TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват5,941Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 7 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 25 февр.

Даара имариам усуп, егьаҩы рҽазыршәахьазаргьы, апоезиа закәыҵәҟьоу инҭкааны аҳәара, аха иара убар, иуаҳар — иудыруеит. Ҩашьара ақәӡам. Апоетҵәҟьа еснагь иара ибжьы имоуп, даҽаӡәы диеиԥшӡам, дагьилаҩашьаӡом. Убас иҟоу дреиуоуп иахьа зықәраныҳәа азгәазҭо апоет, аиҭагаҩ Гунда Сақаниаԥҳа — Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Таиф Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературатә премиа алауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ. Иуҳәар ауеит апоезиа ԥсыԥашәаны илыциит ҳәа. Ажәеинраалақәа аԥылҵон дшыхәыҷӡаз, ашкол ахь дцаанӡагьы (хәышықәса шылхыҵуаз дрыдыркылеит). Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1980-тәи ашықәсқәа рзы, лырҿиаразы ирҳәахьеит "амҵәыжәҩа унаҭоит" ҳәа. Аԥсуа литература иалалгалеит асахьаркыра ҷыда, аҿыханҵаҩ ашәыгақәа еилаҵаны аԥшшәы ҿыц шиоуа еиԥш, аԥсшәаҿы иаалырԥшит алшара ҿыцқәа, аԥшӡара еицакра зқәым. Гунда Сақаниаԥҳа хыԥхьаӡара рацәала аизгақәа ҭлыжьхьеит: "Аԥшқарах", "Анана Гәында", "Ахьыцәыкәбар", "Саҭанеи лашәа", "Ахьыԥшьа", "Аԥслымӡ сааҭ", "Аматанеира" уҳәа егьырҭ. Иалкаау лҩымҭақәа еидкылоуп ааигәа иҭыҵыз ашәҟәқәа "Зқьымра", "Ажәҩан анааигәахо" рҟны. Хазы инаҵшьны иҳәатәуп иахьатәи аԥсуа хәыҷтәы литература ҵәатәышьаҟаны иаҵагылоу дышреиуоу, илыҩуеит урҭ рзы ажәеинраалақәа, апоемақәа, алакәқәа. Ажурнал "Амцабз" аредактор хадас дыҟоуп. Акыршықәса Абызшәа аҿиара афонд аҟны аус лухьеит, амилаҭ культура аиқәырхараҿы лааԥсара рацәоуп. Ҳлыдныҳәалоит гәыкала, лықәра ҿыц далагәырӷьалааит, лымҩа еснагь илашазааит! 🌸 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

558 views

Опубликован 25 февр.

📌 Ари аинтерес аҵоуп Апоет Мушьни Мқаииа иссиру ипеизажтә лирикаҿы иаҳԥылеит абас еиԥш ацәаҳәақәа: "Илаша-лашо амза қаруа, Цгәы шьаҿала жәҩангәы ихалоит" "Ацгәышьаҿа", мамзаргьы "ацгәы́шьҭа" ҳәа ажәытә изҿыз ахәымџьар ахырҷараан ихырҵоз сахьан — специальный узор, которым покрывали края очкуров, букв.: "кошачий след" 🐾 Илакьуа-илакьҭо ицон, иарԥшӡон, аламалагьы итлаӡомызт. Ажәар иануп, аха иубартә иахьыҟоу асахьа ҳамам. Асахьаҿы: иԥоу ахәымџьарқәа; С. П. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟынтә 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

381 views

Опубликован 25 февр.

Еиуеиԥшым абызшәақәа рҟны ашьҭыбжьқәа шаҳҳәо шеиԥшым еиԥш, ишҳаҳауагьы еиԥшымзаап! Арахь иаҵанакуеит аԥсабара иахылҵуа ашьҭыбжьқәа рыдкылашьагьы, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыбжьгьы. Иаҳҳәап, ацгәы анкьиуа европатәи абызшәақәа зегьы рҟны "миау" ахьӡуп, аиапонцәеи кореиааи "ниан" ҳәа ираҳауеит, индиаа — "миаун", арабцәагьы уи иахаршаланы. Аԥсуаа ҳтәы урҭ акгьы иреиԥшӡам, ҳара иаҳҳәоит "акьи́ра // акьу́ра", ашьагәыҭ -кь(и)у. Иара уи ашьагәыҭ ԥсаатәқәак рыхьӡқәа рҟны иаҳԥылоит: акьут (филин); ашьапызаҵә, мамзаргьы а́кьу (выпь). Ирху абжьоуп рыхьӡ зыхҟьаз. Иџьашьатәыми! Ацәгәы ҳшаԥхьо аҟынгьы ҳфонетикатә ҷыдара ҳамоуп: "ҵис-ҵис" (аурысшәаҿы "кис-кис" // "кыс-кыс"). Ацгәы "хәырр" анарго ишԥашьҭоу — аӷəымҵра́, иӷәымҵуеит(мурлычет). 🐱 Ашәарыцаратә бызшәала ацгәы ҩ-хьӡыкгьы амоуп: "арԥшыгҟəаз" — букв. "крупноглазая", арԥшыга — абла; "аҷы́гкыга" (ловец мышей) аҷы́г, а́цду — аҳәынаԥ. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

412 views

Опубликован 23 февр.

