TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват3,492Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 84 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 30 сент.

Ҳара ари адгьыл ҳаларсуп гәыла, шьала-дала, ԥашәла, ҭоурыхла. Ҳахьынтәаауа ҳдыруеит, ҳхы ҳдыруеит, ҳаҩны ҳаҟоуп. Зқьышықәсала ҳаԥсадгьыл ацәа иалҵуаз анышәынҭрақәа ҳабдуцәа рыбаҩқәа ыҵоуп, рылԥха ҳацуп. "Ҳаршьуазаргьы, иҳахьуа еицҳахьааит!" зҳәаз ажәлар узыриааиӡом. Ҳбызшәа ҳҿыхуа, ҳҭоурых еицакуа, иреиӷьыз ҳалшьаауа ақырҭқәа ҳахәаҽра анрылымша, ҳақәырхырцҵәҟьа ианҳақәлагьы акгьы рзыҟамҵеит, рҵыхәақәа раҳәҭарҽны излааз ала ицеит – ҳҵеицәа иԥхарҵеит. Аԥсуаа аханатә рхы зқәыркуаз Аиааироуп. Рхықәкы нарыгӡеит, фырхаҵарыла Аԥсны ахьӡ адыргеит. Уи аԥхьагьы қәԥарамзи, аха еибашьрада иауӡомызт ахақәиҭра, избанзар "Мап!" еиӷьуп "мап-чап" аасҭа, Владислав Арӡынба ибеит уи. Шәадныҳәалазааит иԥшьоу абри амш, ҳара ҳазхаану Аԥсны Аҳәынҭқарра аирамш! Инагӡахааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи. Ҳара-ҳара ҳаизбзианаҵ ҳзыцәшәаша егьыҟам. Шьардаамҭа Аԥсны! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

470 views

Опубликован 29 сент.

Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа шәҩык инарзынаԥшуа рҽеидкыланы Аԥсны иааны иҟоуп, еицаҳзеиԥшу уаҵәтәи аныҳәа ду рҽаладырхәырц. Ҳара ҳлыҿцәажәеит зашьцәа ирыцааз, Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба иан Ԥериҳан Қапԥҳа. Ведаҭ аибашьра анеилгалак Аԥсны даанхарц игәы иҭан, ажәа зниҵахьаз аӡӷабгьы дыҟан, аха илахь иангәышьамызт. Дҭахеит 1992 шықәса, абҵара 29 рзы Кәачара ахақәиҭтәраан, (Баҳадыр Абаӷба ахәрақәа аниоуаз ивыршьааз иҩыза иара иакәын). Аамҭа иазмыртато ахьаа лымоуп ан, лцәажәара гәыҿкаагоуп, аха Анцәа иџьшьарала, иҟоуп дызхәаԥшуа лԥеи лыԥҳаи, уи лыхшареи. Абызшәа аганахьала лзыӡырҩра агәахәа унаҭоит. "Ара сахьыҟоугьы мышкахьы ҩынтә-хынтә слыԥшаауеит" лҳәоит аԥҳа лзы (= ҩынтә-хынтә аҭел дысзасуеит 📱) Ирацәоуп иҵегь убас иалаԥсоу ажәа еимхәыц-бырлашқәа. Шәазыӡырҩырц шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

478 views

Опубликован 29 сент.

Агәил афҩы аныхааха имҩасуеит. (Если роза стала благоухать, значит, она начала увядать) Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ражәаԥҟақәа иргәылҳаԥшааит аҭҵаарадырратә ҵаҵӷәы змоу абри аҳәамҭа. Зегь реиҳа зыфҩы лаҳалаҳуа ашәҭқәеи, зегь раасҭа зыфҩы хаау адухьқәеи аканӡара-аҩара аҟәыншәы рхызаап: агәил, аџьыԥ (жасмин), алилашәҭ (сирень), аҟәышәҭын(нарцисс), аббыцркрала зшәыр ҿало аҵла рышәҭқәа, уҳәа егьырҭгьы. Ахьычԥаԥырқәеи ашьхыцқәеи ираҳауеит амҩасра-ахбалара анналагоҵәҟьа, инеины иақәтәоит, ауаҩгьы гәынхәҵысҭала еиликаауеит, цәаҩала иныруеит, игәы иақәшәоит. Апарфиумерцәа аԥсабара абри амаӡа аҵырдраан, еиуеиԥшым акомпозициақәа реиқәыршәараан аҳаҳаира ҳәа рхы иадырхәоит. Уазхәыцыр, ҭагалан зегь – хбалароуп, аха шаҟа иԥшӡоузеи, аԥсҭазаара ахаҭа иузнымкыло мҩасроуп, инаскьацыԥхьаӡагьы ихаахондаз, шьыри! 🌞

420 views

Опубликован 28 сент.

