TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 46 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 9 окт.
1992 шықәса, жьҭаара 9 рзы Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит Таиф Аџьба — зҭәымҭа иҭагылаз апоет, зыуаҩреи зҟазареи ҳаракӡаз арҿиаҩы, агуманист. Аӷа импыҵаихалаз Аԥсны аҳҭнықалақь далымҵкәа дыҟан, шаҳаҭс дызмаз ахҭысқәа еидхәыцланы, аҭоурых иаҿахәҳәаганы амшынҵа ианиҵон, "Бзиала иаҳзырша!" ҳәа есыуаха дныҳәа-ныԥхьаны. Аибашьра анцоз Таиф Аџьба ихьӡала аԥсуа интеллигенциа Гәдоуҭа амитингқәа еиҿыркааит, ашьац иаӷрамгылоз алирик илахьынҵахаз аилкааразы ақырҭқәа рахь ашәҟәқәа рышьҭит, аха урҭ ҽырдагәа ҟарҵеит. Иахьа уажәраанӡагьы дара рганахьала апоет иҭархара иақәыӡбаз уаҩ дыҟам, иӡбахәала зегьы ираҳаратәы ажәак зҿыҵшәаз ҳәагьы уаҩ дҳаздыруам. Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ари азҵаара ашьҭыхра лҵшәа дук амоуит... Ҳанзырҵәарц иҳақәлаз аӷа ихаҿра ккаӡа иааԥшуеит ҳпоет ишизныҟәаз ала мацарагьы. Абар уажәшьҭа 30 шықәса инареиҳауп ихабар ҳәа акгьы ҳаздырӡом. Аха Таиф Аџьба дыҟам узҳәом, ес-еиҵагыло аҿар ихьӡ рыцгылоит, иажәеинраалақәа бзиа ибаны ҿырҳәала ирҵоит, аинтернет аҿы иркьыԥхьуеит. Ихьӡала апремиа аԥҵоуп. Аԥхьарала иугозар, ҳаамҭазы зегь раасҭа зыԥсы ҭоу апоетцәа дыруаӡәкуп, ҳәарада. Иара дзыхнымҳәит, аха ҳара уажәи-уажәи ҳазыхынҳәуеит ирҿиара, аԥсшәа ыҟанаҵ ицәаҳәақәа гәхьааганы ҳрыԥхьоит, ԥсра зқәым поетны даанхоит. "Анышә сара сцәа-сжьы Зфалак – зегь еиԥшуп, Сыԥсы цқьеи сылша цқьеи Сыԥсадгьыл иатәуп…" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 9 окт.
Зымҩа нҵәода, ас изцода, Зынӡа хьаас иҟамҵа? Ас анышәара зылшода Абри аҩыза алахьынҵа?.. Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз" аҟынтә 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 7 окт.
1992 шықәса, жьҭаара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит Тевфик Есенч (Заишәа) — зхатәы бызшәала зҿахәы зҳәоз аҵыхәтәантәи аубых. Иара диит Ҭырқәтәыла, Ҳаџьы-Осман ақыҭан, 1904 шықәсазы, имшира аныкәу ҳаздырӡом, аха диижьҭеи сынтәа 120 шықәса ҵуеит. Тевфик Есенч аубых бызшәа абаҟа аззыргылаз уаҩуп, зыхшыҩ ҵарыз, згәынкылара џьашьатәыз, акрыздыруаз хаҵан. Шықәсырацәала алингвистцәа дуқәа (Диумезиль, Фогт, Кумахов, Чрыгба уҳәа егьырҭ) информантс дрыман. Абызшәа адагьы, аубых жәлар рҵас-қьабзқәа, рҿаԥыц ҳәамҭақәа, рашәақәа, ркультура бзиаӡаны идыруан, ҵҩа змам адоуҳатә мал ҳзынижьит. Тевфик Есенч абызшәа зҿиҵааз иара дхәыҷны дзааӡоз анрыла иабду Кәыкәышь иакәын, уи иоуп 1864 шықәсазы Кавказ ахҵәара зықәшәаз. Тевфик ихаҭагьы даара дбыргхахьаны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ишьапы ықәиргылеит 1990 шықәсазы: Гәбаадәы дхалеит, Шәача дықәԥшит, Нальчик дыҟан. "Уажәшьҭа сгәы рҭынчны сыԥсыр ҟалоит, ҳабацәа рыдгьыл сылала избеит, ишырҳәоз еиԥшҵәҟьа иблахкыгоуп", — иҳәеит усҟан. Инышәынҭра ахаҳә аҿы ихьӡ аҵаҟа иануп абас: "Зхатәы бызшәала ицәажәоз, иҩуаз аҵыхәтәантәи аубых, аубых бызшәа ахаан ԥсра-ӡра ақәымкәа адунеи иазырҳаз" ҳәа. (Аубыхцәа рцынҵәарах ҳәа изырҳәо иалагахьан иԥсы шҭазгьы, еиҳарак Шьынқәба ироман алашара анаба аамышьҭахь. Амала иҳәатәуп, Тевфик Есенч ихаҿсахьа прототипс ишьҭихит мацароуп, ароман афырхаҵа хада Заурҟан Золаки иареи рнысымҩақәа еиқәшәаӡом, еиқәшәашьагьы рымамызт. Уи иҿала автор ииҳәо зегьы — иара ихатәы ҭҵаарақәеи ибаҩхатәреи иарҿиаз ауп). Аб игәараҭа цқьашәқьаӡа иҟоуп, ихылҵ ахылаԥшуеит. Уаҟа аҵла иқәланы иазҳауеит аӡахәа шьап — зыԥсадгьыл иахырцоз амҳаџьырқәа махәқәак рыкәа иҭаршәны иааргазаарын, иахьадырсыз иакит. Аубых бызшәагьы убас еиҭеиуа Анцәа иҳәааит! Иахьазы официалла иԥсхьоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп, аха шәҟәыла-быӷьшәыла изҵо аҿар ыҟоуп, убрагьы ажәарқәа рнаҩс Тевфик Есенч ианҵоу ибжьы даара ирыхәарҭоуп. Иԥсаҭа лашазааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 6 окт.
АХЫ ИАҚӘИҬХЕИТ ГАГРА ...Мамзышьхоуп раԥхьаӡа Аԥсны иҿырхыз шьхас, Уа рбаҟақәа гылоуп Гьерзмаа Алхас, Кануков Нургали, Науржанов Ибрагим, Дыҟам фырхаҵак зымца еиқәым. Валера Смыр, Бганба Сафер, Ишьа кашуп уа Тәанба Завер. Гагра – Гагрыԥшь – 118-ҩык ршьацқьа ахҭнуп, Ақырҭуара иахәаҽхьаз ҳҭыԥхьыӡқәа хтуп. Чрыгрыԥшь, Мқьалрыԥшь, Лакаа рхәы, Лаԥсы, Ҟарҟарашвили ишьҭақәа еимаԥсоуп Ҳашԥсы. 55-мшы дакәыршан изтәхоз џьызшьоз ҳаӷа, Напҭацәоуп иабџьарқәа шихырԥааз хаха. Раԥхьатәи ахымҭа зшьаҽыз Иура Қаԥшь, Амшын дхыԥшыло ахаҳә даласоуп Цандрышь. Роберт Кәарҷиа иркәашеит ирцәигаз атанк, Ддырҳәацәон Шершелиа, аха иҿымшәеит ажәак. Асҭамыр Агрба игәы ишықәжьызгьы атанк, Дрыҳәон иҩызцәа: шәыхнамхын даҽа малк. Ӡаԥшьиԥацәа х-гәараҭак неикәабл иргеит, Ҩыџьа-ҩыџьала рҵеицәагьы Аԥсназын иҭахеит. Гагрыԥшь аиҩхааҿ умшәарыцан, иԥсроуп. Ақырҭааи Ԥасаниеи рыццышәқәа бжьаԥсоуп. Ацаҟьа иаламӡоз ҳашьцәа ирычҳаит, Рфырхаҵара саркьалҵас адунеи зегь иаҳаит. Қырҭтәыла хәыҷ ҳәа изышьҭаз Гагра амҵәыжәҩақәа ԥнартит, Нхыҵ-аахыҵ ҳдаракәацқәа арахь иԥрит. Ҳуазра рлабашьаха хақәиҭраны икашит, Анра ныҟәызгоз Анацәа рԥацәа рыла иааԥшит. Белла Барцыц 🏔️ 32 шықәса раԥхьа абри аҽны Гагра араион ахы иақәиҭтәын, Аԥсны абираҟ Ԥсоу ишьҭыхын. Жьҭаара 6, 1992 шықәса — шьала икәабаз, аха игәышьҭыхгаз раԥхьатәи Аиааира! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 5 окт.
Ахәыҷы иааӡараҿы қәнагас иҟоу зегьы ирыцкуп алеишәеи адырреи. Абарҭ аҩба аҩнаҭа анҭыҵ иахьышьҭикаауа ҭыԥс иҟоу ашкол ауп, зыҟнытә ишьҭикаауагьы арҵаҩы иоуп. Жьҭаара 5 рзы Арҵаҩы имш азгәарҭоит. Ашколқәа рҿы иацы ирыдырныҳәалеит, аха ҳара алшара ҳамоуп арыцхә иақәыршәаны даҽазныкгьы арҵаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәара! Шәара шәџьабаа бзабааны ирԥылоит ажәлар. Уаҵәтәи ҳԥеиԥш знапы ианылаша, ҵәатәы шьаҟас аҳәынҭқарра иаҵагылаша аҿар шәааӡоит, рыԥсадгьыл абзиабара дыркны, рыуаҩра ауасхыр азышьҭаҵаны. Абиԥарақәа реизҳара шәашаҳаҭуп: аҵара дшәырҵоит, шәдырра рымажәдоит, амҩақәҵага ажәа рашәҳәоит. Зыдҵақәа аҷҷаҳәа изҵо, шәызлаҽхәо аҵаҩцәа шәыгымзааит, аԥсҭазаараҿы шәзыргәырӷьо рацәазааит! Арҵаҩы дангәырӷьо ихы-иҿы есааира иқәыԥшхоит, гәыла усгьы дажәуам. Шәгәы бзиазааит! 💐 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 3 окт.
Аԥсны анҭыҵ зыхьӡ рҳәаз даҽа ԥсыуа баҩхатәрак лықәҿиара бзиа ҳаигәырӷьап иахьа! 🌟 Арежиссиор қәыԥш Амра Наҷҟьебиаԥҳа зметр кьаҿу лфильм иреиӷьу арежиссуразы иалыркааит Москва имҩаԥысуаз аицлабра ArtMasters-2024 аҟны. Сынтәа хәынтәуп иара мҩаԥысуеижьҭеи, асахьаркыратә ҟазара ԥхьаҟа изгаша, еихазҳаша ралԥшаара хықәкыс иамоуп. Шә-тәылак рҟынтә 40 нызқь инареиҳаны азыҳәақәа ахьынарышьҭыз, аҵыхәтәан иреиӷьӡоу ҳәа 10 роуп иалырхыз. Аӡбаҩцәа Амра лусумҭа ахә ҳаракны иршьеит, изхәаԥшыз зегь раасҭа угәаҵанӡа инеиуа, уагьзырхәыцуа акәны. Аицлабра аԥҟарақәа злаҟаз ала, акоманда еидкыланы афильм аҭыхразы алахәцәа мызки-бжаки ракәын ирырҭоз. Аха лара аҽазыҟаҵаразы зынӡа мышқәак роуп илымаз. Абри аамҭа иалагӡаны асценаригьы лхала илҩит, уи моу, егьырҭ акомандақәа ирыгыз ауаагьы рзылԥшааит. Лара лфильм иахьӡуп "Бсацәажәа". Зеизҳара ахылаԥшра ҷыда аҭаху, макьана згәы иҭоу ззымҳәо аӡӷаб хәыҷы лдунеи аарԥшра иазкуп. Ихыҭхәыцаам ҭоурыхуп. Ахәаԥшцәа иаҳбар ҳалшоит инықәырԥшны шықәсыки-бжаки рнаҩс, ишаԥу еиԥш, акинофестивальқәа ианырхыслак аамышьҭахь. Ааишьа злаҟоу ала, агәра ҳгоит, иҵегь аҳамҭа дуқәа ишрыԥсахо. Мҩамш амазааит! 🎬 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 окт.
Зыхьӡ нагоу аԥсуа ҵарауаҩ, абиолог, антрополог Пиотр Кәыҵниа имшироуп иахьа, 80 шықәса дырҭагылеит. Пиотр Кәыҵниа икандидаттә диссертациа Аԥсны ашьагәыҭ жәлар рморфологиатә ҷыдарақәа ирызкын, қәҿиарала ихьчеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет иатәу Антропологиа аинститут аҟны 1983 шықәсазы. Аԥсуаа рҟны ақәра ду назгаз рыҭҵааразы жәларбжьаратәи амедико-биологиатә експедициақәа дрылахәын. 40 шықәса инареиҳаны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуеит. Илшамҭа дуқәа рахь иԥхьаӡатәуп абиологиа амаҭәар иманшәаланы, игәылҭәааны аԥсышәала иахьирцәажәаз, аҵиаақәа ртәы хазы, аԥстәқәа ртәы хазы. Ааигәа иҭыҵит 20 шықәса инареиҳаны аус здиулоз, даара аинтерес зҵоу аԥсуа жәлақәа рхылҵшьҭреи ажьрацәарақәеи ирызку ишәҟәы. Жәлацыԥхьаӡа 150 хсаала еиқәиршәеит зынӡа! Аԥсышәала иҩит, аԥсуаа ҳзы. "Аԥсуаа рхатәы ҭоурыхқәа рыҩратәы азҿлымҳара арҭарц — абри сҭахуп сара. Аҷкәынцәа, аӡӷабцәа уажә, Анцәа иџьшьаны, зегьы аҵара рымоуп, рандуцәа, рабдуцәа зыԥсы ҭоугьы, иҭамгьы, ирдыруа, ираҳахьоу анырҵаларц. Ҳара ҳархивқәа зегьы рблит, ҳашьаҭа ыҵырхырц азы. Иаадыруа ҳазхоит ҳәа убри аҿы ҳаангылар, иаҳцәыӡуа рацәахоит", — абас иҳәеит уи аҭыжьымҭа данахцәажәоз. Пиотр Кәыҵниа аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан, "60-ҩык рышәҟәы" ҳәа аҭоурых иадыруа знапы аҵазҩыз дреиуоуп. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, аамҭала Кавказ Нхыҵ Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак апресс-маҵзура аусура ҳәаақәиҵон. Аҭҵаарадырраҿы иҟаиҵаз илагала хатәразы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Иааԥсарақәа рацәоуп. Агәабзиара имазааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 1 окт.
Ҭагалан ҳазнысуа-ҳазҭысуа аамҭацқәа15🍁🍂 🟠Раԥарбаа́(га)мз — "пора высыхания наружной скорлупы грецкого ореха" 🟠Раҟәы́бан — "пора сбора грецкого ореха" 🟠Жьҭаара́мз — "пора сбора винограда" 🟠 Ҿараблы́мз — "пора увядания природы" 🟠Быӷькаԥса́н — "листопадная пора" 🟠Хьача́н — "пора созревания каштана" 🟠Тамача́н — "пора созревания персика" 🟠Мҟаҟача́н — "активная пора с/х работ" 🟠Цәбыбы́н — "время оленьего зова" 🟠Ҭыӷьлаҵа́н — "период случки овец с бараном" 🟠Бҵан — "пора жатвы и обмолачивания злаков (хлеба, проса)" 🟠Лаҳəа́н — "пора лущения проса" 🟠Чалаҵа́н — "время сева озимого хлеба" 🟠Хкаарача́н // Хкаарашьҭы́н — "период выпаса стада после уборки урожая", "время подножного корма" 🟠Рахəча́н — "время подножного корма" Абра зегь раасҭа аинтерес ҳзаҵоуп Чалаҵа́н. Иахьазы Ҭырқәтәыла инхо ҵабалаа рҿы ианиҵеит абызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба. Ишаабо еиԥш, жәытә-натә аахыс ача аазрыхуаз аԥсуаа ашықәсан ҩынтә ианылаҵозгьы ыҟан. Дара ҵабалаа рыԥсадгьыл аҿы аџьықәреи акультурагьы рыхьӡеит, уи аҟынтә алаҵара аамҭақәа хаз-хазы ахьӡқәа рырҭеит: ԥшлаҵа́н — май, чалаҵа́н — октябрь (часть месяца). 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
🏔️Афырхаҵара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа • Афырхаҵа иҿырԥшы аиааира арҿиоит. • Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп. • Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит. • Ахаҵа ус дааиуеит – амца ахьгыло амца ахаргыло. • Афырхаҵа знык ауп данԥсуа, ашәаргәында зқьынтә дыԥсуеит. • Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изырго аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа. • Ауаа зегь зфырхаҵахом, аха ауаҩра руалуп. • Аидгылашьа здырыз аиааира рзыԥшуп. • Ахаҵара ауаҩы ициуеит. • Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа. • Ар ҭызго аӡә иоуп. • Ар маҷ хьӡы ргеит! Афото: Марина Барцыц #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 30 сент.
Шықәс дуӡӡак инахысуа Абра шьакаҭәаран. Ауаӷеимшхара ахҭысуан, – Аԥсынра – Ԥсынран!.. Арӡынбагь д-Арӡынбан, Дхьаҵуамызт шьаҿак. Иаԥын Аиааира анбан – Шьаҿак, даҽа шьаҿак… Убас шьаҿа-шьаҿала, Убас напхыц-напхыц, Ршьа тауа кәапеила – Ҳаруаа цон ихьамҵ, Геи-шьхеи ирҿаҩуан "Шәнеибац!" – Аԥсны аиааира агарц... Иагеит! Агәра згауадаз – Уажәшьҭа агәра умган! Иагеит! Заҟаҩ азхьуадаз, Уи ҳақын, иқәнаган! Иаҳхылаԥшу Анцәа ду иоуп Абас аиԥшгьы зҭаххаз, Иихьчазгьы – иҳаиҭаз, Иныҳәаԥхьыӡ зхьыршаз... Мушьни Лашәриа ипоема "Ажәа" аҟынтә Асахьаныҟәа: абрантә>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 30 сент.
Аԥсадгьыл ахьчара, Аԥсадгьыл азы ақәԥара — абригьы насыԥуп, аиаша уара ианутәу, Аиааира угаанӡа уанхьамҵуа! Шықәсык инацны ауаӷеимшхара иҭагылаз Аԥсны аиааира агеит. Аиааира адыргеит зхы иамеигӡоз аҵеицәа. Аԥсуа дыззеибашьуаз идыруан — даҽа ԥсадгьылк имаӡам. Аԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡит. Аиааира, ма аԥсра. Ҳтәыла хәыҷ, ҳшьамдгьыл, ҳ-Аԥсны жәлар 413 мши-ҵхи адунеи ыршанхо афырхаҵаамҭа иҭагылан. Бџьарла ианыхьчатәыз ирыхьчеит, хшыҩла ианыхьчатәу — уи иахьоуп, уаҵәоуп, еснагь доусы ҳамчала инаҳгалаша усуп. Бџьарсгьы иҳамоу — аҵарадырра, акәалеимадара, аҳәоуеиқәшәара, аидгылара, абарҭ роуп. Нас Аԥсны ҩызас изшьо егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳхақәиҭра иазыгәдузаауеит, еиҳагьы пату ақәырҵоит. 🗡 Шәадныҳәалазааит иахьатәи амш! Нагӡара ақәзааит Аиааира! Нагӡара ақәзааит Ахьыԥшымра! Шьардаамҭа Аԥсны! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 29 сент.
Валери Гамгьиа иаԥиҵаз атриптих "Нарҭаа" ахәҭақәак *** Аԥсуаа ахәыҷы уажәшьҭа изҳаит, ибзианы дцәажәоит рҳәарц азы рхы иадырхәо афразеологизмқәа: 🔸Нарҭаа ражәабжь иҳәоит; 🔸 Цҳаражәҳәара иуеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа