхан (Легкой руки тебе! — благопожелание прядильщице). Ари алогикала ҳцозар, ажь зҭаауагьы "Мар улбааит!" ҳәа зиарҳәоз еилкаауп, зеиӷьшьароуп (Да благополучно тебе спуститься на землю, с хорошим урожаем). Ажь злауҭаауа напылоуп, амца узлаҵхо напылоуп, ацха злауԥшуагьы убас. Ацыбжьыҟа -м ишнеиуаз -н ахь ииасыр ауан, уи уамашәа ибатәым, лассы-лассы имҩаԥысло процессуп, еиҳарак бзыԥтәи адиалект аҿы: ахьамҭа / ахьанҭа, агәамҵра / агәанҵра, аҟамчы / аҟанчы уҳәа. Нар ҳәа ахаҵа хьӡы ыҟоуп, аха ари аԥсшәаҳәашьа аконструкциа злаҟоу ала, даҽа хьӡык ала иуԥсахыр, иаҳәо узеилкааӡом. Иаагозар, "Шьашәы урысасуп" аҟны Шьашәы ахаҭыԥан иарбанзаалак даҽа хьӡык-жәлак ҳгаргьы ауеит, асинтаксис иалнаршоит. * Аԥсны аӡахәааӡара ашьапы ахьакыз аҭыԥқәа иреиуоуп, археологиатә ԥшаахқәа ишьақәдырӷәӷәоит уи. Уимоу, ажәа -аҩы аԥсшәаҟынтә егьырҭ абызшәақәа ишьҭыркаазар алшоит ҳәа зыԥхьаӡо аԥхьаҩцәа ҳамоуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 3 окт.
Иҟоуп ҽеишәа изыԥхьам апоетцәа... ажәеинраала ссирқәа змоу. Иаҳҳәап, абри ҩ-куплет иҭаӡоит, аха ԥсҭазаара дук уагәыланарԥшуеит. Агәырӷьа лаӷырӡ аанагартә аҟынӡа исахьаркуп: "Сара схьымра" Сыԥсыӡкырҭаҿ сгылоуп, исхашьқьыруеит аԥшаҟәанда, Ацәқәырԥа нхықәтәал ахрышьраҿ ахцәӡышра шьқьыр аҳәоит. "Шьҭа ҳара ҳқәыԥшра еҵәа – гәыхәтәы лашак иахьӡанда…" аҳәоушәа сҿаԥхьа ԥшаргьагьа-дырдык ықәгьежь икәашоит. Рразҟы-мшын абла рыҽхыршәалан, сҩызцәа рыԥра шхәа ӡсоит. Сҭакәажә дазԥшуп сԥыхьашәа, дкылԥшлоит ахышә хәыҷ лыҩнкәымра. Ицәырҟьа-цәырслоит ҭымра-ҭымра, сӡыркуа-сӡырзго схьымра! Илиа Лашәриа 📖 Ахры́шьра - мелкие камни, галька 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
👥Асинонимқәа "А́илҟьа" даҽакала ишԥаҳҳәо? 🟠 А́ҵар 🟠 А́лас 🟠 А́иҿамс 🟠 Аҭҟьа́ 🟠 Аҭра́м 🟠 Ахҿа́цә 🟠 А́илыхха 🟠 А́ибага 🟠 А́иламгыла 🟠 А́илҟьаца 🟠 А́илҟьеилӷәыцә 🔸 Зыбаҩ зцәыласу 🔸 Ахы зыӷроу 🔸 Ахы иацҭҟьо 🔸 Амца иацгыло 🔸 Ахы иузаҿамкуа 🔸 Афҭҟьа иаҩызоу Шәаргьы иацышәҵа. #асинонимқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 3 окт.
Аччара хәшәуп рҳәоит 😊 Хәаџьа Шьардын амҩа даныланы дышнеиуаз, дшьацәхныслан дкаҳаит. – Еҳ, сажәызаап, убо! – даақәыԥсычҳаит ибжьы хҵаны, аха данаахьаҳә, уаҩ дыҟамшәа аниба: Санҿазгьы шьамх ҵарык сакәмызт, – иҳәеит. "Аԥсуаа рлафқәа", еиқәиршәеит Сергеи Зыхәба 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 окт.
Ԥшькьаҿ-иԥа Манчеи Баалоу-ԥҳа Мадинеи ирыхҳәаау аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭаҿы Мадина лхаҵа имаҭәа лышәҵаны, иабџьар лҟәынҵаны, иҽеиқәа ццышә дақәтәаны, аԥсуаа аԥсҭыр иахьрабашьуаз Ҳагәа́шә адәаҿы днеины аиааира длыргоит. Ҳагәашә (букв.: каменные ворота) – иҟаҵәҟьоу топонимуп, Гагра араион иахьаҵанакуа ҩыџьара иаҳԥылоит. Валери Кәарҷиа ишәҟәаҿы иаирбоит аҩбагьы: 1. Хышәҳа ақыҭа иатәу ҭыԥхьӡуп (Аҽмарда аҳабла иавоуп); 2. Ҽыжәҵырхәи Арбаикеи рыбжьара иҟоу ашьхаҭыԥгьы ус ахьӡуп. Асахьаркыратә литератураҿы иаабоит Даур Занҭариа иажәабжьоу "Чу Иақәыԥ иуахҭа" аҟны. Асаӡқәа рыдгьыл ахьалагоз, ирыхьчоз ҳәаак аҳасабала: "Аԥсҭыр ааиуан, Ҳагәашә ԥжәаны асаӡқәа рыԥсҭа иҭаларц. Агәахәуаа (аубыхқәа) аизара ду ҟарҵан, асаӡқәа рыцхырааразы жәанызқьҩык ар дәықәрҵарц азырыӡбит. Зықьҩы рыхцәа рыхьӡқәа ахьырҳәоз, Чу Иақәыԥгьы ихьӡ алан. Усҟан ихыҵуан иара ҩажәи быжьба шықәса". 📸Мамзышьха© Игор Левкович 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 окт.
Аԥсны Афырхаҵа, аруаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩ Муҳаммад Кьылба 65 шықәса ихыҵит. Ҭоурыхлатәи Аԥсны хәыҷы (Ашәтәыла, Хәажәду ақыҭа) иалҵыз, Аԥсынра ду ашәарҭара ианҭагыла гәыҩбарада аӷа иҿагылаз дыруаӡәкуп. Муҳаммад Кьылба, аполк аԥшыхәцәа иреиҳабыз, ҳара ҳаибашьра…
Опубликован 1 окт.
Аԥсны Афырхаҵа, аедыгьаа рҵеи лаша Адам Хәаде иахьа 66 шықәса ихыҵуазаарын. Адам Хәаде Кавказ жәларқәа рконфедерациа далан, Адыга Хаса аиҿкаара аусқәа дрылахәын. Аԥсны аибашьра шалагаз аниаҳа аухаҵәҟьа ддәықәлан, дааны ибеит иҟаз шыҟаз. Нанҳәа 17 рзы Маиҟәаԥ аизара имҩаԥысуаз иҽахьигӡеит. Иқәгылара хамшҭыхәуп: "Сара сышиашоу Аԥснынтә саауеит, сылала избеит ҳашьцәа зҭагылоу арыцҳара ду, рықәхра иаҿуп. Уаҵәы ихьшәахар ҟалоит, уажәыҵәҟьа ҳҵысыроуп. Аԥсуаа аныршьуаз шәа шәабаҟаз ҳәа иҳазҵаар, ираҳҳәои? Аедыгь ԥҳәыс илыхшаз уҟазар, усывагыл!" Абасала шәҩыла иҩызцәа ихьырԥшны дааит арԥыс-хаҵа. Нанҳәамза аҩбатәи азбжазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гәымсҭа ҳхырӷәӷәарҭа цәаҳәа ԥжәаны Гәдоуҭаҟа ижәыларц ргәы иҭан, ирԥырхагатәын. Амза 25-26 ауха Аԥсны ахьчацәа "Учхоз" иҟаз аӷа иштаб иақәлеит. Агәыԥ 54-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылан, 16-ҩык — хатә гәаԥхарала иааз аедыгьаа ракәын. Уи ауха ақәа кыдҵәаны иауан, Адам уара уажәтәиала уаангыл ҳәа иарҳәеит, иара иблабара иагын, арахь иагьҵәырлашьцан. Аха уаҩы дизаанкыло дыҟамызт. Афон ҿыц инаркны Ешыра инаӡаанӡа азахә уазашәақәа иҳәон, нас дагьныҳәеит абас: "О, Аллаҳ, уаха аӡәыр дҭахараны дыҟазар, сара сакәхааит!" ҳәа. Адиверсиатә операциа ахықәкы наӡеит, аӷа ибеит ус мариала Гәымсҭа дышзахымсуаз. Адам Хәаде иԥсы ҭаны дзымхынҳәит, иоуз ахәра дахыԥсааит. "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ихьӡ зну ашәҟәи адыргеи 80 шықәса ирҭагылаз иан лнапаҿы илдыркит. Ахыҵхырҭа: Лили Хагба "Их души тают над горами" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 30 сент.
Ҳара ари адгьыл ҳаларсуп гәыла, шьала-дала, ԥашәла, ҭоурыхла. Ҳахьынтәаауа ҳдыруеит, ҳхы ҳдыруеит, ҳаҩны ҳаҟоуп. Зқьышықәсала ҳаԥсадгьыл ацәа иалҵуаз анышәынҭрақәа ҳабдуцәа рыбаҩқәа ыҵоуп, рылԥха ҳацуп. "Ҳаршьуазаргьы, иҳахьуа еицҳахьааит!" зҳәаз ажәлар узыриааиӡом.…