Иахьа Хәажәкыроуп — аԥсуаа ҳмилаҭ культура иарҿиаз, ҳдунеихәаԥшышьа зныԥшуа ажәытәӡатәи аныҳәара. Хәажәкыра иаалырҟьаны зхала иҟалаз акы акәым: аамҭа аҽақәыршәаны ишьақәгылеит, аԥсуаа рамзар аҟны ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Хәажәкыреи Жәабрани еишьҭанеиуеит, ахәажә кны аныҳәара аӡыни ааԥыни реилыҵымҭазы имҩаԥырго қьабзуп. Жәабран — арахә-ашәахә ирызку ныҳәазар, Хәажәкыра — адгьыл ақәаарыхра, аԥсабара аҿыхара иадҳәалоуп. Хәажәкыразы иржәуеит ашә згәылам ахәажәақәа (аҳампалқәа), аабыкьанӡа иҟарҵон иара убас амреи, амзаҿеи, алаҳәареи, акалакәыти рсахьақәагьы. Алаҳәара аныҟарҵоз амажәа аарҟьаҟьаны арыц хыхь иақәрыԥсон, ус ишыҟоу иржәуан. Алаҳәара цырак, акалакәытқәа — аҩнаҭаҿы аҭацацәа шаҟаҩ ыҟоу аҟара. Жәбранмгьал еиԥш, ахәажәақәа рымажәагьы ашыла еилаԥсала иркәаҳауеит — абарақьаҭразы. Ажәытә иҟан ахәажәа-кәакәарқәа ахәажәбӷьы илаҳәаны аҽҳәаҿы изӡуазгьы. Аҭаацәара рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа хәажәа рзыршоит, руаӡәы иқәшәаз арасаҵәы анаҩс аҟәыд иаларҵоит, иҟоуп аҩы иҭазыршәуагьы. Арасаҵәы "амшҵәы", ма "анасыԥҵәы" ҳәа иашьҭоуп, иара зауз дымшуп, ашықәсан зегь рыла деиқәшәоит, аҭаацәара даламлацзар, инасыԥ иԥшаауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аныҳәа ауха аҿар хәмаруан-иччон, рынасыԥ иаԥшуан. Хәажәкыра еснагь Ачгара ду актәи амш иақәшәоит, ачгачысуп иадырбо. Мшаԥы анааскьо, иаргьы ааскьоит. Уи аҟынтә сынтәа ӡынраны имҩаԥаҳгоит, аха еиҳарак Хәажәкырамз ауп иаратәыҵәҟьа. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

691 views

Опубликован 22 февр.

🥧Аԥсуаа ирӡуа амгьалхкқәа: 🟠Амгьа́л 🟠А́цхамгьал 🟠Ары́цмгьал 🟠А́шәмгьал 🟠Ача́шәмгьал 🟠Ача́мгьал 🟠Ачы́џьхамгьал Иара убас аритуалтәқәа: 🟠Жәабра́нмгьал 🟠Џьабра́нмгьал Иахьырӡуа аҭыԥ ала: 🟠Ахәышҭаарамгьа́л 🟠Акыцхы́рамгьл (аԥлакь аҿы) Амгьал еиҳарак излырхуаз ашыла ҟаԥшь акәын, ахәыӡ шылеи (ма ачашылеи) иареи еилаԥсаны. Аџьықәреи ҟалаанӡа — аши ахәыӡи еилаҩҩы, хызла, ма харҵәыла иркәаҳауан. Аритуалтә мгьал амахәыдагьы азҭо ыҟоуп, аманкагьы азҭо ыҟоуп. Ацхамгьали ачашәмгьали аҵыбра рнаалоит, даҽакала ача́хәсхәа ҳәа хьӡыс измоу. Асахьаҿы: Жәабранмгьал 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

464 views

Опубликован 21 февр.

