TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват5,067Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 2 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 24 апр.

Аҳ иеимсқәа ишьырхуеит — аҭаацәа еибаргәырӷьоит. Ари цуфароуп; аџьма, ма ауаса аныршьуа аанагоит. Аимсы ашьхра "ашьтәа ацәа ахыхра" иадкыланы иҳәоуп араҟа, аҭаацәа зыргәырӷьогьы уи ауп, аха баша еиҿырԥшрак аҿы иҟаӡам. Иахьа аимсы ахьаҳбо еиҳарак акәашацәа рҿоуп, асценатә костиум иахәҭакны, арԥшӡага ҟазшьа аманы. Ажәытә аимсы ауасахәы хаханы иалырхуан, шьапырԥхагас иҟан, ахацәа ирышьарҵон. Усҟан аимсы зшьазҵоз ҭауади-аамсҭеи ракәын, анхацәа ирышьарҵар руамызт, акала иреиԥшхаз "дҳацлабуама" ҳәа дахьдырхәуан. Аҳ иеимсы, ишәҵатәқәеи ихаҵатәқәеи зегь реиԥш, иара дӡырнаго, ххьала / сырмала ирхианы, аҿаҳәагақәеи аҵдақәеи аманы, ишьапы инадшәыло иӡахын, далаҽырбон. Аимсы аԥсаса рцәа иахьеиԥшу азы, иара зшьазҵалоз аҳ ихҳәааны аԥсуаа иаԥырҵеит ацуфара: "Аҳ иеимсы ишьихуан, иҭаацәа гәырӷьон". Ари аварианти аилыркаарақәеи аниҵеит абызшәаҭҵааҩы, адиалектолог Артиом Ахсалба ишәҟәаҿы (Иахьатәи абжьыуатәи адиалект абызшәатә ҭагылазаашьа, Аҟәа, 2018) Абас аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы еиқәхоит ҳабзазара иалҵхьоу амаҭәарқәеи дара аазырԥшуа ажәақәеи. Асахьаҿы: аимсқәа ҩ-хкык(ноговицы) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

354 views

Опубликован 23 апр.

Адгьылқәаарыхра иазку ажәаԥҟақәа15 ⭐️ ⭐️ ⭐️ ⭐️ • Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп. • Адгьыл зымжьо абра изнауеит. • Адгьыл напы адызкыло дхәыданатәуам. • Лаҵан иумҳәаз бҵан иузҳәом. • Адгьыл ԥсыла анапы иазыҩуеит. • Адгьыл анап пашә ацәымӷуп. • Адгьыл иауҭо узархынҳәуеит. • Адгьыл — иреиӷьу уалшәаҩуп. • Адгьыл адац иарԥсылоит. • Адгьыл еиқәаҵәа аҽаҩра шкәакәоуп. • Адгьыл иҵоу ацәеиха иадыруеит. • Анхаҩ бзиа адгьыл иеигәырӷьоит. • Адгьыл ахыхәаҩ ихәлаччоит. • Аҽаҩрашықәс ааԥын иунарбоит. • Аԥаса ахәы арӡуам. Ахыҵхырҭа: Адгьыл иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи>> ▫️ Адгьылқәаарыхра иазку ажәлар разгәаҭарақәа>> #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

262 views

Опубликован 22 апр.

🌱Цәаӷәарамза ҳҭоуп, сынтәа иӡысаамҭахазаргьы. Ус анакәха, адгьылқәаарыхра иазку асинонимқәа ираамҭоуп. "Ацәаӷәасҭа" (борозда) даҽакала ишԥазырҳәо: • Ацәаҳәа, • Ацәаҳәасҭа, • Аҵыруа, • Аӷаза, • Ацәшьхәаҭыԥ. Адгьылқәаарыхратә лексика даара ибеиоуп аԥсшәаҿы, "ацәаӷәара" ахаҭагьы асинонимқәа рацәаны иамоуп. Раԥхьаӡа акәны иахьыцәаӷәо аҭыԥ аҟны адгьылԥжәара // адгьылԥҽра рҳәоит. Есааԥнытәи азынцәаӷәа бзыԥаа рҿы арссара́ ҳәа иашьҭоуп (первая вспашка), аҩынцәаӷәа — аты́хра(вторая вспашка, перепахивание). Ацәаӷәара адагьы иҟоуп: артаӷара, ацәыртаӷара, арԥԥра, ацәырԥԥара, аимгәырԥԥара (тракторла), аиҩырссара уҳәа убас иҵегь. Ауарӷа́нџь (жаворонок) — даҽакала "ацәаӷәара ҵыс" ҳәа иашьҭоуп, абаза бызшәагьы иалоуп ари ажәа. Цәаӷәарамза инаркны лаҵарамза (каԥсан) аанҵәаанӡа амраҭашәамҭазы "цәышьҭын" рҳәоит (время перед закатом, букв.: "когда волов отпускают с пашни"). ▫️"Ацәаӷәара ашәа" иазку анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>> #асинонимқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

370 views

Опубликован 19 апр.

АЛАБАШЬА Омар Беигәа Ҭырқәтәылантә Даан дыҟан Аԥсны, Ҷыҷыкәа Џьонуа уи дзиԥымлартә Дышьҭан игәы бааԥсны. Дышьҭан, аха дыҟан дцәажәартә, Дгәырӷьа-хәмарыртә, игәы ԥшаартә, Асас дахь уи ԥсыс дихалартә, Ибла хаарақәа иԥшаартә. Асас дахьгьы днеиит гәыла, Ԥсыла изааигәаз иҩны. Зымҩа дынхахуазма гәылак, Зегь уа игәырӷьауан аҽны. Еицәажәон нас урҭ гәыблыла, Иаунҵәахуаз рҳәатәы, Аԥсуаа ражәа, рашәа еинҭәыла, Аԥхӡы азказҭәоз рҳәатәы. Ишеизгәыкуаз ргәырӷьа хыҵуа, Рыжәҩангәашәԥхьара — раамҭа ԥрит. Аԥшәма исас даниԥырҵуаз, Аԥсуа лабашьа ииркит. Абраҟа инҵәон сажәеинраала, Аха агәырӷьа намӡеит — Уи ауха ԥхыӡ хаак дшалаз, Ҷыҷыкәа уаҳа дмааԥшӡеит... ...Дцон Ҭырқәтәылаҟа Омаргьы, Илабашьа хьанҭа кны. Уи днаскьазгауаз аџьаргьы Еизеит. Дгылан рыгәҭаны. Аиԥырҵра есқьынгьы ихьаауп, Аха аԥсадгьыл ныжьны ицо Апоет ихаҭа дхьаауп, Ихәра ахаан иӷьаӡом. Омар иқәыӷәӷәон еидарак, Иԥышьҵыргәан илаба. Цас иуазшәа хаҵа нагак Дҵааит: — Иузҭада улаба? Апоет ицәа дҭаӡыӡеит, Ицеит иажәа неиҿаба. Алабашьа аҭыӡшәа измырзеит, Илаӷырӡқәа аниҿаҭәа. Борис Гәыргәлиа, 1975 Асахьаҿы: Омар Беигәаа (Диижьҭеи сынтәа 125 шықәса ҵуеит) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

419 views

Опубликован 15 апр.

Шәлиман Цыба — аспорт адунеи аҿы ахьӡ-аԥша ду зырҳаз, аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак диижьҭеи 100-шықәса ҵит. Шәлиман диит Ҭырқәтәыла, аԥсуа мҳаџьырқәа рҭаацәараҿы, иан д-Аҭрышԥҳан, аамсҭадуцәа дырхылҵшьҭран. Аҷкәын иреиӷьу алицеиқәа рҿы аҵара иҵон, дшыхәыҷыз ашьапылампыл асра далагеит. Зынӡа дқәыԥшын еицырдыруа ашьапылампылтә клуб "Бешьикташь" ахь данрыдыркылоз. Арԥыс аихьӡара дуқәа ааирԥшит. Зшьамхы мааԥсоз жәылаҩын. Аспорт даҿнаҵы, ишырҳәо еиԥш, ҟамчхәыла иалыркаауаз дреиуан. Кавказаа рԥацәа еиҿыркааз ари аклуб аҭоурых аҟны зыҩаӡараҿ анеира мариам, иреиӷьӡоу ахәмарцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Ампыл асра аныхиркәша ашьҭахь акыршықәса аклуб анапхгараҿы аус иуан, 15 шықәса инареиҳаны уи аиҳабыс дыҟан (1984 - 2000). Ари аамҭа иалагӡаны "Бешьикташь" ҵҩа змам аиааирақәеи аԥхьахәқәеи агеит. Уи адагьы, аклуб иамаз афинанстә уадаҩрақәа зегь аԥирҟәҟәааит, аусура ҭышәыниртәалеит, ахыԥша ирԥырит. Ҭырқәтәыла ауаа нагақәа рыбжьара Шәлиман Цыба дыззымдыруаз дыҟамызт, иреиҳаӡоу аспорттә елита дахәҭакын. Иахраҭ дазцеит 2014 шықәсазы, 88 шықәса шихыҵуазз. Сҭамԥыл иалсуа амҩадуқәа руак аԥсуа хылҵшьҭра Шәлиман Цыба ихьӡ ахуп. Хәышықәса раԥхьа Аԥсны абанк иҭнажьит иара изку агәаларшәагатә ԥара ҿырпы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

487 views

Опубликован 14 апр.

"Адыга уеи-уеи!" абантәаауеи? "Уеи-уеи" — ари ааԥхьаратә, агәышьҭыхратә ҵакы змоу ажәытәӡатәи арратә бжьыҭҟьоуп (боевой клич), адыга бызшәала. Аԥсуаа ҳҿы "Ааит!", "Аҳаҳаи!", "Шәах, амарџьа!", "Шәнеибац!" ирышьашәалоит, аидгылареи агәымшәареи уднаҵоит. Аибашьрақәа раан, ианжәылашаз, ашьхарыуаа абжьыцәгьақәа ҭырцон, иаҵаҳәҳәаны ахыкәалаа еиԥш аӷа игәыдлон. Дара убаанӡагьы рыбжьы ануаҳа, угәы ҭнарԥсаауан, рыбжьгьы абџьарын. Абри атәы азгәарҭахьан Кавказтәи аибашьра шаҳаҭс иамаз аӡәырҩы. Ҳаамҭазы ари ааԥхьара аҿыц ԥсҭазаара аиуит уҳәар ауеит 1998 шықәса инаркны. Усҟан Иорданиантәи амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа ҽыла рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ианыхынҳәуаз "иааргеит". Рыҽқәа зҭаз аидара-машьынагьы ианын адҩыларас. Анаԥшцәа рзы англыз бызшәала ахьышьҭра ақәлара аҵакы аман (way — "амҩа"). Ари ааԥхьара адунеи иалаԥсоу адиаспорақәа ишьҭырхит, Кавказ нхыҵ-аахыҵ ҩаԥхьа ирылаҵәеит, ашьа арцәажәеит, ажәытә арҿыхеит, Аԥснынӡагьы иааит. Уи моу, иахьа аҿар ҳара ҳтәқәагьы, азыхәцәагьы "аԥсуа-абаза-адыга уеи-уеи" ҳәа еидкыланы ирҳәоит, ҳаиашьара иатәны, ҳзеиԥш фырхаҵаратә ҭоурых иатәны. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

440 views

Опубликован 14 апр.

"Ацәа иалҵит аԥсабара, Амра гылеит ихааӡа, Ааԥын ҩычоуп бӷьы иаҵәала, Ааԥын – ашықәс ахааҵа!" Дпоетымзар ҽаӡәы изҳәарымызт абас. Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Очамчыра акультура ахан зыхьӡ аху Радион Ҵәыџьба диижьҭеи 85 шықәса ҵуеит сынтәа (1941 - 1995). Аԥсназы зџьабаа рацәоу апатриот иаша, жәлар рҵеи. Диит Ҷлоу ақыҭан Акәын Ҵәыџьба иҭаацәараҿы. Аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, "Аидгылара" очамчыратәи аҟәша деиҳабын, деибашьуан. Иаалырҟьан иԥсҭазаара далҵит иуаҩыбжара дышҭагылаз. Уиижьҭеи 30 шықәса инареиҳаны ишыҵхьоугьы, зыҟамзаара хьаау, зҭыԥ еинымло хаҭароуп. "Абжьыуаа ҳшьауардын" ҳәа изиҳәеит Жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба. "...Уеихымцан, абаҩҷыда улан, бжьасҵас уласын, уеибаган. Амҵәыжәҩа умазҭгьы, ажәҩан ахь уԥыруан. Ианакәызаалак уара хьаас иумаз аԥсуара апроблемақәа ракәын, ажәлар ргәы иҵхоз аусқәа ракәын. Уара ухазы аасҭа ауаа рзы уразын", — иҩуеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа. Радион Ҵәыџьба иажәеинраалақәеи ифольклортә анҵамҭақәеи еидызкыло ишәҟәызаҵә ҭыҵит 1996 шықәсазы. Иара апублицистикатә стиль дазҟазан, уажәи-уажәи акьыԥхь ианылон истатиақәеи иажәеинраалақәеи. Аха споетуп ҳәа ихы иазиҳәомызт, илирика ацәыргара дахыццакуамызт, ԥсуаҵас ахӡырымгара илан. Ихатә архив аҿы еиқәҷаб имаз иаԥҵамҭақәа реиҳарак аибашьраан иблит, Очамчыра аӷа инапаҿы ианыҟала. Ус шакәугьы, алашара збаз ишәҟәызаҵә иаршаҳаҭит ибаҩхатәра ҷыда — апоезиа цқьа абырлашқәа агәылаԥсоуп, автор игәхьааи, игәҭыхеи, игәыӷрақәеи ккаӡа иунарбоит. Ашәҟәы анҭыҵҵәҟьа дахцәажәеит алитератураҭҵааҩ Валентин Кәаӷәаниа. Радион Ҵәыџьба иуаҩреиԥш ирҿиарагьы ахәшьара ҳаракы иаԥсахахьеит, иреиӷьу иажәеинраалақәа Аԥсуа поезиа антологиа иагәылоуп. Игәалашәара мыӡааит згәыбылра ду ари адунеи иазынзыжьыз ауаҩы лаша. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

426 views

Опубликован 12 апр.

Амш шеит – Мшаԥы – Амҽыша. Амшқәа аниша Амш-аԥа, Даниша Мҽышан – Анцәа имш. Ихазгьы – Амҽыша. Инна Ҳашԥҳа Амшаԥныҳәа шәадныҳәазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! Дасу шәзымҵаныҳәо алԥха-агәыԥха шәымазааит! Ҽаанбзиала шәнеиааит! Агәабзиара, агәыцқьара, агәырӷьара шәыманы. Қьырса дгылт! Иҵабыргны дгылт! Аԥсрала аԥсра даӷрагылеит. Ус анакәха, ҳаҟоуп, ҳаиқәырхоуп, Анцәа иџьшьоуп 🍀 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

395 views

Опубликован 11 апр.

Амшаԥныҳәа лаша иаԥгылоу асабша ауха аԥсуаа Мшаԥхәыҷы ҳәа иашьҭоуп — агәыхыҭхыҭра хаа зцу аҽазыҟаҵара аамҭа. Уаҵәы Мшаԥду ауп. Аԥсуаа ари аныҳәа иаԥылоит рцәа-ржьы, ргәы цқьаны, еиқәаҵәа злам маҭәа ҿыцла рҽеилаҳәаны. Мшаԥы азқьышықәсақәа ахыҵуеит, гәырӷьа дууп, иреиҳаӡоу аныҳәақәа иреиуоуп ҳажәлар рзы. Абри аҽны наџьнатә аахыс "Ҽаанбзиала!" ҳәа еибырҳәоит, ажәлар еиҭанеиааиуеит, еибабоит, ахәмаррақәа мҩаԥыргоит. Ҭоурыхла ауаа рыбзазашьа аҽшаԥсахуаз ала, Мшаԥы азгәаҭарагьы еиҭакрақәак ахҭысуан, аха агәыцә еибгоуп иахьа уажәраанӡа, атрадициатә шьаҭа ӷәӷәа шамац иааиуеит. Иҟам даҽа ныҳәак абасҟак ажәеицааирақәеи, ажәаԥҟақәеи, азгәаҭарақәеи зхылҿиааз. Иаҳгәалаҳаршәап дара: мшаԥшара, амшаԥымш, амшаԥыӡыс, амшаԥчгара, амшаԥыҳаԥшьа, амшаԥчашә, амшаԥкәтаӷь, амшаԥыкакаҷ (амшаԥышәҭ), амшаԥгәырӷьара. • Ула хыуҩар, Амшаԥгьы ииасны ицоит. • Амыжда Мшаԥаҽынгьы дмыждоуп. • Мшаԥаҽны акрыфаны сыҟоуп зҳәаз иеиԥш. 🔸 Амшаԥы зызшаз – насыԥ зқәу; 🔸 Мшаԥы изшеит – иразҟы иакит; 🔸 Мшаԥы даԥылошәадгәырӷьоит– дгәырӷьаҵәоит; 🔸 Мшаԥшареиԥш ибоит – еиӷьишьо имам. Бзыԥаа раҳ Ҳасан Чачба (Ҳасанҭа абаа аҳҭынрас измаз) даара леишәа цәгьак иакәзаарын. Убас даарԥшуп хыхь зыӡбахә ҳҳәахьаз Шоҭа Сымсым иҭоурыхтә поемаҿы: "Шықәсык ала зны дыччозар, иара уигьы — Мшаԥаҽны". 🌱Амшаԥы иазку ажәлар разгәаҭарақәа: • Амшаԥазы ажәла карԥсом, анышә ркуам — ҵасым. • Амшаԥшара збаз, иаԥылаз ашықәс изыманшәалахоит. • Амшаԥаҽны ииуа дыхьӡырҳәагахоит. • Амшаԥчыс шаҟа иԥшӡахо, ихаахо аҟара аҩнаҭа абарақьаҭра азԥшуп, аҭаацәа маншәалахоит. • Амшаԥаҽны амра ԥхозар ҽаҩраҭагалан беиахоит. • Амшаԥазы амра анҭашәо ашәаԥшь кыдлар, дырга бзиоуп. • Амшаԥазы амш цәгьахар, иаанхаз ааԥынрагьы қәас-ӡыслоит рҳәоит. • Амшаԥы адырҩаҽны ҽынла уцәар, алшықәсанык ацәа уаклоит рҳәоит. • Амшаԥы наскьа-ааскьоит, аха ианакәызаалак амҽыша иақәшәоит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

853 views

Опубликован 10 апр.

Еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәацәа дуқәа, аҿаԥыц-уаа Ҟасҭеи Арсҭаа, Маадан Сақаниа, Синаҭ Џьниа, Тыкә Кәыҵниа ирыхҳәаалоу Мушьни Лашәриа иажәеинраала: АԤСУА БЫРГЦӘА Аԥсуа быргцәа, шәмыццакын, Иҳарашәк Сасрыҟәа илша! Иашәырҳәа аԥхьарца, аҿарпын, Ачараҿ жәытә ҵасла…

342 views

Опубликован 10 апр.

🎼 Амузыкатә ажәабжьқәа Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа иашәа "Бара быда" аҿыц бжьы ахаҵаны инарыгӡеит ауаԥсаа рфольклортә гәыԥ Ragon Bal. Иреиӷьу аԥсуа лирикатә ашәақәа иреиуоу ари акомпозициа уажәшьҭа даргьы ррепертуар иалоуп, аконцертқәа рҿы ирҳәалоит. Ԥсыуа ӡбахәык ахьҳаҳауа ҳара даара ҳаигәырӷьоит. Амелодиа зынӡа иԥсахӡамкәа аус адулоуп аетно-стиль ала, цәгьа ианаалеит. Шәазыӡырҩ 🎧⬇️ 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

396 views
12345•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384