”Ашәа зҭынхаз аԥсра даиааиуеит” Инна Ҳашԥҳа, зыбжьаныҩра ҳаҳало апоет: Аамҭа абӷьыцқәа рҩыра – Саныҵит. Қәарбааӡа сбааӡан. Аамҭа абӷьыцқәа рҩыра Анхаларагь сыхәҭан. Амца мыцәа иаҭәҳәо Аӷа зкыз дааԥсар, Аҽҳәа кәицқәа ҿазҳәо, Имцахә мыцәа еиқәхар, Мцак саргьы исыцрасып, Саамҭа абӷьыцқәагь бап. Мцаҭәҳәа ԥшакгьы насып, Сызным абӷьыц еиқәхап. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

438 views

Опубликован 28 сент.

📌 Ажәа бзиоуп Ар рхы – главнокомандующий "Ар рхы ҭызго", "ар рҵыхәа ҭызго" ҳәа ҳбызшәа иалоу афразеологизмқәа агәымшәа, ахаҵа ӷәӷәа изы иҳәоуп, аҩбагьы аибашьратә стратегиа иахылҿиааит. Ар рхы ҭызго – авангард; начальник авангарда (аԥхьагылара зуа); Ар…

427 views

Опубликован 27 сент.

Ашәҟәыҩҩы, апублицист, алитератураҭҵааҩ, аиҭагаҩ, акритик, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, ажурналист, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит. Зҭәымҭа иҭагылоу, здунеихәаԥшышьа ҭбааӡоу арҿиаҩы, ихадароу алитературатә жанрқәа рҟны илшамҭақәа еицырдыруа иҟоуп, аха раԥхьаӡа иргыланы – дпоетуп, узырхәыцуа афилософиатә, аграждантә лирика аԥиҵоит. Жәаха еизга дравторуп, аҵыхәтәантәиқәа рҟынтә: "Бзанҵы", "Саамҭа-сыԥшатлакә", "Адунеи азна". Ааи, апоезиоуп аханатә иахьа уажәраанӡа ихазы иреиҳаӡоу хырхарҭас иаликаауа. Уи ус шакәу илырҳәеит арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа. Сааҭбжак ицо аиҿцәажәара ласӡа имҩаԥысуеит, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> Аҵарауаҩ иаҳасабала ҳаамҭазтәи алитературатә процессқәа ҳара ҳҿеиԥш адунеи аҿгьы рцашьа ахәшьара аиҭоит, инысымҩа дазхьаԥшуеит ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлааи иареи реиҿцәажәараҿы, даара аинтерес аҵоуп, абра иҭоуп>> Алкаақәеи аихшьалақәеи џьаргьы ижәбаӡом, иагьабаҭаху макьана, иреиӷьу ишәҟәқәа рыла иҵегь акырынтә аԥхьаҩцәа иргәырӷьараны дшыҟоу агәра ҳгоит. Ахьӡара иоуааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

415 views

Опубликован 27 сент.

Аибашьра иалагылаз аиҳәшьцәа, афраҳәсақәа Ҭали Шьазинеи Џьапуаԥҳацәа рымшынҵақәа хаз шәыҟәқәаны иҭыҵит. Иҟалап, зегь реиҳа ианаамҭаз иҭыҵзар – аибашьра ашьҭахь иҩаҵхахаз абиԥара ҿыцқәа рзы, ҳҭоурых арцәажәарзы. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа абас иҟоу агәалашәарақәа еиҳа-еиҳа рҵакы ӷәӷәахалоит. Ианҵоу ажәа ԥсра-ӡра ақәӡам, ажәа иаша, иуанаҳәо егьа ихьанҭазаргьы, амш бзиа иаҩызоуп, уеихыкка уҟанаҵоит. Ҳнапаҿы ианҳаура ҳазыԥшуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

418 views
12•••5•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••828384
НазадСтр. 84 из 84Вперёд