TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват9,260Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 48 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 15 сент.

Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, археолог нага, кавказҭҵааҩы Гьаргь Шамба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа. Диит иара 1934 шықәса цәыббра 15 рзы Абӷархықә ақыҭан. Академик, апрофессор, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Аԥсны ажәытәӡатәи аҭоурых аҭҵаараҿы илагала шьардоуп. Раԥхьатәи аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь ишьҭра дхыланы, Аԥсны ахы-аҵыхәа, геи-шьхеи ижыга ныҵаҵо, акыр аџьабаа ибеит ихьшәоу антикатәи аамҭазы ҳадгьыл иалакҭаз, ауааԥсыра ирыԥсҭазаашьаз аарԥшраҿы. Гьаргь Шамба аамҭала аус иуан Аҟәа, Пицунда амузеиқәа рҟны, хаҭала аҭҵаарадырра иалеигалаз аԥшаахқәа рацәоуп. Иус дазҟазан, ихы-игәы зегь азышьҭны иҭиҵаауан археологиатә баҟақәа, лымкаалагьы Гагра араион (Ҳашԥсы, Лашԥсы, Аҽмарда аԥсыжырҭақәа), Ешыратәи аиланхарҭа, Џьанҭоутәи анышәынҭра уҳәа егьырҭгьы. Игәеиҭеит Аԥсны мраҭашәара иқәынхоз аимашьҭрақәа рматериалтә культурала усҟан иаҳа иҭҵааны иҟаз ҵабалтәи акультура ишазааигәоу, ус анакәха саныӷааи аԥсилааи шеигәыцхәыз, аимадарагьы шрыбжьаз. "Антикатә аамҭа ҭызҵаауа дарбанызаалак, Аԥсны мацара акәымкәа, Кавказ ахьынӡанаӡааӡо, қәырԥшыгас ихы иаирхәоит Гьаргь Шамба иусумҭақәа, урҭ дрывсны дызцом. Ҵарауаҩк иаҳасабала Гьаргь Кәыҷа-иԥа иус хыхь-хыхьла акәымкәа, кыр игәцаракны, инарҵауланы дазнеиуан. Иара зыԥсадгьыл бзиа избоз ауаҩ иаҳасабалагьы ииԥшаауаз зегьы, иҭиҵаауаз зегьы аԥсуа милаҭтә культура иадиҳәалон, уи аҿиара иазикуан. Ус зегьы ирылшаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", — дигәалаиршәоит археолог Аркади Џьопуа. Гьаргь Шамба ҳҵарауаа дуқәа аӡәырҩы реиԥш, аҭҵаарадырреи арҵаҩреи еилаигӡон. ААУ апрофессорс дыҟан, 2006 шықәсазы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵаанӡа алекциақәа дрыԥхьон, адиссертациақәа рыхьчара далахәын. Аԥсышәалагьы урысшәалагьы инеибеиԥшны, ихазынаны дыҩуан, дықәгылон. Инапы иҵыҵит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәа, 14 монографиа. Аҭҵаарадырраҿы илагалазы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден. Ахаан зџьабаа мыӡуа, аамҭақәа реиқәҿыҭраҿы зыхьӡ еицамкуа игало ҵарауаҩуп, иԥсаҭа лашазааит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

672 views

Опубликован 13 сент.

УПАТУ СХЫ ИҚӘУП Аԥсуара, ахаҵкыкамыршәра згәылжжуа ажәоуп. "Уххь згеит", "Ухаҵкы сцеит" реиԥш аригьы иаанарԥшуеит изҳәо иаамсҭашәареи (вежливость, учтивость, аристократичность), изеиҳәо патуқәҵара дула дшизыҟоуи (любезное обращение, оказание высокой чести)✅ Даара иаԥсышәоуп, аизараҿы иқәгыло ражәагьы иаларҵоит "Ажәлар, шәхаҵкы сцеит! Шәыпату схы иқәуп!" ҳәа. Анаҩс, ари аформула аибарххара зцу аицәажәараан ажәа џьбарак уҿыҵҟьазар, ихьанаршшар алшоит; ҭагылазаашьақәак рҟны "саҭамыз" ацымхәра ауеит: ▫️ ауаҩы игәы иааҵаххара, аха узвымсша ҳәатәык анумоу; ▫️ аԥхашьара зцу џьара акы хыхь-хыхьла аӡбахә анцәыргатәу; ▫️ машәырла иакәымк самхаҳәар ҳәа, заа ухы-уԥсы "анҿухуа". Усҟан урысшәала иашьашәалоит: •Извини(те), если прозвучит грубо; •Не в обиду будь сказано; •Не сочти за неуважение. (досл.: "Твоя честь превыше моей головы" = высказываясь резко, твое достоинство личности я не задеваю). Егьа ажәа еимаҳкыргьы, зынӡа ҳаиқәшаҳаҭымзаргьы, упату схы иқәуп ҳәа ануасҳәа — уара ухаҭара, упату кьыс шамам усырбоит: ухаҵкы касмыршәит, агәынҷыхьа ҳабжьамхааит. *** Дарбанзаалак ауаҩы уаҩраладуаҟараны изнеира, аӡәы уагьиеиӷьымкәа-уагьиеицәамкәа ахныҟәгара — аԥсуара иагәыцәу дунеихәаԥшышьоуп. Уи аамышьҭахь, ажәаҳәаратә культура акраанагоит аԥсуараҿы, аԥсуа еснагь иажәа дацклаԥшуеит, иҳәатәу идыруеит. Ауаа иахьраҳауа алеи-аҳәеи кыдҟьо ацәҳара, ҿҭыӡәӡәала ацәажәара ихы иақәнаиргом зых пату ақәызҵо ауаҩы, милаҭс дзеиуазаалак. Иахьуанажьхо акәзаргьы, абызцәгьара ԥхашьароуп. Аԥхашьара — аԥсуара иалакҭоуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

920 views

Опубликован 11 сент.

АРИ ҞАЛЕИТ АУС АӠБАРҬАҾЫ Ажәытә зны Арсана ҳәа ҽыхьчак иус рыӡбуан. Уи харарас идӡаз уи акәын, уахык аҽқәа ахьҭеикыз абгақәа нҭалан ҽык ахәда ԥыржәеит. Изтәыз Арсана аус даиҭан, аусӡбаҩцәа Арсана иқәырҵеит. Аха, излаԥу ала, ахара зду иҿы иқәԥҽыр акәын, даныхҭаркӡа Арсана абас ҿааиҭит: – Ааи, сара исхароуп ари аҽы абгақәа иахьырфаз... – Ишԥа? Имӡакәа иҳаҳә ишыҟалаз! – инаиқәымчит. Арсана урҭ днарыхәаԥшын ус иҳәеит: – Ишԥа, шәымбои, сара аҽқәа ҭаскит, аха абгақәа кны аҟәҟәа сзырхамҵеит! ✍️ Анатоли Аџьынџьал #аԥсуа_лафқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

725 views

Опубликован 11 сент.

🔸Аусӡбареи аусеилыргареи рылацәажәараан ухы иаурхәаша афразеологизмқәа10 ◊ Иҿы ааирҳəит — он изменил показания; ◊Иҿы иқәԥҽит — он признал вину; ◊ Имц иқəԥҽит — он уличен во лжи; ◊ Иҿы иқәшаҳаҭхеит — он признался в содеянном; ◊ Рыбз еивҵоуп — они в тайном сговоре друг с другом; ◊ Ргəы инықəишьит — он намекнул им об этом; ◊ Сажəа еихыжәымган — не перебивайте меня! иара убас: сажәа еиԥыумҟьан, сажәа ԥыумҟан, усԥымыҩлан ◊ Аус дақəдыршəеит — его привлекли к (уголовной) ответственности; ◊ Иусрыӡбеит — его осудили; ◊ Ари аус ус сақəтəом — я это дело так не оставлю. 📖 В. Касланӡиа иеиқәиршәаз "Аԥсуа-аурыс жәар"аҟынтә 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

750 views

Опубликован 10 сент.

Аӡӷаб ҵәрышкәа лмаҟа ҵәырӡа ацҳа ҵәры дықәҵәраарц егьаалыгымхеит. Абар, абызԥҽыга ҿыц ахьаҳаӡбаз шәареи ҳареи уажәыҵәҟьа. 👌 Аҵәры́ асемантика "ипоу" ауп (тонкий, узкий, худенький, продолговатый; II яловый): ацҳа ҵәры, алаба ҵәры, амаҟа ҵәры, аӡӷаб ҵәрышқәа. Ацҳа ҵәры (пешеходный мостик) ауаа ракәын иқәсуаз, арахәи ауардыни заныломызт. Амаакырақәа амазар ҟалон, иҟалон иамамзаргьы. Ацҳа ҵәры — зегь раасҭа ишәарҭоу, иахьаҳараку акәзар еибгала зықәсра гәаӷьыуацәоу цҳауп ҳәа ирԥхьаӡон аԥсуаа. Иахьатәи ҳажәаҳәаҿы ахархәара маҷуп, аха ақыҭа бзазашьа асахьа ҭызхуа ҳлитератураҿы акырџьара иуԥылоит, лассы-лассы аҵакы еиҭарсынгьы. Ацҳа ҵәры хын Бзыԥ аԥшаҳәа иаваршәны иара ахыҵхырҭахь узгоз амҩан, акыр еизааигәаз ацаҟьақәа ҩба рыбжьара. Ари атәы лҳәоит ацҳахҵара атрадициа ҭызҵааз аҵарауаҩ Цира Габниа лыстатиаҿы. Аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы Нарцәыҟа "узго" ацҳа азыҳәангьы ацҳаҵәры анырҳәо ыҟоуп, уи ахьпоу адагьы иҵәырҵәыруеит — ацгәы абз ықәнашьуеит, ала иарбоит. 🐑🐄 "Аҵәры́" рҳәоит изымхьо арахә рзы: аџьма ҵәры, ауаса ҵәры, ажә ҵәры, акамбашь ҵәры (яловая (бесплодная) коза/ овца/ корова и т.д.). Ажәа аҵакы аҽшарҭбааз ҳбоит ари аҿырԥшала, иҵәруп = издухаӡом. Асахьа инықәырԥшны иҭыхуп иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

823 views

Опубликован 10 сент.

Ацҳа иацәаашьаз даҵнагеит рҳәоит аԥсуаа. Ус еиԥш ахҭысқәа ҟалозаарын, ҳаамҭазы ари ажәаԥҟа еиҭарсу аҵакы шьҭнаххьеит. Ацҳахҵара аԥсуа культура иахәҭакуп. Уи апрактикатә хәарҭара иацыз адагьы, аԥсуа хаҵа иуалԥшьақәа ируаку, Џьанаҭ инеира иацхраауа акакәны…

662 views

Опубликован 6 сент.

Аҽышәара насыԥк иабжоуп рҳәоит. Аимҵакьачаразы ажәытә ампыл шеиларҵоз лабҿаба иаҳирбоит Адгәыр Гәынба, акыршықәса раахыс згәы ақәкны аԥсуа милаҭ спорт-хәмаррақәа реиҭаҿиара аус иаҵагылоу. Шәахәаԥш икәымпылӡа ишыҟалаз! Ари "аупцәарҳәы́ мпыл", мамзаргьы "аҽхәы́цмпыл" ҳәа иашьҭоуп, (излырхуа закәыз еиԥш). Ԥыхьа абас акәын ишыҟарҵоз: арахә рхәы ақәхны иржәуан, нас иркәаҳауан, иара еилалон, еикәаҳәуан, аӡыршы иарӡҭуа ашша еибанаркуан, еилабаҟаӡа иааҟалон. Ауапцәарҳәы мпыл асреи иара злоу ахәмаррақәеи Нарҭаа репос аҿы иуԥылоит, ижәытәӡоуп. Ажәытәқәа рахь иԥхьаӡоуп "Ауасары́мпыл" ҳәа изышьҭоу аԥсаса ахьчацәа рыхәмаррагьы. 🔗 Арҭ амшқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуан Аимҵакьачаразы атурнир, афинал аҟны аиааира ргеит ҷлоуаа. Авидео: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 🔸 "Агәы ацымхәарасауапцәарҳәы мпыл изҭоуп" рҳәоит агәыблыра зыцәмаҷу, аханшьалара змам ауаҩы изы (афразеологизм). 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

932 views

Опубликован 2 сент.

Сынтәа 145 шықәса ҵит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, арккаҩы, ажәлар рырҵаҩы, аҵарауаҩ Андреи Ҷоҷуа диижьҭеи. Ари ауаҩ ХХ ашәышықәса алагамҭазы иааиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа дрылҷҷаауан. Дзыхьӡаз, илшаз даара ирацәоуп. Дшыхәыҷӡаз иан диԥхеит, иаб — анхаҩы цқьа Мамсыр хаԥсыраҵәҟьа баны ҵарак иҵандаз ҳәа ашкол дҭеиҵеит. Иҵеит, ижәлар дырҵеихеит. Андреи Ҷоҷуа дыҷкәынан 1906 шықәсазы аԥсышәала акьыԥхь аҭыжьра азин ҳашәҭ ҳәа аиҳабырахь ааԥхьара аныҟаиҵоз. Адырҩашықәсан Кавказ итәаз анаместник Воронцов-Дашков иҿы дцаны аԥсуаа "ахара" ирыдыз рхыхразы аҳәара ҟаиҵон. Иԥсы ахьынӡаҭаз аџьажәлар рыбжьара аҩыра-аԥхьаратә культура ашьҭыхра дазааԥсон, иагьиқәҿион. Иара иеиқәиршәаз арҵага шәҟәқәа жәашықәсала иркын аԥсуа школқәа рҟны, инапы иҵыҵыз атекстқәа маҷымкәа иахьанӡагьы ашәҟәқәа ирнылоит. Маҷавариании Гәлиеи ралфавит аус адуланы 1908 шықәсазы еиқәиршәеит раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан. Абри "Анбан" ҩажәантә аиҭаҭыжьра иахысит, 40 шықәса инареиҳаны ахархәара аман. 1912 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы, 1919 шықәсазы алашара збаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ — иаралоуп ишыҟаз. Иахьатәи ҳалфавит иароуп гәыцәс иамоу. "Андреи Ҷоҷуа иеиԥш иҟаз арккаҩцәа аҵара рҵеит рхазы мацара акәымкәа, ажәлар рзы. Игәы ахымшәаӡо аҵара иҵон, анаҩс ижәлар рзы ихәарҭаны, ихырҳаганы иҟаларц, ус иагьыҟалеит", - иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба иара дихцәажәо. Аиҿцәажәара нагӡаны шәазыӡырҩырц шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

890 views

Опубликован 2 сент.

🛎📚📐 Аҵараамҭа ааины иҟоуп, ҽаанбзиала шәнеиааит иахьа аҵарахьы зшьаҿа еихызгаз зегьы! Аҿар, арҵаҩцәа, аҭаацәа, ҳазҭалаз аҵарашықәс ҿыц дасу шәзеигәырӷьара шәзаанагааит, адырра бзиақәа шәзацнаҵааит. Мҩамш! Еиҭаҳгәалаҳаршәап аҵара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа: ▫️ Аҵара жәра ақәӡам. ▫️ Аҵара иуцәымӡуа малуп. ▫️ Аҵара лашароуп, аҵарадара лашьцароуп. ▫️ Амшынгьы ҳәаак амоуп, аҵароуп ҳәаа змам. ▫️ Аҵара Ерцахә иқәзаргьы умаашьакәа уцала. ▫️ Аҵара еиҳабра-еиҵыбра амаӡам. ▫️ Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшәымоуп. ▫️ Адунеи амра иарԥшӡоит, ауаҩы — аҵара. Шәаргьы иацышәҵа 🤗 #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

791 views

Опубликован 2 сент.

Цәыббра 2 рзы 110 шықәса раԥхьа диит ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, арҵаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Гәышька Папасқьырԥҳа. Аԥсуа прозаик ду Иван Папасқьыр иаҳәшьа, ҳаԥхьаҩ аиҳарак дидыруеит ахәыҷтәы жәабжьқәеи аповестқәеи равторк лаҳасабала. Аха раԥхьаӡа лкалам ԥылшәеит апоезиала, 1932 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" агәлаҵа ҷыда "Еҵәаџьаа" ианылеит лажәеинраалақәа. Иара уи ашықәсан хазы иҭыҵит лыпиеса "Кәҷыр дышпионерхаз". Ашьҭахь ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" ҭыҵуа ианалага ирлас-ырласны акьыԥхь аҿы дцәырҵуан. Дыҩуан, деиҭагон. Гәышька Папасқьырԥҳа аԥсуа литература лырбеиеит аҟәышра згым, иаҳараку ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа улазааӡо арҿиамҭақәа рыла. Ҷыдала уҽазкны ахәыҷқәа рзы аҩра мариаӡам, абаҩхатәра адагьы гәаҭала ухәашьымзароуп, хәыҷы блала адунеихәаԥшышьа аиқәырхара улшароуп ицқьаӡа. Лара аамҭала Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аус луан, аҿар дырзааигәан, рхәыцшьа, рыпсихологиа лдыруан. Хәыҷгьы-дугьы ргәы иақәшәаша, ргәы зкыша ажәеи, издызхалаша асиужетқәеи рыла еибылҭон лҩымҭақәа. Лбызшәа сахьаркуп, иласуп, аԥхьара маншәалоуп. Жәаба иреиҵамкәа шәҟәы ҭлыжьит. Аԥсуара, аиҩызара, аихӡыӡаара, аиҳабы-аиҵбы реизыҟазаашьа, аџьа зҩыда пату ақәҵара, Аԥсны ажәытә-аҿатә, аԥсабара блахкыга аиҷаҳара - абарҭқәа зегьы унарҵоит имырхьаакәа лыпроза. Уи аҟынтә иара анаԥҵаз аҭоурыхтә аамҭа хараӡа ишҳаҩсхьоугьы, ааӡаратә ҵакы ацәыӡны ҳәа иҟаӡам. Иахьагьы еилыхха уаԥхьоит, еилԥшааны еиҭаҭыжьлазар. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

665 views

Опубликован 1 сент.

👥 Асинонимқәа 🟠Шьхалбаан 🟠Шьхахынҳәын 🟠Шьхыҵын 🟠Рахәеилцан 🟠Рахәеизцан АԥснынтәАшәынхыҵ узлацо ашьхацамҩақәа руак Аҽахәмарра ашьха иаҿыгоуп, ари ашьха адәҟьаҟьақәеи, аҳәырҭақәеи, агыларҭақәеи рацәаны иамоуп. Убас иҟоу ҟьаҟьарҭа ҭыԥ ԥшӡак ахьӡ ссир ахуп Ҳамшра-Ҳхеизгара ҳәа. Ахьӡ аауеит уажәааны (шьхалбаан) ахьшьцәа имҩаԥыргоз ашьханыҳәара аҟынтә. Аԥсуаа рырахә рыманы ашьха ианцоз, ианеиҵоу хынтә ашьтәа шьны иныҳәон: шьхацан - ҳарманшәал ҳәа; шьхабжаҳәын - ԥхасҭа ҳаумҭан, гыгшәыг ҳадумгалан ҳәа; шьхахынҳәын - машәырда ҳахьурчаз, ҳахьурманшәалаз азы ҳәа агәаҵәа ркуеит. Абри ахԥатәи аныҳәара аҭыԥантәи аԥсуаа "Ҳамшра-ҳхеизгара" ҳәа иашьҭан, ишнеиуаз иара ахьыҟарҵоз аҭыԥгьы ус азырҳәо иалагеит. Амшра закәу еилкаауп, ахеизгара уи арахә роуп, ашьаса-ашьамаҟа, (ахы - поголовье). Ҳамшра-Ҳхеизгара шьхаԥҵәоуп, ахыҵырҭа амоуп, иара уқәсны Иарҟыз (Архыз) аԥшаҳәа уҭалоит, Ҟарачы-Черқьестәыла иаҵанакуеит. Акәша-мыкәша аԥсышәала ицәажәо атопонимқәа рацәан иҵегь, аха иахьазы реиҳарак еицакуп. Аԥсшьацәеи ашьханыҟәацәеи ирызку аурыс хсаалақәа рҿы ари аҭыԥ перевал Браконьеров ҳәа иарбоуп, аԥсуа хьӡи иара ахьынтәаауа аҭоурыхи ҭҵааны ашәҟәы иаҳзаниҵеит Таҷ Гыцба. #асинонимқәа #атопонимика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

708 views

Опубликован 31 авг.

- Мшыбзиа, дад, Кадыр! Шәышҟа иҟоузеи? Цәгьароу, бзиароу? - Бзиароуп, Кәыбрык амаха аа-лак ирзыфом. - Ала ла хәыҷызаарын? - Ала злахәыҷызеи, Аҳ иханаҿы ауарбажә лбааҳәаны иафонеи! - Ахан хан хәыҷызаарын? - Ахан шԥахәыҷыз, Сашьеиҳабы ихы раҳаны данаҵаԥшлак Ихылԥарч ихшәаны икаҳауанеи! - Уашьеиҳаб дхәыҷызаарын? - Дызлахәыҷызеи, Аҵеџь инапы ҭшьны ахаҳә ааигонеи! - Аҵеџь хәыҷызаарын? - Аҵеџь шԥахәыҷыз, Шьыжьымҭан ахаҳә идәықәиҵоз Аҵан хәылбыҽханӡа излеиӡомызтеи! - Нас амш хәыҷызаарын? - Амш шԥахәыҷыз, Шьыжьымҭан ажә ицәтәыз Аԥа аҵакәашо хәылбыҽхан иаауанеи! Ажәлар рҿаԥыц иарҿиаз абас иҟоу аҳәамҭақәа хазы жанркны иалкаазаап, "Иҟамлац-иҟамлаша" ҳәа ирышьҭоуп. Лымкаала ахәыҷқәа бзиа ирбоит, рааӡараҿы иагьцхыраагӡоуп. Избан? Исамарҟәылуп, илафуп - уархәыцуеит. Ахәыҷы изызҳауа иааикәыршаны иҟоу аԥсҭазаара/аԥсабара еиҳа еиӷьны иеилнаркаауеит ҳәа ԥхьаӡоуп, алакәи алабҿабеи реиҿагыларала. Аԥсуаа рхәыҷтәы фольклор ҭызҵаауаз Римма Ҳашԥҳа ари иазкны илҳәон абас: ‘Чем ощутимее нелепица, тем охотнее повторяет её ребенок. Произнося эти небылицы он отчетливо видит и понимает истинное сочетание вещей, т.е. никогда не утрачивает чувство реальности’. Даҽа ҿырԥштәык: Сан даниз Мгәашырхәы сыҟан, Џьмаки бзныжәки срыцын. Анаҟә амца акыр ҳәа сшәаны Иаласырцәарц аҭәа сырхуан. 📖 Абзныжә - шықәсыки бжаки зхыҵуа аӡыс; ақыжә - шықәсык зхыҵуа. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

722 views
12•••5•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••454647484950•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384