TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 35 из 84 · 1,004 постов
ҬОУБА ИУАН СЕРГЕИ БАГАԤШЬ Ҭоуба иуан хатәы бызшәала, Сцәа сҭаӡыӡо сцәа сыхԥон. Сыхәра иаҭәҳәон са Сыхәрашәа, "Аԥшалас" сылабжыш арбон. Ижәлар рымаҵ шиуа дӡыхьны, Ишихьчо ҳажәлар рыхьӡ-рыԥша. Ажәа риҭон илахь еиҵыхны, Аԥсны ишахҭниҵо имч-илша. Изыԥшын адунеи адаракәацқәа, Аԥсуа рхнышьнақәа зазон… Ҭоуба иуан — илҵуаз акәицқәа, Иԥсадгьыл акәа иҭанаԥсон. Зны исхалон, ҽазны исхыҵуан, Ҳхьыԥшымра иақәызҵаз рыԥсқәа. Зны сеиҵалон, ршьацқьа сылҵуан, Еихон сцәеижь аҿы рыгәқәа. Ҭоуба иуан хатәы бызшәала, Ацҳа кнаҳаиԥш сҵысҵысуан. Ҭоуба иуамызт баша ажәала, Амца иҽҳәоу рафҵас дӡыҭуан. Ҭоуба зулоз рыхьӡ сазхәыцуан, Агара злырхлоз арагәаԥшь… Аира ҿыц ахьаақәа ҿыцхон – Ҭоуба иуан Сергеи Багаԥшь… Белла Барцыц #алирика Иналукааша аԥсуа политик, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы иахьа 76 шықәса ихыҵуан (1949 - 2011). Ари ажәеинраала ҩуп жәларык ззыԥшыз Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анаиу аамышьҭахь, Сергеи Уасил-иԥа аҩынтә раан атәыла ахадас даналырх, иҭоубашьҭаҵара иазкны. Аҳәынҭқарратә усзуҩ инысымҩеи аҭоурых иаҿахәҳәагоу архивтә фотосахьақәеи шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 4 мар.
Агәабзиара-агәамч ззырҳәо аиуа "Сеилаҳ (Быҭәба) лассы-ласс иҭаалоит аетнографцәа, ажәытә ашәақәеи аҳәамҭақәеи шԥаҳаимҳәари ҳәа агәыӷра рыманы. Амузыкадырыҩ Иван Кортуа исеиҳәон, зны Сеилаҳи иареи иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа, ахәышҭаара иадтәалан еицәажәо ишеидхалаз. Урҭ аҩы ржәуан, абырг Нарҭаа рашәақәа иҳәон – уахьӡаны иузанҵозар. – Сара сшьапы сзықәымгылауа скарахеит, – иҳәеит Кортуа, – Сеилаҳ иакәзар, уи абыржәы иҿы ааиӡәӡәазшәа дыҟан, длахҿыхӡа, дԥышәырччауа". 📚Гьаргь Гәлиа истатиа "Аԥсуа Мафусаилцәа" аҟынтә, аԥсшәахь еиҭеигеит Артур Аншба. ◽️Сеилаҳ Быҭәба Аҭара дынхон, 106 шықәса ниҵит, абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" далан, дшәарыцаҩ ӷәӷәан, дажәабжьҳәаҩ дуун. Дбыргны аӡын анҵаауаз акәара дҭагыланы аӡыхь иқәиҭәалон. Гьаргь Гәлиа данибоз шәышықәса дырҭысхьан, "гыларыла днырҳарамызт, аха ауаҩы каҿ-каҿ замана, ашьеи-ахши еилаҭәо дыҟан" ҳәа азгәеиҭеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 мар.
