TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват4,779Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 3 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 8 апр.

🏡 Аԥсуа исасдкылара Ари аҳәамҭа Сергеи Зыхәба ианиҵеит Миха Гочуа иашьа Нои иажәақәа рыла, дара раб Дырмит Гочуа ихҳәааланы "1923 шықәсазы акәу, 1924 шықәсазы акәу, ааԥны мшык азы Дырмит Гочуа исасцәаны иҭаазаап Нестор Лакобеи, Иосиф Сталини, Лев Троцкии. Аԥшәма, ҳәарас иаҭахузеи, иҭааз асасцәа дуқәа ишрықәнагаз иныҟәигеит, игәылацәа ааицирхыраан, ацә ҟьантаз ззырҳәо ишьит, афатә, ажәтә акагымкәа идырхиеит. Аԥшәмацәа ачеиџьыка дырхионаҵы, Нестор Лакоба днараԥхьагылан, асасцәа иманы инахарамкәа илеиуаз акәарахь ицеит, ҵәгәырла аԥсыӡ ркырц. Аха, аԥсыӡкра азин ыҟамзаарын, уа аҭыԥантәи хылаԥшҩык дамазаарын. Уи ахылаԥшҩы аԥсыӡ ҳкуеит ҳәа рыҵәгәырқәа кны аӡы ахықә ихықәтәалаз хҩык ахацәа аниба (изусҭқәаз иалидыраауаз), дааи даарзыҵҟьан, – "Шәабатәиқәоу, абыржәыҵәҟьа шәықәҵны шәца акәымзар, Нестор ихаҭа иҿы сцаны сышәзашшуеит!" – иҳәазаап. Уи ахылаԥшҩы ииҳәази, ихымҩаԥгашьеи арҭ асасцәа акыр иарлыхҿыхзаап, иарччазаап. Уантәи ихынҳәны ианааи, Сталин инициативала, Дырмит иашҭа агәҭаны иҭагылаз аҵла ду ашьапаҿы ацәҟьара кыдҵаны иақәзыршәо ҳәа, иара Сталин итапанчала ахысра иалагазаап. Аԥхьа Сталин дхысын, иақәымшәеит, нас Троцки дхысын, иақәымшәеит, Лакоба данхысгьы иақәымшәеит. – Уажәшьҭа аԥшәма дхысааит, – иҳәазаап Сталин. Дырмит атапанча анидыркы, аҵықьҳәа иааҭирҟьаз ахы ацәҟьара икыдыз агәҭаҵәҟьа иақәшәазаап. Арҭ еицлабны ихысуаз ирыхәаԥшқәозгьы, даргьы рнапқәа еинырҟьеит. Убри аамҭазы Сталин днеин Дырмит днаидгылан, инапы ааникылан, "Абри аиааира злоугаз атапанча ҳамҭас иусҭоит, уара иумаз иахьарнахыс!" – иҳәеит. – Мап, дад, ус иҟалом, сара сысас иҳәаҭҳа ихыхра азин сымам, аԥсуаа ҳҿы иаԥым, – иҳәан, Дырмит имуит, атапанча имгеит. Ари ажәабжь иаҳәо аҵара-мцра атәы сызҳәом, аха акыр иҟазшьарбагоуп аԥсуаа ртрадициатә ҟазшьа бзиақәа раарԥшразы. Иҟазшьарбагоуп аԥшәма Дырмит Гочуа Сталин иҟынтә атапанча ҳамҭас ианиоу, "…Сара сысас иҳәаҭҳа ихыхра азин сымам, аԥсуаа ҳҿы ус иаԥым", – ахьиҳәаз". 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

354 views

Опубликован 8 апр.

Аԥсуа литература дадыруеит жәеинраала заҵәык зҭынхаз, аха зыхьӡ ауаа ирылҵәаз ақәрахьымӡа. Уи апоет, аиҭагаҩ Миха Гочуа иоуп, диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит сынтәа (1906 – 1941). Миха Гочуа иаб унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз иакәын, Лӡаа рыҩны асас дагмызт, иаргьы аҿаԥыц далааӡан, дшыхәыҷыз ишьҭикааит ажәа сахьарк агьама. Иаҳауан, хшыҩ ҵарылагьы игәникылон ауаажәларратә ҵакы змаз ажәытә, аҿатә ажәабжьқәа. Ирацәоуп хаҭала ианиҵаз ажәлар рашәақәа. Абаҩхатәра злаз арԥыс ҩынтә Москваҟа аҵара дрышьҭхьан. Иара дышқәыԥшыз Аԥсны акырзҵазкуаз амаҵурақәа ныҟәигахьан. Аҭакԥхықәреи апринципреи иман, иус еиламырцҳаӡыкәа инаигӡон. Аԥсуа литератураҿы ишьҭамҭа нхеит еиҳарак аиҭагаҩ иаҳасабала. Аиҭагара аус хацзыркыз дыруаӡәкуп. Аԥсышәала ирцәажәеит Максим Горки ипиеса "Аҵан" ("На дне"); Владимир Маани иареи еиҭаргеит аиспан драматург ду Лопе де Вега ипиеса "Лауренсиа" ("Ауаса рӡыхь"); иара убас Дырмит Гәлиеи иареи еиҭаргеит ажәытә аурысшәала иаԥҵаз афольклортә баҟа "Игор ир ирыхҳәаау ажәа". Лопе де Вега идрама аԥсшәахь аиҭагара даара ихәарҭахеит аԥсуа театртә ҟазаразы, 1930-тәи ашықәсқәа рзы акырынтә иқәдыргылахьан, ахәаԥшцәа аднаԥхьалон. Миха Гочуа инапы алакын алитературатә критикагьы. Акьыԥхь аҿы дықәгылон "Лӡаатәи" ҳәа ихьӡ аҵаҩны алитература азҵаарақәа ирызкыз истатиақәа рыла. Апоезиа аганахьала Миха Гочуа иҭынханы иаадыруа "Дыгә ижьира" захьӡу жәеинраала заҵәык ауп. Ихааныз ирҳәон ицәыримгацыз ажәеинраалқәа маҷымкәа иман ҳәа, аха ркьыԥхьра дахьымӡазт ибжьаӡит. "Дыгә ижьира" арҵага шәҟәқәа ирнын, излиааз асовет аамҭа аҿахәы аҳәон, ауаа ҿырҳәала ирдыруан. Ус ишыҟаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ҵысит. 1941 шықәсазы Миха Гочуа хатә гәаԥхарала афронт ахь дцоит, иашьцәа аиҳабацәа днарышьҭагыланы. Иара усҟан 35 шықәса ихыҵуан, Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа деиҳабын — аброн иман, аха уи дыннамкылеит… Фырхаҵарыла дҭахоит Севастополь. Аибашьра адәаҿы иҩызцәа зегь анивыршьаа артҟәацгақәа идҳәаланы, аграната инапаҿы икны, хаха аӷа итанк даԥылеит. Абас иҿахҵәеит иԥсҭазаара. Академик Сергеи Зыхәба иҩуан, ари иҟаиҵаз Матросов ифырхаҵара иадукылаша ауп, ианахәҭаз изыхәҭаз ирызгәамҭеит акәымзар ҳәа. Миха Гочуа аибашьра иахәхаз аԥсуа литераторцәа дреиуоуп, иҵегь дзыхьӡашаз рацәаӡан, аха илшазгьы маҷым. Аԥсуа литературатә бызшәа азҳара дацхрааит, жәлар рпоезиа ахьыршәыгәқәа еиқәирхеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

413 views

Опубликован 5 апр.

🗣 Абызԥҽыгас ибзиоуп Аԥсуаа рынхамҩа XIX ашәышықәсазы, аҭаацәара ду, аҳәатәеиқәшәара, мамзаргьы "Напеилаԥса уаҩ дааӡоит": Лан ихылҟьоит атыҟ-тыҟҳәа, Лаб ибылуеит агәыр-гәырҳәа, Лашьа дчалтуеит ахәхәа-хәхәаҳәа, Аԥҳа илкәакәоит ахәыжә-хәыжәҳәа, Лан драшәоит ахьышәҭ-хьышәҭҳәа, Лаб ирԥԥоит аҭәыз-ҭәызҳәа, Рыӡлагара лагоит ахыу-хыуҳәа, Рлеиқәаҵәа шуеит аҷыӷә-ҷыӷәҳәа, Лан дкәакәоит ажәжәа-жәжәаҳәа, Рҭаца дхахоит аффа-ффаҳәа! Ахыҵхырҭа: Аԥсуа жәлар рпоезиа, 1959 ш., аиқәыршәаҩ — Баграт Шьынқәба 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

389 views

Опубликован 5 апр.

АЖӘҨАН АҴА ЦҚЬОУП… Ажәҩан аҵа цқьоуп, Амра каххаа иԥхоит… Сашҭа чыҭла ихҟьоуп – Сара уи сызхоит… Сҭынчра еилазго ара Ашьхыц хәыҷ абжьоуп, Ицо-иаауа ибжьоуп Шьыжьаахыс иара… Сышьхыц хәыҷ абжьоуп Сҭынчра ԥсыс иахоу… Уи ауп сгәы зыжьжьо, Уи ауп – сеиқәзырхо… Ажәҩан аҵа цқьоуп, Амра каххаа иԥхоит... ✍🏻 Владимир Занҭариа #алирика 📖 Ачы́ҭ - ситец Асахьа:insta_apsny 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

403 views

Опубликован 3 апр.

Аԥсны Жәлар рартист, иналукааша актиор, арежиссиор Шьалуа Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа. Аԥсуа театр асценаҿы иара иаԥиҵеит ахәаԥшцәа рхы-ргәаҿы инхаз ахаҿсахьақәа рацәаны. Дыхәмаруан акино аҟынгьы. Аибашьра ҟалаанӡа еидкыланы иман Аԥсны ахы-аҵыхәа иқәгылоз, Жәлар ртеатр ҳәа ахьӡ иаԥсахаз, ашьҭахь аҳәынҭқарратә статус зауз аколлектив бзиахә. Жәашықәса инарзынаԥшуа Тҟәарчалтәи атеатр деиҳабын, анаҩс Аҿар ртеатр арежиссиорс дыҟан. Дахьнеилак ақәҿиара ицын. Иԥсҭазаара зегьы атеатртә ҟазара амаҵ аура иазикит гәык-ԥсыкала. "Дыҟоуп Анцәа аҟазареи ауаҩреи еиваргылаы излеиҵо, убарҭ дреиуоуп сҳәар сылшоит иахьа зыӡбахә цәырызго аҟаза, Жәлар ратистШьалуа Гыцба. Иара дуаҩы нарҳан, убасҵәҟьа иҳаркын илаз акультура, иара убри адагьы дзықәныҟәоз иаԥсуара агыдраҿы анаӡара мариамызт. Зны-зынла злеишәа џьбараӡоу иакәызшәа дубозаргьы, Шьалуа Ҷыф-иԥа иааигәаны данудырлакгьы, иубон заҟа дуаҩ татаз", — абас иалагоит Елеонора Коӷониаԥҳа актиор игәалашәара иазылкыз иахьатәи лматериал. Ишеибгоу шәаԥхьар шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

436 views

Опубликован 2 апр.

Ирҳәоит, ахәыҷы даныԥшқоу инацәкьарақәа шаҟа иурҵәуа аҟара ирласны ацәажәара далагоит, ашьҭыбжьқәа цқьаны ихылҵуеит ҳәа. Анацәкьарақәеи ажәаҳәа ашьақәгылара иахылаԥшуа ахшыҩ-хәҭеи еидҳәалоуп. Ари зыршаҳаҭуа аҭҵаарақәа маҷымкәа имҩаԥыргахьеит ҳаамҭазы. Зегьы иреиӷьуп анапыхәмарра иацуҳәо ажәеинраала аныҟоу (пальчиковая гимнастика + стишки, потешки). Ашәышықәсақәа раԥхьа ауаа ргәаҟәышреи рԥышәеи ирыҵанаҳәахьан уи. Ҳарҭ аԥсуаагьы иҳамоуп убас еиԥш ажәлар иаԥырҵаз, ааӡара иахәҭаку ахәмаррақәа ахәыҷӡақәа рзы — анацәахарҟәалареи анапсыргәыҵа ахәареи зцу. Ара иаҭахӡам аҩра-аԥара, уи аҟынтә ан иналымданы анду лмоҭацәа анылбоз, ргәы злалырҿыхоз, излалыжьжьоз иреиуан. Нас ахәыҷқәа ишьҭыркаауан, дара рхалагьы ихәмаруан. 🔵"Ҵиҵи-кәакәа"; 🔵"Арица-цамица"; 🔵"Ара иааин, иаасмышьҭит"; 🔵"Ра-ҟәыба – ра-ҟәшәа"; 🔵"Ҳәаса-какал" Арҭ ахәмаррақәа дрыхцәажәеит, ирыцырҳәоз ажәақәа анылҵеит аԥсуа хәыҷтәы фольклор аҭҵааҩы, ахәыҷтәы поет Римма Ҳашԥҳа. Уи лышәҟәаҿы иаалгоит еиуеиԥшым авариантқәа, уи моу ҳаешьаратә жәларқәа ишрымоу иаҿлырԥшуеит (Абхазский детский фольклор, 1980). Ахәыҷтәы фольклор атекстқәа уԥылоит иара убас апоет Анатоли Ԥкьын иеизга "Ихьӡырҳәагоу ашәақәа" аҟны (1990 ш). Иан ачамгәыр ианҵаны илҳәақәоз роуп реиҳарак. Ахәмарра "Ҳәаса-какал" аԥхьаӡашьа унарҵоит. Ҩыџьа, ма гәыԥҩык хәмаруеит. Ахәыҷқәа шаҟа рзыԥхьаӡо аҟара какал шьҭарҵоит, аӡәы иҭаҷкәым аҿы шаҟа ику егьырҭ ирдырроуп. "Ҳәаса-какал", — иҳәоит, "Ҩба-какал, хԥа-какал..." — аҭак ҟарҵоит ицхәмаруа. Аԥхьа ииашаны изҳәаз иахь ииасуеит ҳәаса-какал. Зтәы нҵәо даҵахоит. Ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа зыҩуаз апоет Рушьбеи Смыр ирҿиараҿы иҟоуп "Ҳәаса-какал" иахҳәаау, ашәеиԥш еихышәшәо автортә лирика: Амра ҭаца ԥхашьа-ԥхаҵа, Аԥша кәаша ԥхьаӡа-ԥхьаӡа: Ԥҳәаса акака — ԥшьба акака, Ԥҳәаса акака — быжьба акака. Ԥҳәаса махәқәа неихьыс-ааихьыс, Ԥҳәаса махәқәа неилыс-ааилыс: Ԥҳәаса акака — акы акака, Ԥҳәаса акака — разҟы акака. Уа акымзарак саԥгылаӡом, Саԥгыларгьы исзынкылаӡом. Кака-кака — ԥҳәаса акака, Са сацкәашоит аԥша агага. ...Ԥҳәаса акака... (Иҩымҭақәа реизга, 3-тәи атом, ад. 24) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

396 views

Опубликован 1 апр.

Мшаԥымза 1 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Аԥсаатәқәа рымш. Ааԥынразоуп игәазырҳагоу урҭ рашәаҳәара ианаԥскымҭоу. Насгьы, ари аамҭазы атәыла ԥхаррақәа рҿы аӡынра зхызгоз аԥсаатәқәа реиҳарак рыҩныҟақәа рахь игьежьхьеит. Аԥсны иалсуеит аԥсаа рымҩа хадақәа руакы — аԥшақәа зҭысуа Кәыдры аҩхаа иахаԥыруеит дара, наҟгьы-ааҟгьы ианцо. Ҳтәылаҿы аԥсаа реилазаара ҭырҵаауеит 200-ҟа шықәса раахыс. Зынӡа иазгәаҭоуп 300 хкы инареиҳаны, урҭ рахьтә 140 ара рыкәтаӷь хырҵоит, 50 — уарла-шәарла иуԥыло, зыхьчара аҭаху хкқәоуп (аҟараҳан(черный аист), ауарбаӷь(бородач), агауарба-ҵыхәаш(орлан-белохвост), аха́лза (беркут), аԥшаргә хыш (белоголовый сип) уҳәа егьырҭ). Урҭ зегьы Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп. Иҟоуп ааигәаӡа ианыӡааз аԥсаатәқәа, убас ХХ ашәышықәса анааҩшоз ианыҵит Пицунда агаҿа иамаз аӡыхҵәы́р, мамзаргьы амары́ҷ — скопа (хищная птица). Аԥсуа бызшәаҿы аԥсаатә хьыӡқәеи, дара ирызку ажәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, афразеологизмқәеи уамакала ибеиоуп. Иҟоуп ҩба-хԥа хьӡы зху аԥсаатәқәа, иҟоуп аивгарақәа, адиалекттә вариантқәа. Ҳнапаҿы иҳамаз ажәарқәеи алитературеи зегь еизыршәшәаны еизаҳгеит 155 хьӡы,иаку сианы иҭаҳҵоит абра>> Ахьыуардын аканал аҿы иҟоуп еиҭа дара ирызку арубрика #аԥсаатәқәа (шәақәыӷәӷәар, анҵамҭақәа зегь цәырнагоит). Иахьышәҭаху ишәыхәааит 🕊 Асахьаҿы: агауарба-ҵыхәаш аԥацәеи иареи, Аӡҩыбжьа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

422 views

Опубликован 1 апр.

МАҶК Ҳгәы ҭаԥнамҽырц аҵх еиқәара, Ҳабла хнамкырц ашәахәа – Ҳаччаԥшь аҵаз аԥсабара, Ал ишаҵоу аӡахәа. Маҷк ҳахыччап ҳацәгьа анырҳәо— Сеидроу, усҵәҟьа ҳацәгьаны?.. Насгьы ҳҿаԥхьа шьоук анхырхәо – Сеидроу, усҵәҟьа ҳаԥсаны?.. Маҷк зегь зхьааугьы ҳархыччап, Маҷк ҳархыччап хьаа змам. Ччашьа ззымдыруагь ҳархыччап – Маҷк дыччархәуп ччара злам. Ҳаилгаларцаз шәыда-чгада, Ҳусқәа аншәарҭоу есқьынгьы, Еиӷьу хыхьчага збахьада — Маҷк ҳахыччалап ҳахгьы. Ччаԥшьда алашьцарагь ҳхыҵәап, Дгьыли жәҩани леихашәып. Маҷк ҳаԥсҭазаарагь ҳахыччап, Иаргьы ҳхыччап иаҳа шәынтә. ✍🏻Таиф Аџьба Ари ажәеинраала апоет иҩит 1988 шықәсазы, арыцхәгьы арбоуп: хәажәкыра 31 — иахьшәны иазгәарҭо Аччара амш аламҭалаз. #алирика Асахьаҿы: Мгәыӡырхәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

363 views

Опубликован 31 мар.

👥 Асинонимқәа Зӡара поу ишԥарзырҳәо: • Иӡара еихатыруа; • Иӡара еихыкаткато; • Иӡара еиҩаҳаҳа; • Иӡара ҭӷәыцәаа; • Иӡара ҭцәаа; • Иӡара аҵиар икылуршәап; • Иӡара амацәаз дкылуршәартә ипаны; • Иӡара маркатылла иаахуҵәартә ипаны; • Иӡара еиҩҵәашашәа ипаӡа; • Ашьабсҭеиԥш иӡара калаӡа. Аԥҳәызба илызкны ирҳәоит иара убас: • Ӡара еихытар; • Ӡара еихышәашәа; • Ӡара ҭхәаа; • Ӡара ҭырфаҷа; • Ӡара фырџьан; • Ӡара ҭаԥҵәа; • Ашьхыц-ӡара лара илымоуп; • Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп; • Гагра ашыцреиԥш деихышәашәоит, • Ацәацәашь еиԥш деихатыруеит. #асинонимқәа Асахьаҿы:Диана Воуԥҳа лусумҭа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

391 views

Опубликован 31 мар.

Хьшьыцбашәа дкәашон, хаҵа гәыла иԥсадгьыл ихьчон. 🗡 Аԥсны Афырхаҵа Даур Акаба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 60 шықәса ихыҵуан. Даур диит Ҷлоу ақыҭан. Дшыхәыҷыз асцена дықәԥраауа дкәашон, ашкол аҿы еиҿкааз ансамбль "Шарԥыеҵәа" далан. Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа далгеит "ахореографиа" ахырхарҭала. Ибаҩхатәра днанагеит хьӡи-ԥшеи згымыз ансамбль "Шьараҭын" ашҭахь (уи дгәеиҭеит Едуард Бебиа ихаҭа). Даара аҟазара илан, амцаԥшь даҩызан, иаарласынгьы ахкынагӡаҩс дҟалеит. Аԥсны аибашьра аналагоз шьараҭынаа Ҭырқәтәыла иҟан, уа ақәгыларақәа рыман. Ажәабжь шаарылаҩыз еиԥш, ишзахәоз рыҩныҟа иааит, ансамбль алахәцәа шамахамзар зегьы ишҳәыԥкыз ар ирылагылеит. Даур Акаба Гагра ахақәиҭтәра далахәын, деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы, Мрагыларатәи афронт аҿы (Кындыӷ, Лабра, Кәачара, Дәҩана (ԥасатәи Цагьара). Аԥсҭазаараҿы аԥхашьаԥхаҵареи аҽынкылареи злаз, аибашьраан реиҳа иахьшәарҭаз дгылон хьаҳәахьачарада. Аибашьра цонаҵы зныкым-ҩынтәым дырхәхьан, ҩаԥхьа иабџьар аашьҭихуан. Дәҩана данырхә, ҳауала Гәдоуҭа ахәышәтәырҭахь дааргеит. Руслан Кәылаа напхгара зиҭоз абатальон "Шьараҭын" анеиҿкааха, уи далалеит. Марттәи, ԥхынгәымзатәи, цәыббрамзатәи ажәыларақәа дрылахәын. Аиааира мчыбжьык шагыз дҭахоит Аҟәа ахақәиҭразы хацәнамырхатәи ажәылара анцоз, арота деиҳабын. Ихьӡ кашәара ақәымзааит Аԥсны аҵеи иаша! Даур Акаба изку афильм ыҟоуп Аԥсуа телехәаԥшра архив аҿы, автор — Асҭанда Қьецԥҳа, шәахәаԥшыр шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

413 views

Опубликован 30 мар.

Аԥсшәаҿы иҳамоуп алашара абжьы аазырԥшуа ажәақәа! ⚡️Аҵырҵырҳәа имацәысит. 💡Аҽыԥҳәа алашара акит. Ашьҭыбжь уҵазҳәо ажәақәоуп, аҩбагьы алашара иадҳәалоуп. Аурысшәахь иузеиҭагаӡом, аҵакы мацароуп ииасуа: сверкнула молния, вспыхнул свет — абжьы ыӡуеит. Шаҟа хкы рыла еиԥшымзеи абызшәақәа рдунеи! "Аҵырҵыр" асемантика — "ипаӡоу абжьы", иҟоуп ус хьӡыс измоу арҵугьы. Амацәысра иазкны ианаҳҳәо, амацәыс ахаҭоуп иаанарԥшуа: ажәҩан агәы афымца аналҟьо аимгеимцара, ианаалашо. Адыдра ааҩуеит насшәа, уи абжьы аазырԥшуа ажәақәагьы хазуп (агәыргәырҳәа, агәырқьҳәа, аӷьеҩҳәа...). Адыдбжьы зынӡа ианумаҳауагьы ыҟоуп. Наҟ хара Ерцахә акалҭ ахь иҵарыҵаруа имацәысуан. (Рушьни Џьапуа) Аҵырҵырҳәа иаамацәысын, Агәыргәырҳәа иаадыдит. Амацәыс убар ауеит ҽынла, аха еиҳа ианубарҭоу уахынлоуп. Афымца лашарагьы хәланы ианаацәырҟьо алашьцара ԥнаҟоит, иԥнарффоит, ԥхьаӡашьа змам убри ашәымҭа абжьы ахуп аԥсшәаҿы — алашара абжьы (звук света; звук вспышки) ▫️"Аҵырҵыр" амацәыс абжьы шаанарԥшуа атәы азгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа Инна Ҳаџьымԥҳаи иареи реиҿцәажәараҿы (Аԥсуа телехәаԥшра). ▫️ Ацынгыла "а́ҽыԥҳәа" алацәҟәысра иазкынгьы ахархәара амоуп, имашәырӡам — алашареи аблабареи еицуп, лашарада убла акгьы абаӡом. Уи моу, афымцалашара азыҳәангьы ирҳәоит "илацәҟәысуеит" ҳәа, иакуа-иԥсуа ианыҟоу. *** Иҟоуп даҽа ҩ-ажәак, амца иадҳәалоу, амцагьы иааурххар — лашароуп, ирымҳәои "цәымзаҵас длашоит" ҳәа, аха уи иадаҳцәылом. Шәрыхәаԥш: 🕯Аԥырқьҳәа еибакит. 🔥Аԥырԥырҳәа ибылуеит. Ашьҭыбжьҿыԥшратә ажәақәоуп арҭгьы, хыхьтәи аҿырԥштәқәа реиԥш ахәҭаҷ -ҳәа рыцлоит. "Аԥырқьҳәа" — амцабз ахәыҵҟьабжьы унарҳауеит, еимгеимцароуп; "аԥырԥырҳәа" — амцеи аҳауеи реинырра иахылҵуа аԥырбжьы. Амца-лашара аазырԥшуа егьырҭ ацынгылақәа абжьы рыцӡам (иххаӡа, ижжаӡа, иҭааӡа уҳәа). 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

439 views
12345•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384