TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват4,545Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 4 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 28 мар.

🎭АПРЕМИА Дырмит Гәлиа ипремиа аныҟалаз акәын. Уи аиоуразы рыӡбахә рҳәеит: Азиз Агрба, Иван Папасқьыр, Баграт Шьынқәба. Иара ҩ-премиак ыҟан, иқәдыргылаз – хҩык ҟалеит. Зегьы аџьабаа ду збахьоу. Акомиссиа иҟарҵара рзымдырит. Ус, Азиз Агрба абас иҳәеит: – Иван Папасқьыри Баграт Шьынқәбеи рџьабаа рацәоуп. Раԥхьатәи апремиагьы дара ирықәнагоуп. Сара уи мап ацәыскуеит!.. Убас иагьыҟаиҵеит, Аԥсназы иаргьы ихы аџьыка шықәиххьазгьы. Изаҳаз зегьы ргәы иахәеит. Аӡәгьы ихашҭӡом. ✍🏻 Платон Бебиа, 2002 Асахьҿы: Аԥсны Жәлар рартист, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иацназгоз актиор, арежиссиор Азиз Агрба 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

421 views

Опубликован 27 мар.

🏔 1974 шықәсазы Очамчыра еиҿкааз ансамбль "Абрыскьыл" ахьӡхарц акәын — аԥхьа ус игәы иҭан Кәасҭа Ченгьелиа, аха ақырҭцәа ишырҟазшьаз еиԥш еицаркуа иалагон "Абрыскьыли" ҳәа. Уи аҟынтә, даахәыцын "Ерцахә" ахьӡиҵеит, усҟантәи аҩырала — Ерцаху. Ари узеицакуамызт, зегь рыла иаԥсыуатәны ишыҟаз инхеит. Кәасҭа Ченгьелиа злаф ҵарыз уаҩы лахҿыхын, илахь еиқәны аламала дубомызт, ари аҭоурыхгьы иара ихаҭа еиҭеиҳәахьаз иреиуоуп. *** Афырхаҵа Абрыскьыл даҽа хьӡыкгьы имазаарын аԥсуа фольклор аҟны — Ԥры́мца. Иаҳԥылеит Руслан Гәажәба еизигаз амифологиатә жәар аҿы. Даара исахьаркуп, аха уи адагьы, иҟалап, ашьаҭа акырӡа иҵаулазар. Адауы амца ицәгара асиужет Нарҭаа репос ауп изтәу, Сасрыҟәа идҳәалоуп аԥсуаа ҳҿы. Аха Абрыскьыл ихаҭа, ишдыру еиԥш, Прометеи дишьашәалоит, ауаа амца дзырбаз, ирызҭаз. Афольклористцәа ишырҳәо ала, абра иҟалеит аконтаминациа — асиужетқәа реилалара. Ԥрымца, Хьымца — ԥсыуа хьӡы бзиақәоуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп, иаҳҳәап, арккаратә проект ҿыцк ахьӡ иашьҭоу дыҟазар, шәрызхәыц🔥 #ахьӡқәа Асахьа: нхыҵаа иртәуп 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

419 views

Опубликован 27 мар.