Ҳмилаҭтә культура аизҳараҿы зышьҭамҭа мҩашьо инзыжьыз, еицырдыруа аԥсуа композитор-ашәаԥҵаҩ Иван Кортуа диижьҭеи 115 шықәса ҵуеит (1910 - 1969). 🟠 Иван Кортуа диит март 4 рзы, Лыхны ақыҭан. Дшыхәыҷыз иааԥшит аҟыбаҩ шилаз. Аҵара иҵон Аҟәа, Москва, Санкт-Петербург, Қарҭ иреиӷьыз аҟазаратә ҵараиурҭақәа рҟны. 🟠 Аҟəатəи амузыкатə техникум деиҳабын; напхгара аиҭон Жәлар рырҿиара аҩны (иахьа ихьӡ ахуп); Аԥсуа театр аҿы алитература аҟəша инапы ианын. 🟠 Иара иоуп еиҿызкааз абыргцәа ретнографиатә гәыԥ "Нарҭаа", анаҩс жәларбжьаратәи аицлабраҿы иаиааины, "Ахьтәы Таташь" зманы иааз. 🟠 Иван Кортуа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду далахәын, Санчара акаҵәараҿы деибашьуан. Аибашьра атемала иаԥиҵеит ашәақәа рацәаны, еицырдыруеит "Санчара", Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа изку ашәа, иара убас афырԥҳәызба Саша Наӡаӡе илзикыз ауазашәа. 🟠 Ианашьан Аеҵәа ҟаԥшь аорден, уи дагьахьчеит аибашьра адәаҿы. Аӷа ихы цаҳәцаҳә шааиуаз аибашьҩы игәы икыдыз убри аорден иақəшəеит, иагькылнажəеит, аха иара ԥырхага имоуит. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы иҵәахуп иԥсҿыхгахаз уи аҳамҭа. 🟠 Иван Кортуа ажəлар рыҿцəажəара бзиа ибон, абыргцəа рҳəамҭақəа дрызҿлымҳан, ианиҵон. Иара инапалагьы, инапхгаралагьы еизгоуп зымҽхак ҭбаау, акрызҵазкуа афольклортә материал бзиа. 🟠 Авторс дызмоу ашәҟәқәа рахьтә: "Аԥсуа жəлар рашəақəеи рҳəамҭақəеи", "Аԥсуа ашəақəеи амузыкатə арҳәагақәеи", "Аԥсуа быргцəа", "Аԥсуа ашәақәа ашколхәыҷқәа рзы" уҳәа иҵегь. 🟠 Акультуреи аҟазареи шьардаӡа ирзааԥсаз амузыкаҭҵааҩы, ашәаԥҵаҩ, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Иван Кортуа иԥсҭазаара далҵит 60 рҿы днаӡаанӡа. Абас зынӡа қәра дук шнимҵызгьы, иҭоурых шәҟәы дуӡӡак ианӡалом. Инысымҩа ԥшӡоуп, иҭбаауп, иҿырԥшыгоуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 мар.
...Ҳа ҳаԥсадгьыл уалнахызар, Аԥсуаа ҳхыбаҩ ҳәа ҳәынҭқарс, Уҵашьыццәа ирҭахымзаргь, Ухьӡ нхоит аҵәҩаншьап арс! Жәлар рыхҿыхгас, реиқәырхагас Уҟан, уҟоуп, уҟалоит – Амҩа илугаз хырҳагас Жәлар ирзылԥхарц са сҳәалоит... Игор Ҵнариаиныҳәаҿа аҟынтә 📆Арӡынба ииубилеи-шықәса ҳҭоуп — диижьҭеи сынтәа 80 шықәса ҵуеит. 1945 шықәсазтәи Аиааира ду дациит рҳәон, нас иаргьы ижәлар Аиааира ду рзааигеит. Макьанагьы дҳалагылазр ҟалон, уаазхәыцыр. Аха ас иҟоу ауаа рцарала дара репоха нҵәаӡом. Шеишықәса. Дыҟан, дыҟоуп, дҟалоит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 мар.
🗡АԤСНЫ ЕИҚӘЗЫРХАЗ Ахақәиҭраз зыԥсы иамеигӡаз, Зыжәлар рыгәҭыха назыгӡаз. Аԥсны ахьышьҭрамҩахь иназгаз, Адунеи иахыҵәо ахьӡ зыргаз! Шьҭарнахыс "Аԥсны!" анырҳәо, Ухаҿсахьа уа иаацәырҵлашт! "Арӡынба!" – ухьӡ анырҳәо, Аԥсны лашо уа иаацәырҵлашт. Инаунагӡахааит! Адунеи шәақәлахааит! Боча Аџьынџьал 📆 Абри аҽны 2010 шықәсазы наунагӡа илацәа еиқәиԥсеитАԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба.Сынтәа 15 шықәсоуп ижәлар дрыԥхеижьҭеи. Ԥсра зқәым аҵарауаҩ, аԥыза, афырхаҵа, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы! Ԥсыуак дыҟанаҵ зыхьӡ камшәо афрауаҩ! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 мар.
🧀АЦҚЬАШӘԤҞАРА Аԥсуаа ақьырсианцәа иахьа "шәыла бысҭала" зыхьӡу аишәаргылара ҟарҵоит, ари амш азы иҵәахыз Ацқьашә ԥырҟоит. Иҳаҩсыз амҽышазы "кәацла бысҭала" ҟарҵеит. Уаҵәы – Хәажәкыроуп, иарала ачгараду иҵалоит. Ишдыру еиԥш, ҳмилаҭ ҷыдарақәа зныԥшуа арҭ ақьабзқәа Мшаԥы ааира иазкуп. Иахьатәи аишәаргылара ашә адагьы иадыргалоит ақашь, ачаџьқәа, ачамчамыта, ахарҵәы-ӡҩа, ацха-ӡҩа, ахышәҭ-мышәҭ. Аҩеиқәаҵәа иахныҳәоит. Ацқьашәеиларҵоит ааԥын, ма аԥхынразы — арахә рыфатә меигӡарахда ианрымоу, реиҳа ахш анрымҵуа, нас жәабран-хәажәкыранӡа иачҳартә идырҩоит. Абра еиҭаҳгәалаҳаршәапаԥсуаа иҟарҵо ашәхкқәа: 🟠А́шәаӡа 🟠А́шәеилаҵа 🟠А́шәырхәа 🟠А́шәырша 🟠Ашәлагәы́н 🟠Ашәчаԥа́н 🟠А́шәхыҷҷа / а́шәҷҷа 🟠Ашәырпыҵы ́/ ашәырҟәыҷы́ 🟠Атазы́ла / аџьыкӡы́рӡшә (ашәаӡа аџьыкахыш ақәырҳәҳәны) 🟠А́шәырҩа 🟠А́шәырҳәы, а́шәчарҳә (сырные колечки) 🟠Ахамси́а / ахмаси́а (ауасахш иалху ашәаӡа) 🟠Ацаргәа́шә 🟠Ачаҩы́р / а́ҳаҭа ршәы / а́шәҵыӷра (бурдючный сыр) 🟠А́цқьашә (ритуальный "чистый" сыр) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
🗳Абжьыҭара акәу абжьыҭира акәу? Аҩбагь иашоуп! "Абжьы́ҭира" семантикала иаанагаӡом "абжьы ахә аҭныхра". Аҭира ажәа аԥсшәаҿы аҵакы рацәа шьҭнахуеит: 1. продавать; 2. отправлять, посылать; 3. предавать. • Сҽы сҭиит — продал лошадь, • Сыбжьы сҭиит — проголосовал, букв.: "отправил свой голос", • Асалам сҭиит — передал привет, • Азҵаара сҭиит — задал вопрос, • Уҩыза думҭиин — непредавай друга, • Аԥсуара умҭиин — не отступай от Апсуара. Убри аҟнытә "абжьыҭира" ажәа ныӡбароушәа ҳацәшәаны ҳбызшәа иалҳамгап, иара бзиоуп ✅ Абжьыҭареи абжьыҭиреи даҽа рсинонимк ҳаҳаит уажә ааигәа ҳџьынџьуаҩ Умиҭ Ашәба иҟынтә: анапҭаԥсара́. Иааналом узҳәом ари ажәагьы, избанзар ҳнапалоуп алхра шыҟаҳҵо, нас инаганы аҭра иҭаҳаршәуеит. "Анапы" ҳамоуп иара убас лабҿабатәи алхратә формақәа ируаку "анапы́шьҭыхра" аҟны. #асинонимқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 28 февр.
✋Ҳазҭоу 2025 шықәса зымшьҭа бзиоу ҭоурыхтә шықәсаны иҟалароуп — Аԥсуа ҳәынҭқарра ԥашәыркуижьҭеи 1245 шықәса ҵуеит сынтәа ицқьаны. Ахьхҿа зхагылаз Аԥсҳа Леуан II 780 шықәсазоуп раԥхьаӡа акәны Аԥсны ахьыԥшымра анрылеиҳәа. Аԥсуа аҳра шьақәдыргылеит збызшәа еибакуаз, ҭарчеик иаҵагылаз абазгаа, аԥсилаа, саныгаа (цаныӷаа), мсымаа, зыхәаа. Ҳара зегь ҳазхылҵыз ҳабдуцәа. Аԥсҳа аҳәынҭқарра ныҟәигон, ишырҳәо еиԥш, ашьхәа иқәмырсӡакәа. Рхыԥша иазирҳаит ҳныхақәа, ҳуахәамақәа. Есааира имчра рӷәӷәо днаскьон мрагыларахь. Зшьапы икыз ақалақь Қәҭешь аҩбатәи иаҳҭынра алихит. Аԥсны аҵакыра ҭбаахеит, "Аԥсны" рыхьӡхеит ажәытәӡа-ажәытә аԥсуа-адыгаа рымцақәа ахьеиқәыз адгьылқәа. Уиижьҭеи ҳбызшәа иалоуп ажәаны "Аԥсынтәыла ҟьаҟьа дуӡӡа", "аҳцәа раҳ Аԥсҳа-ду". Шәҭыкакаҷра аамҭан, афҩы хаа ықәын ҳаԥсадгьыл. Абри зегь алзыршазгьы, раԥхьаӡа иргыланы, лада-ҩада иҟаз ҳажәлар реидгылароуп, раӡәкроуп. Ажәлар рҳақ ыӡуам, иԥсуам. Шьардаамҭа Аԥсынра! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 27 февр.
📰📻📺Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит амассатә информациа ахархәагақәа рымш. Абри аҽны 1919 шықәсазы иҭыҵит раԥхьаӡатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны". Зхатәы бызшәала аҩыреи аҵареи ззышьҭымхыз ажәларқәа абжьаӡра ашәарҭа ианҭагылаз аамҭазы аԥсышәала аҿаца-ҿацаҳәа абжьы геит. Уи аредактор хада Дырмит Гәлиа ицнагаҩцәеи иареи Асовет мчра ҟалаанӡагьы акыр рылшахьан аԥсуа ажәа аиқәырхараҿы. Анаҩс, Аԥсны автономиа анаиу, х-ҳәынҭқарратә бызшәак рыбжьара официалла ишьҭыхын аԥсшәагьы (Ефрем Ешба инапы аҵаҩуп уи ашәҟәы). Аха убригьы рзыҟамҵар ауан, уаанӡа аԥсышәала аҩыра ыҟамызҭгьы, аҵара ыҟамызҭгьы, агазеҭ ыҟамызҭгьы. Абарҭқәа зегьы узеиҟәымҭхо еидҳәалоуп! Убас, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараан апублицистика иалшаз даара ирацәоуп; аибашьраан, уи ашьҭахьгьы амилаҭ телехәаԥшра, арадио, акьыԥхь еицҿакны аинформациатә фронт рыхьчон. Ари зегь зхаҳҳәааз, Аԥсуа журналистика иамоуп ахатә ҟазшьа, ахатә ҭоурых бзиа, абиԥарала иаагоу атрадициақәа. Амилаҭтә журналистика амаҵ азыруан, иахьагьы иазыруеит зыламыс цқьоу, зыжәлар ирыхәара иашьҭоу ауаа. Ажурналист ҿарацәа рааӡоит ззанааҭ здыруа, бзиагьы избо аиҳабацәа. Ҳрыдныҳәалоит зегьы! Иахьа Аԥсны, адунеи зегь аҟнеиԥш, амедиа-хархәагақәа ҿиоит хырхарҭарацәала, еиҵахара рымамкәа. Аха абра иҟоуп угәы еихьызшьуа, хәыҷыкгьы уаазыцәшәаша акы — аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҳажәло иалагеит хьӡы-жәла змам "амцҳәарҭақәа" планы, есааира иаҳбоит ҳара иҳацәтәыму амч ҿыцқәа, анырра ҿыцқәа. Амассатә информациа ахархәагақәа, ҳәарада, амч ду рымоуп, аха ианакәызаалак аҭакԥхықәра ӷәӷәагьы рыдуп. Ажәа ишәаны-изаны иҳәазароуп, ишьақәырӷәӷәазароуп. Ажәа хәахәа аус арбгоит. Аԥсуара – иашаҳәароуп ҳәа ажәаԥҟа ыҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп аԥсуа журналистика ахьӡгашьа хазны, иҳаракны, иҵаҳәарҭаны ишыҟоу иаанхарц, аӡыхәашь амԥангьы имнеирц. Ажәа ахы иақәиҭуп, ахақәиҭра – уи бзиоуп, аха ахақәиҭрагьы ахы аҭатәуп, мамзар аҽуреиԥш ишакәым уканажьыр ҟалоит. "Ажәа аӷәра аҿазароуп" ҳәагьы баша ирымҳәеит. Еиҭахгьы, зегьы рхаҿы иҳаргылап аиаша. Ҳара ҳазыразуп ахаԥыц зҵагылоу, иагьыцҳауа ажәа, аха ҳазыразым аҳәынҵәеиқәҭәара, ҿҭыӡәӡәала ацәажәара. Иҳәатәу ажәа ишахәҭоу иузҳәар, усҟан иаргьы иаҳа амч аиуеит, алҵшәагьы аиуеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 26 февр.
Иҭабуп азҵаара аҭак азҭаз зегьы! Имариамыз џьаҳшьон, аха шәыбжеиҳараҩык аҭак иашаны иҟашәҵеит! Уи гәахәара дууп. 🌳🐐🦮 "Абна иасасуа", хымԥада, ашәарыцаҩ иоуп — зҽазыҟаҵаны инҭыҵуа, абна аҵас иқәныҟәо, абна бызшәа зҳәо (ашәарыцаратә бызшәагьы иароуп). Ашәарыцаҩ "дсасуп", абна анцәахәы диҭоуп, ашәарах рынцәахәы Ажәеиԥшьаа дахьаԥшәымоу даҭоуп. Уи ианаишьо, иԥигало ауп иԥыхьашәогьы. Дманшәалахар, Ажәеиԥшьаа рашәа иҳәоит. Уимоу, ашәарыцацәа-ацыӷшәацәа ҽакала абна́зацәа ҳәагьы ирышьҭан. 🎩 Абрагьгьы еиҳарак хыҵакырҭас абна имоуп, аха ихы ахьыԥхьеикша иҵегь даҽа ҭыԥқәак иԥшаар илшоит, шьоукы рыҩны дырҵәахыр ҟалоит, аамҭала даҽа тәылак ахь иҽигар ҟалоит, ихықәкы зеиԥшроу еиԥш. Абрагь акраамҭа абна дылымҵӡаргьы, "дсасуп" узҳәом: иҭагылазаашьа еиҵаӷәӷәоуп, ишьҭа ирӡлароуп, хымҭак ахьыбжьоу ашәарах ааиԥыларгьы ишиҭаху дызхысуам (ираҳауеит), насгьы абрагь шамаха ԥҟарак, закәанк дықәныҟәом, ажәакала, дыбналаҩуп. "Абрагь" ажәа ахаҭа ԥсышәаӡам, ауаԥс бызшәаҟынтә иаланагалеит анкьаӡа зны (abræg — скиталец, разбойник), Кавказ жәларқәа еицырзеиԥшуп. Аинтерес зҵоу азгәаҭа: "абна́лара" (совершить побег) ҵакылаҵәҟьа еиҭоугозар — "податься в лес" ҳәа ицәажәоит . Иаҿшәырԥш ажәа "аҩна́лара" (зайти в дом//помещение). Аха ҳаамҭазгьы ибнало зегьы абна иасуам 🤓 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 26 февр.
Опубликован 25 февр.
Ахәыҷы илкашәаз иааикәыршоу адунеи гәникылоит еихсыӷьрада ииаҳауа хатәы бызшәала. Абызшәа шиҵо ишьҭикаауеит ажәақәа рҵакы иашақәа реиԥш, еиҭарсу рҵакқәагьы. Аха иҟоуп зҵакы еиҭарс ҳа ҳҟынӡа имааз ҿырԥштәқәак, иаҳҳәап: А́ШЬҬЫҴРА. Асы азы "ишьҭыҵуеит" ҳҳәоит, ацәқәырԥазы "ишьҭыҵуеит" ҳҳәоит, ауаҩы игәы шьҭыҵуеит (воодушевлен), ихьӡ шьҭыҵуеит (прославлен). Адиаспораҿы "ишьҭыҵуеит" рҳәоит ауаа зықәныҟәоз аҵас-қьабз, ма ҟазшьақәак аниасуа азыҳәангьы. Ажәа ари аҵакала ахархәара амоуп абыргцәа ражәаҳәаҿы: "Хәыҷы-хәыҷ урҭқәа шьҭыҵуа иалагеит" (постепенно отходят эти обычаи). Ҳгәанала, ари жәытә ҳәашьоуп — ажәабжьҳәаҩ иаԥсшәа бзиоуп, аха иҟалоит иара ицәажәашьатә ҷыдара акәзаргьы. (Аҿырԥштәы ааҳгоит ашәҟәы "Ҭырқәтәыла иҟоу абзыԥқәа рҳәамҭақәа" аҟынтә, ад. 28; аиқәыршәаҩцәа Алина Ачԥҳа, Фатима Лакрԥҳа, Аҟәа - 2021). • Асы шьҭан, аха ишьҭыҵит ✅ • Аҵас ҳаман, аха ишьҭыҵит ✅ = ииасит, ицеит, имҩасит. Ишԥасахьарку ҳбызшәа, шаҟагьы алшозеи! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа