TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват10,174Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 75 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 13 нояб.

"Агәаарагьы ыҟоуп, агәхьаԥссарагьы" Хәаса имхы ҭеигалаанӡа аӡынра ихьӡеит. Аҵаа зысыз аԥҳә арҩеит. Ирху ма иҿасҳәап игәахәын Хәаса, анымҩа ҿаиҳәарц далагеит. Аха излаҵааны иҟаз аԥҳә ҵәиуамызт. Знык иҿеиҳәан иԥҵәеит, ҩынтә иҿеиҳәан иԥҵәеит, анымҩа еилыҩырны икаԥсон. Ас данамыхәаӡа икьарахә ааҭиган, анымҩа ахьышьҭаз агәараҳәа деихсит, иԥсы ишьазшәагьы ибеит. Убри аамҭазы Гаџьа захьӡыз ҽуаҩык дахьааиуаз ари ибон, Хәаса наизҿиҭит: "О, Хәаса! Ус ирласны уабџьар уамыхалан, агәаарагьы ыҟоуп, аха агәхьаԥссарагьы ыҟоуп". 😉 Анатоли Аџьынџьал #аԥсуа_лафқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

708 views

Опубликован 13 нояб.

Ҳашьцәа ашәуаа рымчындыр ҳныҵалап ҭынч. Аҿар асцена иқәԥраауанаҵы, аиҳабацәа гәаартыла асасцәа ирԥылон. Ачеиџьыка змоу иблақәа хтуп. Асовет аамҭазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгаз, знапы ахьы аԥссо Амир Абыџба анапкымҭақәа дрыхцәажәеит, реиҳарак иара ичаԥамҭоуп. Хҩеишьцәа ахьыҟоу рызегь аҟазара рнапы алакуп. Ара иаҳирбаз аҳәа ҟьаҟьа анхараҿы имаҭәахәуп, аԥҳә, амӷ алаурхуеит. Иҳәеит ашәуа ҳәызбақәа зегь рыла аԥсуаа ҳтәқәа ишреиԥшу. Зурида Ачбаҟәа, хылҵшьҭралагьы ҭеиҭԥшлагьы иаҳкәажәу, лыбла лхаччо абаза чысқәа ирыхьӡу, излыху еиҭалҳәон. Лнапы иқәыргыланы иаалгаз афатәқәа иреиуоуп: ашырӡ ҳалуа ҳалы́уа-хылԥа, аныҳәақәа раан иҟарҵоит, ҳаҭы́ӷ — ҳара ҳамгьал аиуа, ҟальта́ма(хворост), бахсы́ма(ахәыӡ иалху арыжәтә цаҳәцаҳәа), иара убас аҭубар, ауасажьы, акәтыжь, ачашә, ауҭраҭыхқәа. Аишәа аҩычон амшра зцу акаканҵла. Аҿыц аамҭазы Лыхнашҭа аныҳәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы, ҳаԥхьаҟа ԥшӡала 40 шықәса ахыҵуеит еиҭахацырку ҳмилаҭ традициа. Аныҳәаҟынтә инеиҵыху анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

772 views

Опубликован 12 нояб.

🍷Ула аԥсы азыршьо асахьаныҟәа. Иахьа Лыхнашҭа ачеиџьыка ду ҟазҵаз, гьамала аныҳәа еиҿызкааз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩажәеи Афон ҿыц ақалақьи, иҭабуп! Абри еиԥш ахҭысқәа идыршаҳаҭуеит: ҳкультуреи, ҳбызшәеи ҳареи ҳаизибархоит, адоуҳа аганахьала тәымк ҳахьынҳаларатәы акы ҳазрыцҳаны ҳаҟам! Ҽаанбзиала шәнеилааит зегьы! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

745 views

Опубликован 12 нояб.

Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа хышхыҵәоит. Аԥсуара аԥсы ҭакны иаазго ҳқыҭақәа рбеиара, рҟазара цәырыргеит иахьа, аҿамаҿа иақәныҳәоит. Ааԥын мышкы иууа ҭагалан мзаны иуԥылоит, игәырӷьачысхааит зегьы! Ԥшӡала иҭазгалаша, ԥшӡала изфаша! 🙏🏻 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

812 views

Опубликован 11 нояб.

Аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылџьџьаауеит быжьҩеишьцәа Самахьхәаа змыхәаз, афырҭын еиԥш иаарылагьежьыз асаӡ Кәыџ Капыта иашәагьы. Ажәлар ишьҭырхыз афырхаҵа ихьӡ зхаршалоу адунеи аҿы зегь раасҭа иласу ԥсаатәзаап (сокол сапсан). Уамашәақәа ианаалон ицәаҩа! Аԥсаа ирхылҿиааз ахатәы хьыӡқәа аԥсшәа иалоуп, иагьмаҷым. Реиҳарак хылҵшьҭрала иаԥсыуа хьыӡқәаҵәҟьоуп, ус анакәха — ижәытәӡоуп. Иахьа акык-ҩбак раамҷыдарахаз ахархәара шрымамгьы, аинтерес рыҵоуп, ҳрыхәаԥшып: АҲӘСА: А́ча (Перепелка) Ӡы́кәыт (Болотная курочка) Кәа́та (Уточка) Кәты́бла (Горошинка) Кәти́а // Кәты́на (Курочка; Куропатка) Ҟәараса́ (Горлица; Лесная Голубка) Хьшьы (Ястребица) Ҵыс // Ҵысна (Птичка) Хьҵыс (Золотая Птичка) Ҳәыҳә, Ҭарҳәы́ҳә (Голубушка) АХАЦӘА: Баӷы́р (Воробей) Капы́т (Сапсан) Уа́рба (Орел) Ҷы́нҷа (Крапивник) Кәат (Селезень) Таԥшь (Неясыть серая) аты́ + аԥшь (букв.: рыжеватая сова) Аԥстәқәеи аҵиаақәеи ирхылҿиааз ахьӡқәа еиҳагьы ирацәоуп, аха урҭ ҽазны. #ахьӡқәа#аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

733 views

Опубликован 11 нояб.

Аҟазара адунеи зырлашоз шәахәацк ацыршәеит. Иуана Шамба, ашьац иаӷрымгылоз ауаҩ қьиа, аԥсуа культура аихаҳа-еиҵаҳара зыԥсҭазаара азызкыз, адоуҳа зцыз аҵарауаҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иуана Сафар-иԥа амилаҭ рҟазара иԥсы алан, инҭырҳәцааны идыруан, ишьа-ида иҭаныҟәон. Еизигеит, ианиҵеит, иагьҭижьит жанрла ибеиоу аԥсуа жәлар рашәақәа (аҭоурыхтә-фырхаҵаратә, аџьатә, аҭацаагаратә, ашәарыцаратә уҳәа). Аԥсуа музыкатә фольклор аҭҵаареи аиқәырхареи шьарда дазааԥсеит. Еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа напхгара риҭон, шықәсырацәала дирижиорс аус иуан, Аԥсуа театр аҟны ансамбль "Уарада" еиҿкааны иман. 2010-тәи ашықәсқәа раан иусқәа иҽырхаршәаланы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иколлегацәеи астудентцәеи ашәаҳәашьа дирҵон, аԥсуа ашәақәа бжьырацәала реицҳәашьа, агармониа аҳашьа. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, акультура аусзуҩцәа рыла еиҿкааз арҟәыҵәа адҵаҟаҵаҩс дыҟан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Аԥсадгьыл даԥхеит абаҩхатәра ҷыда злаз ахаҵа. Ҳрыцџьабоит згәы далсыз зегьы. Анцәа иишаз Анцәа дигоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

684 views

Опубликован 11 нояб.

Раԥхьаӡатәи аԥсуаа раҳҭны-шьха иқәгылоу, акыр шәышықәса заҩызххьоу Аԥсаратәи абаашқәа хәҭа-хәҭала ажьы зҩыда рҟәынҵаны ҩаԥхьа ҳала иабарц ауп аԥсуа хылҵшьҭрақәа иахьа, зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаан. Аурымқәа, аџьамцәа, араԥцәа — шаҟаҩ агәалашәода иԥшьоу ари ашьха, шаҟаҩгьы ршьа алабахьоузеи уа ухьчацәа, ажәытәӡатәи аныхатәарҭа Анаҟәаԥиа? Ахаҳә — адунеи ақәлара асимвол. Иахьа уи аиқәҵара абзиа иатәуп, аԥсуаа ҳаӷәӷәара, ҳалша иатәуп. Рнапала игәырӷьааит аус еиҿызкааз, анагӡара иалахәу, ԥхьаҟа иацызҵаша зегьы! Инасыԥуп аҭоурых агәеисыбжь узырҳауа абри еиԥш ахҭысқәа рылаԥшра, иумырдырӡакәа, иҵаулаӡан џьара зҽыԥхьазкуа цәаныррақәак арҵысуеит... Уарҿыхоит. Ажәабжь аԥхьара>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

704 views

Опубликован 10 нояб.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Баграт Кациа диижьҭеи иахьа 125 ҵуеит (1898 - 1977). Ари ауаҩ 20 шықәса инареиҳаны Аҵара аминистрра аметодистс аус иуит. Уаанӡа Кындыӷтәи ашкол адиректорс дыҟан. Иара иоуп алагарҭатә классқәа рзы раԥхьаӡатәи аԥсуа бызшәа арҵара аметодика аԥызҵаз. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа литературазгьы арҵага шәҟәқәа еиқәиршәон, аурысшәахьтә деиҭагон, арҵаҩцәа аус рыдиулон. ХХ ашәышықәса аҽеиҩшамҭаз Аԥсны ашколқәа рҿы аԥсшәа аҵара азин аныҟамыз, ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьырҳәоз азы рхы иаақәсуа, рнапы ашә иавҵархо ахлымӡаахрақәа зхызгаз аԥсуа школ аиҭашьақәыргылара, адац-ԥашә арӷәӷәара иазааԥсоз дыруаӡәкуп. Хашҭра иқәымзааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

704 views

Опубликован 10 нояб.

Ажәахәмарқәа Аҽы-ццышә рҳәоит, аҳәа ццышә рҳәоит, ирзеиԥшузеи аҩбагь –а́ҵарра(скорость). Аҽы лас, зшьамхы ҵару, ҽы-ццышәуп (быстроногая, резвая лошадь), ахәыц ааиҟәнаршәартә зҿы ҵару аҳәа/аҳәызба цҳафыргьы аус аҿы иласуп – иццышәуп (очень острый меч/нож). Арҭ аҩ-ҿырԥштәык рҿы "аццышә" ҟазшьарбоуп. Егьи абжьааԥны, ианхьыӡҟоу ҵакык ауп ишьҭнахуа –пепел. "Сара сырԥоуп абылра, аццышә иалҵыз. Сара срашьоуп ажәларқәа зегь адунеи аҿы инхауа" (Д. Гәлиа). Абасала, аконтекст зеиԥшроу еиԥш, ари ажәа хԥаны еиҭаҵуеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

726 views

Опубликован 10 нояб.

Акәиц хәыҷуп, аха ианеибаклак ԥсҭак арлашоит. Аҩызцәа, Ахьыуардын зықьҩык инархыҳәҳәо ҳашьҭнахзаап. Бзиала шәаабеит ҿыц иҭалаз зегьы! ✋ Абраҟа аԥсшәеи аԥсуареи ҳрылацәажәоит, ҳҭоурых аҿы акрызҵазкуа ауааи ахҭысқәеи ҳрызхьаԥшуеит, лафқәак ҳҳәоит, ҭаацәашәала ҳаизыҟоуп. Иналаршә-ааларшәны ишәԥылалоит акалам зку ражәа хьыршәыгәқәа, иара ус ауаа ҟәышқәа рхәыцрақәа. Уажәраанӡа ҳазнысхьоу амҩазы иқәыԥшыгоуп хсаалара зуа абарҭ ажәақәа: #ахьӡқәа #аԥсаатәқәа #ажәаԥҟақәа #алирика #асинонимқәа #ажәарыԥхрақәа #ажәахырҿиаара #аԥсуа_лафқәа #ажәа_бзиоуп Аринахыс ҳаимҩалацәаз! Ҳашәцәымӡын. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

776 views

Опубликован 9 нояб.

Ихәыҷымкәа изызҳахьада? Ампыл асра, аҩра, аԥара, аӡсара, аҽырыҩра аелементқәа злоу итрадициатәу аԥсуа спортхкқәа абаҩрҵәырас ибзиоуп адагьы, изызҳауа аҿар ацәаҩа бзиақәа рыларааӡон, аҷкәынцәа арратә зыҟаҵара рырҭон (аилҟьеилӷәыцәра, амч, аласра, алаӡара, агәеилгара).…

890 views

Опубликован 9 нояб.

Ажәытә аԥсуа спорт терминқәа 🏇🏻 Аҵəе́игəыдҵа — бой всадников дротиками Аҵəы́ршəра // Абҵы́ршәра — метание копья Аба́зшьҭыхра — ажәытәан 20 капеи ицоз абаз ахаҭа шьҭырхуан Ҽыҳәҵәы́ла а́исра — бой лошадей на дыбах Аҽы́рҩра — скачки Аҽы́мпыл — конный футбол…

1,920 views
12•••5•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••7374757677•••80•••8384