Схәыҷаахыс сдақәа ргыланы ашәаҳәара саҿын, ашәаҳәара ушьҭнаԥаауеит — иагьусуроуп иагьԥсыршьагоуп сара сзы. Аԥсны Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит иахьа. Аԥсуа музыкатә культура ҽаԥарак ԥхьаҟа изгаз акомпозитор, адирижиор, арҵаҩы-ааӡаҩ. Иԥсҭазаара зегьы аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә ҟазара аихаҳара иазкын. Акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Акомпозиторцәа реидгыла дахагылан. Ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден. Абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" 30 шықәса инареиҳаны напхгара аиҭон, 1974 шықәсазы Венгриа, Адунеизегьтәи амузыкатә фестиваль аҟны иреиҳаӡоу аԥхьахә "Ахьтәы таташь" згаз. "Нарҭаа" рхыԥшеи рықәҿиарақәеи убас идуун, Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. (Ҳаамҭазы ҿыц еиҭашьақәыргыланы напхгара алҭоит Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа). Кәасҭа Ченгьелиа аҿаргьы аус рыдиулон. Иара иоуп иаԥызҵаз, еиззырҳаз Аԥсны ладеи-ҩадеи еицырдыруа, хьӡи-ԥшеи згым аколлективқәа "Риҵа" — Гәдоуҭа (1972), "Ерцахә" — Очамчыра (1974). Аҩ-ансамбльк аханатә жәлар рарҳәагақәа наргәыларгыланы еиҿкаан, жәлар рдоуҳа еиқәзырхо, аԥсуа бжьы змырӡуа ракәны иахьа уажәраанӡа русура иацырҵоит. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭа иалкаау аҭыԥ ааннакылеит Кәасҭа Ченгьелиа инысымҩаҿы, ирҿиараҿы. Усҟан иара еидикылт аԥсадгьыл ахьчацәа ргәы шьҭызхшаз ашәаҳәацәа ргәыԥ, уи зеиԥш ыҟам абџьарын ахақәиҭра иазықәԥоз ажәлар рзы. Лиолиа Тәанԥҳа лажәеинраала "Мамзышьха" иалхны ашәа анынарыгӡа ашьҭахь, ансамбль "Аиааира" ҳәа хьӡыс ишьҭырхит. Аибашьра цонаҵы шәкы инареиҳаны ақәгыларақәа мҩаԥыргеит афронт аҿы, ахәцәа ахьышьҭаз ахәышәтәырҭақәа рҿы. Шықәсык ала ашәаԥҵаҩ инапы иҵыҵит жәабала ашәа ҿыцқәа. Афырхаҵара аамҭа иалиааз дара зегьы ҳҭоурых иаҿахәҳәагоуп, ҳаибашьцәа аиааирахь ирыԥхьон, ажәлар рыгәҭыхеи рхьааи аадырԥшуан инҭырҳәцааны. Агимн иаҩызахеит "Аиааира" (ажә. Л. Тәанԥҳа), "Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу" (ажә. Д. Занҭариа), Мушьни Хәарцкьиа изку абаллада (ажә. Р. Смыр) уҳәа егьырҭ. Кәасҭа Ченгьелиа зынӡа иаԥиҵаз 200 ашәа рҟынтә 60 — аибашьра иазкуп. Ирҿиаратә ҭынха иагәылҷҷаауеит иара убас акантатақәа, Владимир Ҳаразиа изку (Шьынқәба иажәақәа рыла), Аԥсны иазку (Гәлиа иажәақәа). "Кәасҭа Ченгьелиа ихы ихашҭуама уҳәаратәы аҟынӡа аԥсуареи ашәақәеи дырзыҟан", — ҳәа азгәеиҭон иара иҩыза Тото Аџьапуа. Иҩызцәеи идырцәеи реиԥш, еснагь гәыбылрала дыргәаладыршәоит ишмаҷыз збаҩхатәра гәеиҭаз, амузыка адунеи ахь зымҩа ааиртыз иҵаҩцәагьы. Иара еиҵеиааӡеит зус иазҟазоу ашәаԥҵаҩцәа рацәаҩны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Нодар Ҷанба, Вадим Ашәба, Анатоли Алҭеиба уҳәа аӡәырҩы. Зыжәлар иргәылиааз, рыбзиабара иԥсахаз акомпозитор 88 шықәса ниҵит. "Шәынтә сииргьы сырҿиаратә мҩа еиҭах санысуеит, уи саҿызаауеит сыԥсы ахьынӡаҭоу", — иҳәеит аҵыхәтәантәи иҿцәажәарақәа руак аҟны>> Анцәа иҟынтә абаҩхатәра ду занашьаз, гәыкалаҵәҟьа зус иаҿыз ҟаза дуун. Ԥсра зқәым ашәақәа ҳзынижьит. Ашәышықәсақәа ирхаанхоит ихьӡ. Иԥсы ҭынчзааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

394 views

Опубликован 26 мар.

Ишԥаҟаларишь аҭоурых ду змоу ажурнал "Алашара" аԥеиԥш? Анатоли Лагәлаа ишьҭыхны инеигоз уи алитературатә бираҟ шьҭызхша дҟаларыма? Даара иуадаҩуп иахьа ҳаԥсуа литература анаҩстәи алахьынҵа — аклассикцәа иаҳзынырыжьыз иахазҳаша рацәаҩымзар акәхап... Абас еиԥш имариам, аӡәырҩы ргәы иҵхо азҵаарақәа ықәлыргылоит Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы, апоет Анатоли Лагәлаа иааԥсара дазхьаԥшуа, иара имшҩынҩажәа аҽны. Иагьшԥаццакуеи аамҭа... Гәалашәара ԥхаррала иҭәу аматериал шәаԥхьарц шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

360 views

Опубликован 25 мар.

"Иџьашьахәу, акалашәа иҟоу аԥсшәа" — Евлиа Челеби Ианҵамҭақәа рҟынтә (аԥсышәала): • Уааи • Уцы (уца) • Утәы (утәа) • Арԥыс • Аԥҳәыс • Сцом • Узымцози арԥыс? • Сара издыруах? • Арс изуҳәуази? • О, убаашәит! • Аха уара ухагоуп • Анцәагьы уаагьы... • Акы сыздырам, анцәарныс • Усҟәаҵрауои • Сцап басҭа иуу фара́ Абра даара аинтерес аҵоуп абыжьҭҟьа "Анцәарныс". Иахьа ишаҳҳәо "Анцәа иныс" ҳәоуп (клянусь богом), иара уи аформагьы уԥылоит Челеби иҟны, аха ҩ-вариантк рыҟазаара, ма игхоуп, ма ԥшьышә шықәса раԥхьа арацәа хыԥхьаӡаратә хаҿырбагалагьы ирҳәозар акәхарын, "Анцәа рашәа" аҟны еиԥш. Странный и удивительный язык абаза: Ак — 1; уба — 2; ихпа — 3; бшба — 4; хуба — 5; цба — 6; бзба — 7; аба — 8; жба — 9; жуба — 10; ак жуба — 11; уба жуба — 12; ваи (с долгим «и») — иди сюда; учи — уходи; утви (с долгим «и») — садись; арпыш — мальчик; счаб — уйду; апхус — женщина; счом — не иду; узу мчозуи арпыш — почему не идёшь, парень?; сира издрвей — не знаю; ура йудырва — ты что знаешь?; всхадж киси — душа моя, глаз мой; сира издрвах — то, что я знаю; сира сызыхт — мне хватает; арс изухвазуй — почему так говоришь?; вео бозве — ты что, бредишь?; исхвазуй — что я говорю?; сира издрам — я не знаю; ура йухар уа — сказанное тобой; ура йудруа — ты знаешь; ака ура укагуб — но, ты спятил; анчаги йоуйги адлш — ради бога и его созданий; аки сыздрым анчернеш — ей богу, ничего не знаю; усквауроуй — не мучай меня, сжалься; сира акр устхун — говорю чепуху; анчваиныш апш амла спшрай — клянусь, абаза, я голоден; счаб паста йу фара — пойду поем пасте. Хазы ианиҵоит иара убас абаза-саӡқәа рбызшәа, уи — убых бызшәоуп. Иазгәеиҭоит Абазатәылаҿы ирҳәо абызшәақәа иҵегь ыҟоуп ҳәа, аха игәникылаз ҩба роуп. Ҳҳәашьҭыбжь илымҳа ашьцыламызт, аҵыс бызшәа иеиԥшнишьалон, ақьаад ахь аиагара ицәыуадаҩын. Зегь акоуп, уаҩ даԥхьартә инижьит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

369 views

Опубликован 25 мар.

Аԥсуа бызшәа зааӡатәи анҵамҭақәа ҟазҵаз аныҟәаҩ, адгьылҭҵааҩ Евлиа Челеби диит абри аҽны 415 шықәса раԥхьа — хәажәкыра 25, 1611 шықәсазы. Диит Сҭампыл, Османаа раҳҭынра ахьи иҭаацәараҿы, иан даԥсыуан. Аҵара бзиаӡа иҵеит, дышқәыԥшыз ихы ааирԥшит, аҳәынҭқар игәрагара даԥсахартә. Абжьарышәышықәсазтәи адипломат, тәамҩахә змамыз аҭҵааҩы, ихаан адунеи азбжак дахысит, мрагылара, мраҭашәара ишьапы ахьықәымгылаз тәыла маҷуп. Убарҭ иныҟәарақәа ирылҵшәахеит 10-томкны иҟоу аҭоурыхтә усумҭа ду "Аныҟәарақәа рышәҟәы". Аԥсуаа-адыгаа рахь ҩынтә даахьан: зны 1641-1642 шш. рзы, нас даҽа 25 шықәса рышьҭахь — 1666-1667 шш. рзы. Ара даныҟазтәи ианҵамҭақәа иахьа уажәраанӡа хыҵхырҭа дуны иаанхоит кавказҭҵааразы, аԥсуаҭҵаараҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Челеби иаликааз Аԥсны аҳәаақәа Рҩан аӡиас инаркны Анапанӡа инаӡон, "Абаза тәыла ссир" ҳәа азиҳәеит ианшьцәа рыдгьыл. Аубыхцәагьы ашаԥсыӷцәагьы "абаза жәлар" ирылеиҵеит. Иара ихаан Аԥсны иқәынхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 600 нызқьҩык рҟынӡа ыҟан, аҳцәа рыжәлала иаирбон: Чач, Арлан, Цанда, Гьеч, Хамышь, Арыд, Шәача уҳәа убас 25 жәла рҟынӡа (зынӡа 70 еиланхарҭа). Челеби иазгәеиҭеит аҭырқәцәа Аԥсны агаҿоуп рнырра ахьыҟоу, ашьха рзымгаӡеит ҳәа — уахь инхоз аԥсуаа рхы иаԥшәыман, аӡәгьы иҳәатәы харҵомызт, "ампыҵахалаҩ дара рзы дыҟам, аҳаза ршәом, урылакьакьар руӡом, ишуабашьра рыҽҭыхны игылоуп". Арыдаа агаҿа ишынхозгьы, XVII ашәышықәсазы амсылманра рыдрымкылацызт, уи азы ишаҳаҭуп "аҳәақәа рааӡон" ҳәа иара иазгәеиҭо. Наҟ-наҟ асаӡқәа аҳәааӡара акәым, абынҳәақәагьы ықәырхуан "иҟьашьуп" ҳәа. Евлиа Челеби 40 шықәса дныҟәон. Ажәларқәа рынхашьа-нҵышьа, ркультура, рбызшәа дахцәажәон, уи моу ажәақәакгьы, ҳәоуқәакгьы аниҵон. Иахьазы идыру зегь реиҳа ижәытәу аԥсшәа анҵамҭақәа ҳзынзыжьыз иара иоуп, араб ҩырала ианиҵеит: уа иҟоуп аԥхьаӡара хьӡқәа, ажәақәа, афразақәа 40 рҟынӡа. Абызшәадырҩы Виачеслав Чрыгба ишиҳәо ала, Челеби ианиҵаз аҿырԥштәқәа асаӡ диалект иатәуп, иаабац аԥсшәа иеиԥшуп, уадаҩрада еилукаауеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

410 views

Опубликован 24 мар.

Иҟам дызгәалашәо рҿы дыҟоуп. (Ажәаԥҟа) *** Мамзышьхантәи иасит аԥша, Икыднаршәшәеит уи еҵәақәак, — Лаԥшыла, гәынхәҵысҭала иԥшаа, Абан, иахьлеиуа икакәкәа... Уазхәыцла ухазы, ҵхагәазы, Еҵәаџьааи ауааи рлахьынҵа... — Иаҳхазар дареи ҳареи ԥсык?! — Икыдшәеит — ҿҳәарак азыԥҵәан. Урҭ здызкыло адгьыл шанхашт. Издыруада адгьылгьы аԥеиԥш? Аеҵәақәа рышьҭамҭа нхашт Ижәытәӡоу поетк ицәаҳәеиԥш. Гагра, 2002 *** Ҳазкылсуеит ԥҟарак, кырӡа ҳагхан — Иаадыруеит нарха змамгьы шьҭа. Ҳа ҳаамҭа цеит. Даҽа џьоук ракәхап Ишьҭрақәлан зҿыназхо еиҭа... Ҳа иҳазмырҽеиз, иҳазгәамҭаз Арҽеишьа иақәшәап ҽа џьоукы, Арыц еиԥш игәылнаршәап нас аамҭа Аԥсреи аԥсҭазаареи рҵакы... Аҟәа, 2005 *** Геи-шьхеи дышрыбжьоу ауаҩы Рахәыц поушәа имҩа ҿахҵәоит... — Нас ус заҟаҩы, заҟаҩы?.. Ҳашықәсқәагь ниакәкәа ицоит... Зегь акоуп, зегь акоуп, зегь акоуп, Ус ҳнеилароуп ҳамч еизыркәкәа! Знапсыргәыҵа ҳану шьаҟьасҭоуп, — Шьхацамҩоуп игәхьаарго ҳагәқәа... Шьхацамҩоуп иԥызшәо ҳҿара, Ҳажәрагьы ԥызшәо иароуп! Изаацәоуп алабашьа акра, Аха ҳқәыԥшрагь шьҭа кырӡа ихароуп... Ианамуӡах — ахра ҳшаҿоу Ҳаԥылап аҵыхәтәантәи ҳсааҭ! Уа иаҳхаҩалап зылаԥш ҵарӡоу, Зегь ирхаану, зегь згәалашәо аԥсаатә! Аҟәа, 2004 ✍🏻 Владимир Занҭариа #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

343 views

Опубликован 23 мар.

"Аԥсны" Аԥсуа ҟазараҿы аҭоурых иазку раԥхьаӡатәи монументалтә ҭыӡсахьоуп. Асахьаҭыхҩы Тариел Амԥар иусумҭа, 1973 шықәсазы иаԥиҵеит. Ара ихәыҷушәа убоит, аха ашәагаа 87 метра ԥшьыркца инаӡон, инеиҵыху ҿыханҵаны Гәдоуҭа аԥсшьарҭа ҩны "Приморское" аҩнуҵҟа аҩычон. Аҭыӡсахьаҟны иаарԥшуп Аԥсны ажәытә-аҿатә, аҭоурыхтә баҟақәеи ахҭысқәеи, ага-ашьха, абаашқәа, аныхақәа, Аԥсуа баагәара, аԥсуа ҩнқәа, амҳарақәа, амхырҭақәа, адамрақәеи аҵангәарақәеи. Уи иаразнак улаԥш назықәшәо роуп, аха ццакрада иҭҵаауа уҿыноухар, иҵегь игәоуҭо рацәоуп. Асахьа уахәаԥшцыԥхьаӡа иҿыцу акы уанаҳәоит, араҟа аҭыԥ роуит аҿаԥыц рҿиамҭақәагьы! Иаҳҳәап, алабашьа иҵарсу аԥсы ҭаланы абӷьы шылнагаз (амахә ҩа ашәҭра); аӡиа иҩахыку абааш аҿы арԥызбеи аԥҳәызбеи рцәаара (урҭ рыбаҩ аҭӡы иаласоуп, аӷәӷәаразы); иҳашҳатәрахаз нарҭаа; ашьха иаҟароу абырг ижакьа хыҽҽо уҳәа убас иҵегь. Асахьаҿы ауаа аарԥшуп ԥшьыџьара. Хыхьтәи арыӷьарахьтәи акәакь амҳаџьырра иазкуп, ара иаабоит анацәа рысабицәа ргәыдкыланы амшын ишхықәгылоу, ацәқәырԥара иалоуп аԥхьарцеи архнышьнеи. Урҭ акыр идууп, шәагаала арахь адгьыл иҵарсу ажь зҭоу амҵәышә ду иаҟароуп — ари иаҳәоит аԥсуа дгьыл абарақьаҭреи иахнагахьоу арыцҳарақәеи еибакапаныртә ишырацәоу. Ҵаҟатәи арымарахьтәи ахәҭаҿы иаабоит аҽықәыргылара асиужет, ауаа ашәы ршәуп, аҽы абӷагьы ақәыршә еиқәаҵәа ақәыршәуп. Уи анаҩс — ахьча иԥсаса гәарихуеит, инапқәа шику ала, иҟалап, аҿарпын аирҳәозар. Ишьапаҿы итәоуп ахьчалақәа. Арыӷьарахьӡа аҳәсеи, ахәыҷи, абырги баҟак иакәшаны игылоуп, иҟалап, ари асиужет Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ацәыӡқәа ирыдҳәалазар. Абас еиԥш хкырацәалеи ԥшшәырацәалеи ишеиларсугьы, акомпозициа иаку астиль ныҟәнагоит, асахьаркыратә еидара ду иаҵоуп, аҟаза инапы ишыҵыҵыз ҩашьом. Игәы иҵанаҳәаз ихатә ҭыхшьала инеигӡеит, амилаҭ цәа аханы, аԥсадгьыл абзиабара агәылыжжуа. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

382 views

Опубликован 21 мар.

Владимир Занҭариа аамҭак ицаныз, аҭоурых аԥсы ахазҵоз ауаа рхаҿсахьақәа гәылиршәон баҩхатәра дула. "Абла акәӡам избо — агәоуп" шырҳәо еиԥш аԥсуаа. Жәеинраалала, прозала, адокументалтә фильм абызшәала дцәажәон инеибеиԥшны, ирацәаӡоуп иаҳзынижьыз ауаа рыбзырӡы. Иԥшаауан иақәнагаз Ажәа. Иара иқәнагоу ажәа аԥшаара уадаҩуп ҳа ҳзы... Аӡынтәи аԥсымрагь иахылҵуазаап ԥхаррак, Аха иазырҿыхом сгәаҿы гәрагарак, — Сҿынасхоит лышьҭа схылан Ҭамара, Исмаҳаижьҭеи иҵӡозеи ла лҟынтәи ажәак... Днеиуашәа збоит уи ԥшьаала, ԥшаҳәала, Лцәажәашьҭыбжь аарла џьара исаҳауеит, — Ҭынчрак лыхьчошәа иҭынчӡоу лшьаҿала, Нахьхьи, алаԥшҳәааҿ џьара сналхьыԥшуеит... Абар асқьала! Амаакыра лыҽнадкыл, Уи дгылоуп. Амшынеиԥш ицқьоуп ллакҭа! Илбоит, ихьчатәуп даҽазныкгьы Аԥсадгьыл, Ахақәиҭра — дызхылҵыз Ҭамара лхаҭа! Уи ҳналгон ла лхала илыԥшааз мҩала... — Шәмыццакын! Шәгәы шәҽаныз! Џьара гхак ҟашәымҵан! — Аԥсҭазаара аԥҟарақәа лдыруан ҿырҳәала, Лцәаҩа џьбаран уи. Лгәы ԥышқаӡан... Ҳмарҵеицәоуп ҳара. Зынӡак ҳахҿарахуп, Ҳақәгылоуп ацҳа, маакырак змаӡам. Лара дԥааимбаруп, лажәагь лыԥшаахуп, Ҽа џьоукы рзыҳәан зынӡаск деилкааӡам. Лышьҭа схыланы сҿынасхоит ԥшьаала, Ҳазқәымгәыӷӡо шәарҭарак ҳақәшәар ҳәа сшәоит. Ҭамара даҳкәажәха днеиуеит ԥшаҳәала, Аҟәатәи аԥшалас лыхцәы-шла еилнаршәшәоит. Владимир Занҭариа, 2005 #алирика 📖 Амарҵе́и — аҵаҩы, аҿҵааҩы Асахьаҿы: Аҟәа 1980-тәи ашықәсқәа рзы 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

427 views

Опубликован 21 мар.

Уа шәышықәса инеиша Аҷи! Аепиграмма (Апоет, академик Владимир Занҭариа даныхәыҷыз хьыӡшьарас Аҷи ҳәа иарҳәон!). Дрызнмкылеит шахеи даҷи, Дааит ақыҭа аҟынтәи Аҷи!.. Дрышьҭамлеит адуи, амаҷи, Изирхеит азыхҳәааи, ахәҭаҷи!.. Зны дышьҭнаԥааит ажәеинраала, Ԥыҭкгьы днеиит иҽанраала! Ирацәаӡаны ашәҟәқәа дрыԥхьеит, Аха нас, аполитикахь иԥхьеит!.. Иҟалеи, абриаҟара узгәаџьи?! Ажәлар ҿырҭит, уааироуп Аҷи! Ицәырҵт амитингқәа еишьҭагылан, Иҟаиҵоз нас, драԥхьагылан! Иахьынӡауаз, шәаагыл ҳәа еиқәикуан, Шьоукгьы жәылон, шьоукы бнеикуан!.. Изымычҳаит, дрылҵыр акәхеит, Аполитика- илахҿыхым лакәхеит! Дабарыхәоз, урҭ ддыргәашеит, Аиашеи амали рцәеилаҩашьеит!.. Ихы даназҵаа, уи инаҭеи, Аҷи?! Ҩбазаҵәык, агәыхьи, ахарџьи!.. Аполитика кьакьоуп, иарматуроуп, Иара итәыҵәҟьа, литературоуп!.. Иабеиҭаху, ажәылара, адавка, Диԥхьар еиӷьӡами нас, Кафка?! Иахьа иӷәӷәоуп уи илшареи, игәамчи, Ажәра абаҟоу, уи иҿаԥхьа, иамчи?! Апоезиеи апрозеи еиԥшны инеигоит, Аграф ду Толстои деиҭеигоит!.. Ишиҭаху далоуп ҳдоуҳа еиужьра, Наҷҟьебиа дахәом ишәҟәқәа рҭыжьра!.. Мап ицәыркуам, иаартуп ргәашәқәа, Илира ихнахыз аҳәса пашәқәа!.. Улаф хазынақәа зурмаҷи?! Уа шәышықәса инеиша Аҷи!!! Анатоли Лагәлаа аҵыхәтәантәи иаԥҵамҭа 15.02.2026 ш., Аҟәа 📍73 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа.

309 views

Опубликован 21 мар.

Ҳашәҟәыҩҩцәа рҭаацәара ӷархеит. Иахьа ҳанижьит Владимир Занҭариа. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, иналукааша аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнак. Апоет, апублицист, алитератураҭҵааҩ, аиҭагаҩ, акритик, ажурналист, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден III, II аҩаӡарақәа занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик. Владимир Занҭариа наӡаӡа дазцеит Адунеизегьтәи апоезиа амш аҽны, апоетцәа ишырҳәо ала — иԥсы иит иахьа. Агәамбзиара даҿагылан дықәԥон, аҵыхәтәанынӡа зкалам ԥынҵа шьқьыруаз арҿиаҩы. Збаҩхатәреи здырреи шьаҿеиқәшәала еицныҟәоз, зылаԥшҳәаа ҭбааз, ашьхыц еиԥш ааԥсарада зус иаҿыз. Ашәҟәҩыреи, аҭҵаарадырреи, аиҭагареи еицаазгоз Мушьни Лашәриа ду иаамышьҭахь иара иакәын аиҳабыратә абиԥараҟны абчараҳс изхәаԥшуаз. Аԥсуа ҳәынҭқарреи, аԥсуа бызшәеи, алитературеи, амилаҭтә журналистикеи зџьабаа рыду Владимир Занҭариа. Ари адунеи аҿы иажәеи иуси ыӡуам. Инарцәымҩа лашахааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

356 views

Опубликован 20 мар.

Иахьа-уаҵәы-уаҵәашьҭахь амсылманцәа иазгәарҭоит ихадароу аныҳәа — Ураза-Баирам. Ари аныҳәагьы амзаҿа иацныҟәоит, ԥшьаала ашықәс аамҭақәа зегьы ирыхьӡоит, сынтәа амши аҵхи анеиҟарахо аамҭа иақәшәеит. Иахьа инаркны астрономиатә ааԥынроуп. Ҭоурыхла, ақьырсианреи амсылманреи адинхаҵарақәа шьақәгылаанӡа, ааԥын ааира ашықәс ҿыц аҭалара иазҳәан — ажәлар еигәырӷьаны иаԥылон, еиҭанеиааиуан, ахәмаррақәа, аицлабрақәа мҩаԥыргон, ишәаҳәон-икәашон. Аԥсуаа рҿы абас иҟоу ажәлар рныҳәамшқәа Мшаԥы иадҳәалахеит, ашәуаа рҿы — Ураза-Баирам. Абри ахәаша аҽны ашәуа ҿар ақыҭа иалсуан, згәара иҭалоз рыхьӡала арҽхәаԥхьыӡқәеи ахьӡыртәрақәеи рҳәон, аҵкыс аҳамҭа рзыԥшын. Аҩнаҭа иҩназ зегьы рҟынтә ҳамҭак-ҳамҭак роуан: аԥшәма иҟынтә — акәац жьыхәҭа бзиаӡак, аԥшәмаԥҳәыс лҟынтә — аҳалуа уҿаӡыҭуа, арԥыс иҟынтә — араса, акакан, ахьа, аҭыԥҳа лҟынтә — лнапкымҭак (асымҭа, аӡахымҭа). Абас ҩнаҭацыԥхьаӡа аҿар-шәаҳәацәа ақыҭан еидыркылоз абзиара зегьы џьара еизыргон, ахәыҷы-мыҷы зегьы ирхьыгӡаны иршон, нас аишәачара иахатәон. Ураза-Баирам азы ашәуаа еидныҳәалоит абас: "Шәыурычрагьы шәнамазгьы ҟабышьхааит (Ҳазшаз идикылааит)!" Аҭак — "Ҳаԥхьагьы бзиала шәнаӡааит!" Ажәа "аурычра" аҭырқәшәа аҟынтә иаланагалеит: "oruç" — "ачгара". Аурычра амзазы есԥшьаша аԥсуаа-амсылманцәа идыргыло аишәа аҩыза Нхыҵ-Кавказ иуԥылаӡом, уи аҵас аҿиашьа даара аинтерес аҵоуп, иҭызҵаауа аҵарауаҩ қәыԥш дыҟоуп. Абри атәы азгәеиҭеит Аԥсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьуӷьелиа иахьатәи иҿцәажәараҿы, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

355 views
123456•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384