Мышқәак раԥхьа ҳамшын аҟны ирбеит абабыр, амҵәыжәҩа ахьуан, изыԥыруамызт. Изыднагалаз еиҷаҳарыла иазныҟәеит, аҳақьым идырбеит, анаҩс аӡҭачы иҭарҵан, иахылаԥшуеит, акраҿарҵоит. Абабы́р, мамзаргьы аԥырҟьа́ԥ ҳәа изышьҭоу аԥсаатә "пеликан" ауп, ҩ-хьӡыкгьы амоуп аԥсышәала. Амшын Еиқәа аҿықәан иуԥылоит, еиҳарак арахь иқәнагало ахкы "кудрявый пеликан" ауп, еиҳа имаҷуп "розовый пеликан". Абабыр аԥыц метрабжак аҟынӡа иаууп, "амакәан" амоуп — аԥсыӡкыга зеиӷьаҭам. Зныкала ԥшь-кьылак аԥсыӡ шьҭнахыр алшоит, 12 литра аӡы азкуеит. Алеишәа бзиоуп, шамаха абжьы уаҳаӡом, абжьы ҭнагаӡаргьы — аҭра анаҳауа аамҭазы, акыр иҭахәаҽуп. Абабыр аԥсыӡ анафо, зны иршәны аҳауахь ихаланаҵоит, икәлаауа ишлеиуа хыла икылҵәраа ицарц, мамзар ҵыхәала иафо иалагар, акан ахәцә икылахар ҳәа ишәоит. Иԥыруа аԥсаатәқәа рахьтә реиҳа ишәпажәпоу иреиуоуп. Амҵәыжәҩа еиҵыхқәа рыбжьара ианеиҵоу х-метрак ҭаӡоит, ажәҩан ианхало х-километрак рҟынӡа аҽыҳаранакуеит. #аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

456 views

Опубликован 21 февр.

Дырмит Гәлиа иира аԥсуаа ҳзы "аренессанс хәыҷы" иаҩызан. Аамҭақәа анеиҭасуаз, аҳәынҭқарра ду анааҳәуаз, ишьаарҵәыраз ареволиуциақәа рхаан иара илшеит ижәлар рдоуҳатә револиуциа амҩаԥгара, уи ахаҿы агылара. Аԥсуа литература ашьаҭакҩы, ажәлар рырҵаҩы, арккаҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи иахьа 152 шықәса ҵуеит. Агәра игон ажәлар хәыҷы аҭоурых ду рымазар, алитература дугьы рымазар шауа. "Сара исеиӷьу ашәҟәыҩҩцәа шәрацәаҩхароуп. Сара исеиӷьу шәанзеиҵамгыла, усҟан ибашоуп исылшаз", — абас иҳәон аҿар ргәы шьҭыхуа, рхы ргәы ақәирбзион. Агәра игон аԥсуа бызшәа, уи амч-алша, егьырҭ абызшәақәа акала ишреицәам, ишрыҵамхо. Иахьа уажәраанӡагьы имҵәыжәҩа ҳаҵакуп, имҩа ианымҵуа ҳаҟанаҵ. "Амацәаз хьтәуп ҳәа кыр иаԥсоума, Шәышықәса рышьҭахь абла ҭшәар. Диит, деиҭеиуеит гәыла-ԥсыла, Дырмит ду! Ҳанбан! Ҳаԥсуа жәар! Ихәыҵшаауа ихәышҭаарамцоуп, Сышьхақәа ирхаҩуа ихьыҵәҵәаха. Сашәақәа ирашәоуп, иааирада хьамҵроуп, Саргьы сырхылҵит Дырмит ицәаҳәақәа". Белла Барцыц 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

463 views

Опубликован 19 февр.

🤩Ақыҭа анакәха, абас бзиа иубозароуп, уазышәаҳәалароуп: "Аимара инхоз ауаа шьха ҳауалеи ӡыхьлеи иааӡан. "Ицламҳәа ҭыԥ ыӡуам", – ҳәа аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, рлакҭақәа ҭыԥхаауа, рыфатә-рыжәтә бзиан, рхы-ргәы цқьан, руаҩреи рыламыси Ерцахә ашьха иаҟаран. Аимараа ашьабсҭа ашьамхы рыҵоуп ҳәа рҳәалон дара ибзианы издыруаз. Аԥсуараҿы ишаԥу еиԥш, ирҭаауаз асас "уҩныҟа уанбацо" ҳәа иазҵаауамызт. Рчеиџьыка убас идуун, арашь ыԥан изахыԥомызт. Рыпатуқәҵара, ажәҩан шаҟа иҳараку аӡәыр ишәахьазар аҳа шәашьа амамызт. Уа зегьы зларшәоз, излахдыркәшоз, изладырԥшӡоз Аԥсуара акәын. Раԥсуара еиқәнархон даргьы… Џьапуа Мадлеи ду ихылҵыз, ҳара ҳабшьҭамҭа, абырфын цаха егьырҭ ацахақәа ишрыламҩашьо еиԥш, рхы-рыԥсы мҟьашьӡакәа, алармҩа ианыланы, иахьа уажәраанӡа иааргеит руаҩреи, рыламыси, рхаҵареи. Анцәа иҟынтәи Аимара илбаазшәа, ҳабацәа, ҳабдуцәа, иӡыш-ӡышӡа ианааилагылоз, Ерцахә ашьха иаҩызахон. Иара Ерцахә еиԥш акәын рдоуҳагьы шыҳаракыз. "Ԥшьҟан, уажәа уалгама?" – ҳәа мҳәакәа, Ҭамшьыгә иажәа далагомызт. Рхы аҵкыс пату еиқәырҵон, еихӡыӡаауан, рыжәҩахыр еидын… Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩ, иаҳҳәап, ақьаад ианысҵаз агәра узымгозар, аамҭак ԥшааны уца Аимара. Унарылаԥш, унарылатәа уа инхо ауаа. Ишоуразар, Дәаб унҭаланы уҽырхьы. Ҟада ашьапы иҵыҵуа Франкьыл иӡыхь* унахәа. Џьапуа Ԥыс дызхыԥоз Дәаб зыбжьысуа ацаҟьақәа унархықәгыл. Билаҟәара Џьапуаа рқәаҵақәа унарыҵал. Аҵла рымахә иазнымкыло аҳарданжьы фҩы хаа унахәа. Аимараа рырахә, рыԥсаса, уаха иангәарло унарылагыл. Рҭыԥҳацәа, ршьапԥынҵа иқәгылан умаҵ зуа, улаԥш хаа нарыхга. Урҭ уара уахь ихьамԥшуашәа ҟарҵоит, аха рылаԥш ҷыц икылыԥшны ишухәаԥшуагьы удыруазааит. Уаӷеимшхара, ухымҩаԥгашьа аԥсуамзар, Аимаратә ҭыԥҳак уара дышуцымцо удыруазааит… Аимараа, рысас ишиԥыло еиԥш дагьынаскьаргоит, даҽазнык аара игәаԥхо. Уи дара жәытәнатә аахыс ршьа иалоуп, рыламыс иацуп". ✍🏻 Рушьни Џьапуа *Франкьыл Џьапуа — Жәлар рартист Хәыта Џьапуа иаб 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

529 views

Опубликован 18 февр.

Жәбран 18 — Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа, акыр зҳәо рыцхәуп. Абри аҽны 1931 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан анхацәа реизара мҩаԥысит. Иахьатәи ажәақәа рыла иуҳәозар, усҟантәи аоппозициа рықәгылара акәын. Мчыбжьык-жәамш инацны ажәлар ргәынамӡара аадырԥшуан, Дәрыԥшь адагьы иамҽханакит Аҷандара, Лыхны, егьырҭ ақыҭақәа, иааидкыланы Бзыԥын зегьы. Арҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи сынтәа 95 шықәса ҵуеит. Асовет аамҭазы ари атема азхьаԥшра дук амамызт, изныԥшуа ахыҵхырҭақәагьы усҟак ирацәаӡам, аха ҳаамҭазы аҭоурыхҭҵааҩцәа иахцәажәахьоу ахәшьара арҭеит, алкаақәагьы ҟарҵеит. Ақәгылара мзыз хадас иаман Аԥсны аполитикатә статус еиҵатәны автономиа аҳасабала Қырҭтәыла алаҵара, абзанхацәа хатә џьабаала идырҳаз, изқәиҭыз рмал рымхра, аликбез амҩаԥгашьеи, аколнхарақәа реиҿкаареи ицәырнагоз аилибамкаарақәа. Аизара зныкҟьара хә-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еиднакылеит, алахәцәа ҭоуба руан ҳхықәкы ҳшацәхьамҵуа ҳәа, ирацәоуп Дыдрыԥшь иҩеины иқәыз. Аха Аԥсны иқәынхоз ажәлар зегьы еицҿакны ирҳәаргьы, ари аус алҵуа ҟалашьа амамызт, избанзар тәыла хәыҷык заҿагыларымызт Асовет ҳәынҭқарра ду азеиԥш программа, Сталин ихаҭаратә культ. Аиҿкааҩцәа абрагьцәахеит, шьоук ҭаркит, шьоук ахыргеит. Нестор ҩ-мцакы дрыбжьагылан, иахьынӡауаз ижәлар ирыцрамсыртә дныҟәон. Москвантә агәрамгара шиоуазгьы, ишилшоз ихьчон. Аха иара даныршь ашьҭахь, ажәлар ринтересқәа рзы иқәԥоз зегьы жәлар ираӷацәоуп ