TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват4,901Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 5 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 19 мар.

Аԥшӡақәа, аӷәӷәақәа, агәыразқәа Аԥсны Убас еиԥш иҟан рҳәеит анкьаӡа зны. Ахара иԥшуан, рҳәеит, ассирқәа рбон, Урҭ адоуҳа ҳәа мыч дук агәра ргон. Аламала ихьаҵуамызт урҭ зынӡагьы, Ахаҵара ҳаҭыр ду рзақәын зегьы. Дара абарҭ аӷәӷәақәа дрылан аӡәы, Ахаҵара згәаҳәауа иаԥылоз уаҵәы. Аҟыбаҩ ҳәа илаз зынӡа иаҽакын, Зегьы-зегьы убри азын ихьӡ рҿакын. Уа нанамгагь-беиагь иршьоз ҭынхас, Аџьнышқәа дышьҭырхит ус иара ӷас. Аха дшышәарыцо абна агәҭаны, Иаӷацәа даарбар — ицон ишәаны. Убас акәын ишыҟаз уи ихыԥша, Дшәарыцо ахрагьы даҿан есымша. ✍🏻Микаель Ҷкату ибаллада "Ашәарыцаҩ Лашькьындар" ацыԥҵәаха, аԥсшәахь еиҭеигеит Платон Бебиа. Ари аҩымҭа шьаҭас иамоуп Лашькьындар-ныха шыҟалаз азы ажәлар рҳәамҭа. Абчараҳ Лашькьындар — уаҩ дызмыхәоз фырхаҵан, аха зны дшыцәаз аџьнышқәа даагәарҭан, дԥахны атыша бааԥс дарҭеит. Имаҵуар лақәа дрыԥшаан, жәаха-жәымш ихымҵӡакәа, ихәрақәа рбзо мацара иԥсы ааргеит. Ашәарыцаҩ абас данеиқәха, зҿаҳәатәы наӡо уаҩ дырны дҟалеит. Ашьха — ԥшьаҭыԥхеит. Иажәеинраалоу алегенда шеибгоу шәаԥхьар шәылшоит Пл. Бебиа иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

360 views

Опубликован 18 мар.

🐱 Аҩнатә ԥстәқәа ирызку анҵамҭақәа ирыцҵауа: ▫️"Иҵыхәа шәаны иаларҵазшәа даԥырҵуам" Абас рҳәоит ауаҩы ҭыԥк данадхало, ҽаџьара иаҳа изеиӷьзаргьы, данзымцо. Ари аллегориоуп, ажәаԥҟа зхылҿиааз ацгәоуп. Ацгәы-уаара ахьышьҭра иқәымларц азы аҵыхәа шәаны (хәыцқәак алхны) ахыбра иаларҵон. Ус аныҟарҵалак, уи аҭыԥ иаԥырҵӡомызт, нас-нас иахьынтәаазгьы ахашҭуан, аҩн ҿыц иашьцылон 🐈 ▫️"Ацгәы акраноуҭо абла хҩаны иафоит еиԥш" Аԥсуаа рмифологиатә хәыцшьа зныԥшуа ажәаԥҟа. Алагьы ацыгәгьы ауаҩы ила рыԥсы ҭоуп. Аха ацгәы гызмалуп, сыла ишабоз аԥшәма крысҿеимҵацт аҳәоит. Ала агәы шаҭаӡа, абла ҳалалӡа иуҿаԥшуа крафозар, ацгәы ахәы аноуҭо, алақәа хҩаноуп ишафо. Аԥшәма гәыкала изыҟам, данԥслак инарцәы-цҳа ахәша ықәнашьуеит ацгәы, ала абз џьаџьаӡа иарбзоит, иарыцқьоит, ацҳаҵәры дықәнагоит. Алақәа ирызку ажәаԥҟақәа ааҳгахьан хыхь, ацыгәқәа ирызкугьы ԥыҭк ыҟоуп: • Алым аҭыҩрахь ацгәы неиуам. • Ацгәы ааха иагаӡом. • Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит. • Ацгəы ахьыҟам аҳəынаԥқəа қаҷкуеит. • Ацгәы хәмаруан, аҳәынаԥ ԥсуан. • Ацгəы икьиуа аҳəынаԥ азкӡом. • Ацгәы икьиуа аҵкьыс имкьиуа еицәоуп. • Ацгәы ччиа аҳәынаԥ анакы адобмеи акызшәа аԥхьаӡон. • Ацгәы аԥсыӡ акыр аҭахын, аха ашьапы бааӡар ҳәа ишәон. • Ацгәы абжьас саҟарахоит ҳәа ишаҿыз иԥжәеит. • Ацгәы ахәарҭа ианызҭамла, иахьа хәашоуп аҳәон. • Ацгәы "саргьы алымқәа сырхылҵшьҭроуп" аҳәозаап. #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

355 views

Опубликован 16 мар.

Афырхы́ – ҩ-ҿык змоу ахҿа, зҿаҭахьа назмыгӡаз иқәшәоит ҳәа иԥхьаӡан (карающая стрела). Иабаҳԥыло? Актәи афото аҟны ижәбо Аԥсны абанк иҭнажьыз араӡны ԥсар иану асахьоуп: Елыр-ныха, ацә, афырхы. Иҭыҵит 2010 шықәсазы, асахьаҭыхҩы – Баҭал Џьапуа. Ишдыру еиԥш…

356 views

Опубликован 16 мар.

Ргәаҵа кылжәа Ҳҵеицәа нықәион адәаҿы, Аӷа илымҳаҿ инаганы ражәа. Ан дзықәгылаз ашьац абылра иаҿын, Ҳашьха дуқәа ирықәыҩуан хәрашәак... Терент Ҷаниа 📆 Шьеи-лаӷырӡылеи иӡрыжәу Марттәи ажәылара сынтәа 33 шықәса ахыҵит. Аԥсуа ифырхаҵара ҩаԥхьа илабҿабазтәыз, аҵыхәтәанынӡа дышхьамҵуа аазырԥшыз амшқәа, "Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп" ажәаԥҟа зыршаҳаҭыз. Рыԥсы ҭынчзааит Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз ахьӡкамшәақәа 🙏🏻 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

383 views

Опубликован 15 мар.

Иахьа 115 шықәса ҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Иасон Ҷоҷуа диижьҭеи (1911 - 1999). Аԥсуа театр аҭоурых аҟны зышьҭамҭа лашаӡа инхаз актиор, адраматург, аиҭагаҩ. Иԥсҭазаара зегьы атеатр иадҳәалан, уи ашьақәгылара иалахәыз, акорифеицәа ҳәа ззырҳәо раԥхьаӡатәи абиԥарахь даҵанакуеит. Аԥсуа литература зааӡа иаҵагылаз ҳашәҟәыҩҩцәа аханатә адрама ажанр шгәыгәҭармыжьуазгьы (асцена збаз апиесақәа рыҩуан Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Ӡаӡ Дарсалиа), атеатр арепертуар наӡа шьақәгыларц азы иаҭахын адунеитә классика аԥҵамҭақәа рықәыргыларагьы. Абраҟа иааԥшит Иасон Ҷоҷуа илаз алитературатә баҩхатәра дуӡӡа. Актиорра инаваргыланы аиҭагара напы аиркит. Иааџьоушьаратәы исахьаркны, игәылыршәаӡаны еиҭеигеит Шекспир, Шиллер, Софокл уҳәа реиԥш иҟоу авторцәа ԥсра зқәым рырҿиамҭақәа. Аԥсуа хәаԥшҩы изы ахьхьаҳәа аԥсышәала ицәажәеит Отелло, Гамлет, Аҳ Едип, Медеиа, Мари Стиуарт рыхҭысқәа. Иасон Ҷоҷуа еҭеигон апрозагьы. Иара иџьабаа аҭыԥ ҷыда аанакылоит Аԥсуа театр иацызҳауаз ҳмилаҭтә драматургиа аҿиараҿы, алитературатә бызшәа алшарақәа реизҳараҿы. Иасон Ҷоҷуа Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаарагь далахәын, изныкымкәа Аҟәа ақалақьтә хеилак адепутатс далырххьан. Хашҭра иқәмыз аԥсуа культура амаҵ азызуаз, зааԥсара рацәоу, зыхьӡ ырӡтәым ауаҩы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

434 views

Опубликован 14 мар.

Алитературатә ԥсҭазааразы акырзҵазкуа, хшыҩзышьҭра зҭатәу аицәажәара мҩаԥысит иацы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны, Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ирҿиаратә ҭынха иакзкны, иара иирамш аламҭалазы. Аиԥылара иалахәын ашәҟәыҩҩцәа Денис Чачхалиа, Даур Наҷҟьебиа, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи адиректор Светлана Қәарсаииаԥҳа, алитератураҭҵааҩ Виачеслав Бигәаа. Амҩаԥгаҩцәа — Елеонора Кәаӷәаниаԥҳаи Инал Лазбеи. Аклассик ихьӡала ицәажәаз зегьы, ражәа акы узалмыршәо, ихымԥадатәу ауснагӡатәқәа рыӡбахә рҳәеит, ргәаанагарақәа еимырдеит. Аԥсуа культура иазҿлымҳау, иазааԥсо зегьы ирзаԥсоуп ахәаԥшра. Ҽԥыхәшәс — иааркьаҿӡоу лкаақәак: Денис Чачхалиа: ▫️Алықьса Гогәуа ицәырҵра — аԥсуа культура, аԥсуа доуҳара иатәуп. Уи ипроза ацхеиԥш ижәпаҳаҳараӡа иҟоуп. ▫️Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы аԥсуаа ҳзинқәа шихьчоз иреиӷьу иҩымҭақәа ирываргыланы иҟауҵаша усуп. Убарҭ иқәгыларақәа рҟны ишәҟәыҩртә баҩхатәреи ажәлар рхьааи убасҟак елаҵәаны, иԥшӡаны иааԥшит, ари ауаа рахь иаарласны ицәыргатәуп. Даур Наҷҟьебиа: ▫️Алықьса Гогәуа ибызшәа ажәар еиқәыршәатәуп. Иааиҩхьоу зегьы еиҭаҭыжьтәуп, иқәгыларақәагьы налаҵаны. ▫️Ҳаклассикцәа, Шьынқәба, Гогәуа реиԥш иҟоу, хықәкыла дара рырҿиамҭақәеи рнысымҩеи ҭызҵаауа аҵарауаа ҟалароуп. Аӡәы иҭҵаара аӡәы даԥсоуп. Уи уԥсҭазаара ақәуҵароуп. Виачеслав Бигәаа: ▫️Алықьса Гогәуа уимыԥхьар ҟалаӡом. Уаԥхьацԥхьаӡа аҿыц уанаҳәоит, уаԥхьацԥхьаӡа маӡақәак цәырҵуеит. Убарҭ амаӡақәа зегьы асахьаркыратә ажәа азҟазара дуӡӡа иабзоуроуп. Урҭ реилкаара азыҳәан аамҭа рацәаӡангьы иаҭахуп, адырра рацәангьы иаҭахуп. Гогәуа даартлатәуп. Светлана Қәарсаииаԥҳа: ▫️ Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ҳаамҭазтәи аԥсуа литература ацәыргақәҵатә зал аиҿкаара хықәкыс иҟоуп, уаҟа Алықьса Гогәуа ирҿиара иалкаау аҭыԥ азыԥшаахоит. Авидео шеибгоу шәахәаԥшыр шәылшоит абра>> 📆 Хәажәкыра 15 рзы диит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, иналукааша апрозаик Алықьса Гогәуа, Ахьӡ-Аԥша аорден I аҩаӡара занашьоу. Иԥсы ҭазҭгьы сынтәа 94 шықәса ихыҵрын. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

426 views

Опубликован 13 мар.

XIX ашәышықәса азбжазы аԥсуа ҭаацәара ду ргәараҭа 10-15 мҳара рҟынӡа ҭагылазар ауан! Уа иҟан аҭацамҳарақәеи хаҵа ицараны иҟаз аҩнаҭа аӡӷабцәа ирызкызи. Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы "Абхазы" иагәылоуп абри асахьа, иҭоурыхуп, зылала избаз аныҟәаҩ иажәақәа хыҵхырҭас иааигоит (ад. 459). Ауаа хатә џьабаала рхәы анаадрыхуаз анапырацәа нырхаган, ԥсҭакыган. Ахәыҷырацәа рааӡон, даргьы еибааӡон. Аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы адунеи шьаҭанкыла аҽаԥсахит, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицеит. Иахьа азанааҭ змоу ауаҩы дхыкәкәааха дажәаанӡа ихала мацарагьы ихы ныҟәигоит, ус иҭаххар. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп — абзазара еиӷьхеит, аира иагхо иалагеит. Хара ицатәым, ХХ ашәышықәса иаҿырԥшны уахәаԥшыргьы. Ас ахьыҟалаз ҳара ҳҿы мацара акәым, аха ҳара ҳаиԥш иҟоу ажәлар маҷқәа ирныԥшуеит иаразнакы. Апрогресс зегь армариеит ауаҩ иааӡара ада. Адемографиа азҵаара цыхцыхуа иҟалеижьҭеи крааҵуеит Аԥсны. Ҳабацәа, урҭ рабацәа ирхьаан ари аҭагылазаашьа, еиҳарак амҳаџьыррақәа рышьҭахь, ҳмаҷра иахҟьоз амчымхарақәа анеиқәыла. Уи аԥхьагьы, наџьнатә аахысгьы идыруп амч ҟазҵо ажәҩахыр шакәу. Ҭоурыхла аибашьрақәа ирыӡрыжәхьоу аԥсуаа рдунеихәаԥшышьа иагәҭылсоуп ари адырра. Мамзар ирҳәомызт: "Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан", "Зыҵәҩаншьап ыӡыз ишә аиркит", "Хшаа дызмоукәа иԥсыз баша дыԥсит (дыԥсӡеит)" уҳәа реиԥш иҟоу ажәаԥҟа џьбарақәа... Аныҳәаԥхьыӡқәеи ашәирақәеи реиҳарак зызкугьы ажәла-ашьҭра-ахәышҭаарамца роуп. Ари машәырны иҟамлаӡеит. Уааԥсырала аиҵыҵра ауп аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи аӷьауӷьацареи зхьыԥшу иахьа, аԥхьаӡа иргыланы. Арепатриациа зда ԥсыхәа ыҟам ауп. Уи инаваргыланы, ҳаира еиҳахароуп ҳаԥсра аҵкьыс. Аҭаацәара аԥызҵо рхыԥхьаӡара кырынтә еиҳахароуп азаҵәра зхы анызшьало раҵкьыс. Сынтәа, Жана Ачба ииубилеи шықәса ҳҭоуп аҟынтә, ҩаԥхьа ҳазхьаԥшып ирҿиара. Ашәаҳәаҩ исатира цҳафыр изавсуамызт рыҩны-рыдәны ыҟаны баша зҽызражәуаз ахацәа. Ҭауади-аамсҭеи ирхылҵшьҭраз иуак изы абас иҳәахьан: "Абажәҵәҟьа ахькажьу қапихәаш арҳауеит, уара аӡәгьы думырҳаит". Игәыԥжәагоу аҽԥныҳәа. Аҳәызба аҭыԥ еималоит, ажәа аҭыԥ еималом ҳәа, абас дахьыҟаз азы акәын аҭауадцәа иашәа ԥырҵәарц изашьҭаз. Алашә рыцҳа ишьраҵәҟьа рхы ирзаҭәашьомызт, аха аамҭала Аԥсны далганы дырҵәаххьан иашьцәа. Зегь акоуп, ибжьы рзымхәаҽит, анхаҩыжәлар бзиа деицырбон Жана, аиашақәа ахьиҳәоз азы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

401 views

Опубликован 12 мар.

Ашәа "Исхароузеи" анаԥҵази иахьеи рыбжьара 55 шықәса ҵуеит. Игҿаханы ианыҟаз ҳәа аамҭак ыҟамызт, ирҳәон, ирҳәоит иахьагьы-уаҵәгьы, ааԥынреиԥш еснагь иҿыцуп. Ажәақәа — Кьыршьал Чачхалиа, амузыка — Руслан Агәмаа. Иналыгӡоит Хьыбла Гьерзмаа. Ари ашәа акомпозитор раԥхьаӡатәи иаԥҵамҭақәа иреиоуп, ирҿиараҿы зегьы ирыликаауеит, лымкаала бзиа ибоит. "Уи еицәам ашәақәагьы сымоуп, аха изҳәоз дҟамлаӡеит, ус иаанхеит. Ашәагьы аҭыԥҳа илҩызоуп: иҟоуп насыԥ змоу, иҟоуп насыԥ змам. Насыԥ змоу ашәа анаԥуҵалак, инақәырццакны иара зҳәо данаацәырҵлак, иара иоума, лара лоума, ианрыдугала, ашәа аҟазшьеи дареи еинааланы ианыҟало, иааманшәаланы ашәа ԥыруеит", — Руслан Агәмаа>> Авидео: Аԥсны акультура аминистрра, 2020 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

417 views

Опубликован 12 мар.

Аԥсны Жәлар рартист Руслан Агәмаа 80 шықәса ихыҵит иахьа. Аԥсуа культура иагәҭылсоу, зырҿиара еицырдыруа ашәаԥҵаҩ диит Дәрыԥшь ақыҭан, Хынтрыгә Агәмаа иҩнаҭаҿы. Аҭаацәараҿы зегьы аҟазара рылан, аб аԥхьарца аирҳәон, ашәақәеи ахьӡыртәрақәеи ациҳәон. Аԥсуашәа зыцгарҵыз Руслан Агәмаагьы дшыхәыҷыз ибаҩхатәра ааԥшит. 1961 шықәсазы, быжь-класск дрылганы, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа дҭалоит, дыстудентын еиуеиԥшым аколлективқәа рзы раԥхьатәи ашәақәа аниҩуаз. Аԥсыԥтә арҳәагақәа рыҟәша далганы, ҿыц аҵара дҭалоит — Леонид Чепелиански напхгара зиҭоз атеориа-композитортә ҟәшахьы. Абри аамҭазы иит ажәлар наунагӡа бзиа еицырбаз, ишьҭырхыз ашәақәа: "Иарҳәа, иарҳәа, сылашара" (ажәақәа — Мушьни Лашәриа, раԥхьаӡа иназыгӡаз — Ардашьыл Аҩӡба); "Исхароузеи" (ажәақәа — Кьыршьал Чачхалиа, раԥхьаӡа иназыгӡаз — Виолетта Маан); "Раида" (ажәақәа — Таиф Аџьба, иназыгӡаз — "Аԥсны-67"). Агәыԥ "Аԥсны-67" ахьӡ азҭазгьы иара иоуп, уи ахьӡ-аԥша арҳартә иахьыҟалаз иара илагала рацәоуп. Ихатәы аԥҵамҭақәа инарываргыланы, Руслан Агәмаа аус рыдулан ҿыц аԥсы рхеиҵеит ажәлар рашәақәа "Гәдиса", "Азамаҭ", аестрадатә ашәақәа "Шьышь-нани" (Иван Лакрба / Баграт Шьынқәба), "Кәафҭа шкәакәа" (Алықьса Чычба / Баграт Шьынқәба), "Бааи, бааи сылашара" (ажә. Терент Ҷаниа) уҳәа егьырҭ, иахьа ишаадыруа иара инапы ишыҵыҵыз алоуп. Иааԥсара ыҟоуп аҵара-ааӡара аус аҟны. 1980 ашықәсқәа рзы Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы аҵаҩцәа рышәаҳәаратә гәыԥ еиҿикааит, аибашьра иалагаанӡа иҟан. 2015 шықәсазы Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ аҟынгьы ахәыҷтәы ансамбль аԥиҵеит, ареспубликатә еицлабрақәа рҿы изныкымкәа аԥхьахәқәа згахьаз. Иара уи аамҭазы Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. Руслан Агәмаа ҩыџьа иҷкәынцәа Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Леон зыхьӡыз ԥхынҷкәын мзазы дҭахеит, Асҭамыр — аиааира анааигәаӡахаз, цәыббрамзазы. Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәыуан рҳәоит аԥсуаа. Абас данақәшәа аамышьҭахь, зҭәымҭа-шәымҭа иҭагылаз акомпозитор аа-шықәса арҿиара дазыхынҳәуа дыҟамызт. Аха нас, зегь акоуп, ихьаақәа дыриааины ҿыц иус напы аиркит. Руслан Агәмаа ибаҩхатәра даара ҳаҭыр ақәиҵон Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, уи иеиԥш апоезиа зныруа, ажәеинраала иаҵоу амелодиа заҳауа дыҟаӡам иҳәалон. Дара реиҩызареи рырҿиаратә усеицуреи иахылҿиааит ашәа ԥшӡақәа рацәаны, урҭ рахьтә иҿыцӡоуп — "Гәдоуҭа агимн". Аԥсуа поетцәа аӡәырҩы ражәеинраалақәа ашәеитәит Агәмаа, урҭ рахьтә Б. Шьынқәба, Т. Аџьба, Кә. Ламиа, Ҷ. Џьонуа, Р. Џьапуа, Иу. Ԥкьын, Вл. Ахьиба, Т. Ҷаниа, Гь. Гәыблиа, Гә. Сақаниа, З. Тҳаиҵыкә уҳәа егьырҭ. Еицырдыруа иашәақәа иреиуоуп "Ацәа салнахит Радеда" (Иу. Ԥкьын), "Ан лгәы" (С. Аӡынба), "Иаамҭахеит ҭагалан" (Вл. Ахьиба), "Аҽыҩҷкәын" (Р. Смыр), иара убас ахәыҷқәа рзы ашәақәа. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихҵан 2013 шықәсазы, Жәлар рартист — 2016 рзы. Агәабзиара, ақәранҵыра ду изеиӷьаҳшьоит, дагымзааит Аԥсынра! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

436 views

Опубликован 11 мар.

☀️АМШ ИАНАЦЛО Игәыҭгагоу, илахҿыху Сара исымоуп аамҭакы, – Са сгәы ҿыхоит, са сгәы сыхоит Амш ианацло есқьынгьы. Ашьыжь заа амра гылоит, Иҭашәом уаанӡеиԥш лассы, Амш иҿыцу заа исԥылоит, Заа сҿыхоит шарԥазы. Избоит – алашьцара хьаҵуеит, Амш ду саԥхьаҟа исзыԥшуп. Аҵх инагхаз – амш инацлоит, Аҵх инагхаз – сара истәуп. Шьҭа срыхьӡап уаанӡа сызхьымӡаз, Аҵх иацәызгап иагахьоу Амра шкыду сцап сахьзымцоз, Ҩаԥхьа исыргьежьп ицахьоу. Игәыҭгагоу, илахҿыху Сара исымоуп аамҭакы, – Са сгәы ҿыхоит, са сгәы сыхоит Амш ианацло есқьынгьы. ✍🏻Таиф Аџьба Диижьҭеи иахьа 87 шықәса ҵуеит. Зирамш ыҟоу, зыԥсрамш ыҟам Апоет. #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

441 views

Опубликован 8 мар.

🔸Аԥҳәыс, ан — ажәытәи аҿатәи еимаздо, цҳас ирыбжьоу лоуп ҳәа лыԥхьаӡоитАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа афакультетбжьаратә кафедра арҵаҩы Асҭанда Гыцԥҳа. Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш — Март 8 аҽны лара арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит, ҳаамҭазы аԥсуа ԥҳәыс атрадициақәа реиқәырхараҿы лылшарақәа зеиԥшроу. "Аԥҳәыс лмиссиа даара иҳаракуп, иԥшьоуп. Ахәышҭаара аҵакы ацәыӡуазшәа збоит иахьа, избан акәзар, аҭаацәаратә традициақәа раԥҵара ус имариам. Аԥҳәыс, ан ажәытәи аҿатәи цҳас ирыбжьоу, еимаздо лоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Аамҭа аҽаԥсахуеит, уи ахатә ҿыцрақәа аланагалоит, аха атрадициақәа еиқәырхатәуп ҳәа сыԥхьаӡоит", — лҳәеит лара. Аԥсуа ԥҳәыс лџьабаа еснагь иӷәӷәоуп ҳәа азгәалҭеит Гыцԥҳа. Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы. #social

468 views

Hashtags

Опубликован 8 мар.

"Аԥсуа иуаҩра аԥҳәыс дабжакуп"ҳәа зхырҳәауаа ажәытә ажәабжьк: 🤩 "Цдәаа рҭаца" Цдәаа абык ихшаз аишьцәа ҩыџьа ыҟан, дара ҭаацәаран, рыхшарагь ыҟан. Ианыҷкәынцәаз инаркны бзиа еибабон, рҳәоу еиқәшәон, аимак-аиҿак рымаӡамызт. Анаҩс еиҿыҵит, аиҵбы агәара дынҭыҵын, ааигәа аҭыӡҭыԥ ылхны, уа анхамҩа ашьапы икит. Ртәы-рымаа изҭахыз ауаа ақәыршәан иршеит. Убасҟан ҩ-шьапык ажьҵлақәа аиҳабы иахь иахьаҵанакыз аиҵбы дазыразымхеит. Убри еимактәны ирыбжьахан, аишьцәа ишакәымыз рыгәқәа еихшәеит. Аичырчацәагьы ацәгьаҳәацәагьы уа ирыбжьанагалеит. Араҟа еиҳа аара зыдхалаз аиҵбы иакәхеит. Аӡәгьы дизымӡырҩуа илеишәа ирцәгьаӡеит, аисра-аиқәԥарахь диасит... Аиҵбы иԥҳәыс — Ацдәаа рҭаца Шьаиза лхаҵа дызҿыз, иҟаиҵақәаз лҭахымызт, ԥсрак-ӡрак реиԥш илԥхьаӡауан. Лара ԥҳәыс ҟәышк, акрыздыруаз аӡә лакәын, лхаҵеи лабхәындеи реинраалара акәын илҭахыз, дымшәаӡакәа лхаҵа аҽԥныҳәагьы илҭахьан: "Уара мцахәыцәа, аҽа зшьыз иашьа ида ҭынха димоуит ҳәа, ма сара, ма уара аӡәы ҳаԥсыр, уашьа дулуххьеит, нас анышә ҳазҭода, ҳаиҿызкаауада?" — ҳәа иалҳәеит Шьаиза. Убас ахьылҳәоз дахырҟьаны иԥҳәыс ишакәымыз лгәы даиргахьан, лыҩны ддәылҵны мызкы лабраа рҿы илхылгеит. Аишьцәа ас реилыӡаара аахыс ԥшьышықәса ҵхьан. Хкаарачан абжьаҳәы́мҭаз акәын, ажьҭаареи аҩыҟаҵареи иаԥскымҭан ианыҟаз. Шьыжьымҭанк аиашьа аиҵбы икалаҭ, имҵәышә, ашаха еидкыланы, иԥҳәыс ишылымуазгьы, мчыла иаԥхьа днаргыланы, иашьа еиҳабы иахьитәыз, аҩнаҭа иахьазааигәаз ажь зҿаз аҵла длықәлан, аҭаара далагеит цасҳәа, иашьеиҳаб игәы ԥызжәап, акы исырҳәап ҳәа. Имҵәышә рҭәны алашьҭра даҿын, иԥҳәыс иаҵылгон. Аиашьа еиҳабы зегь ибоит, аха "ҟыт" ҳәа ауҿиҭхуаз. Калаҭк аҟара ажь иҭаахьаны еиԥш аҵықьҳәа деимсеит аҵла ақәцәа иқәтәаз. "Хаир умбааит, хыла улеиааит, умшақә ахә алҳаргааит", — ҳәа дҟәынд-ҟәындуа лхаҵа ишәира даҿын Шьаиза. — Бзацәажәода бара уа, баҩысҭаацәа роума? — дҵааит иара аҵла ахыхьынтә. — Уара мыжда, агәымбыл, иумаҳаӡеи? Уанеимса уеиҳабы аҩнынтә "Хаир абзиара уанаҳәааит, амашәыр алԥха умазааит, иуҭаауа ажь иалухуа аҩы ԥшӡала иужәлааит" ҳәа уиныҳәеит. Сара убри иныҳәашьа сгәы иахәаны иареи уареи аишьцәа аринахыс шәеиԥымхааит, шәеибабара ԥаса еиԥш иҟалааит ҳәа сааҟәынд-ҟәындит ауп, — лҳәеит Шьаиза. — Ииашаҵәҟьаны убас иҳәама, дсықәныҳәама санеимса, аиаша ҳәа бара?! — дааӷьаҵәы-ӷьаҵәит хыхь дахьықәтәаз аиҵбы. — Ааи, уара, ажәжәаҳәа ажь ахьуҭаауаз иумаҳаит акәымзар, убас ишуасҳәаз еиԥшҵәҟьа уиныҳәеит уашьа, сыгәра угозар, — лҳәеит Шьаиза. — Ҟыҳ! — иҳәан, имҵәышә лоуижьын, агәараҳәа илкаҳаит. иаргьы ажәжәаҳәа дылҭалан, аҵла длалбааит. Дааиҵамхаӡакәа иҿынеихан, иашьеиҳаб дахьыҟаз ауаҭах длыҩналан: "Зда дсымаӡам сашьа, угәы нсырхеит, сара исхароуп, авба сара исымазааит, уааи схы уас, сгәы уас, аринахыс угәы нсырхараны сыҟаӡам!" — иҳәан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа, аҵәыуара дакуа иашьа игәыдкылара даҿын. Шьаизагьы дгәырӷьаҵәа лнапқәа ыргьежьуа лабхәында игәыдкылара дшаҿыз, аҵәыуара дналагеит. Абасала аԥҳәыс ҟәыш, аԥҳәыс гәыраз маанала лхаҵеи лабхәындеи еинылраалеит наӡаӡа. ✍🏻 Кәыҷа Лакрба ▫️Ари ажәабжь иагәылоу ажәаԥҟа "Аҽа зшьыз иашьа ида ҭынха димоуит" ахьынтәаауагьы иҟаҵәҟьаз ҭоурыхуп, уи шьаҭас иҟаҵаны Миха Лакрба иаԥиҵеит еицырдыруа иновеллақәа руакы — "Ашьабсҭа зшьыз"; аурысшәахь еиҭаганы аԥхьаҩцәа ирылаҵәаз ашәҟәы ус хьӡыс иагьаман: "Тот, кто убил лань"(1982). 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

424 views
1234567•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384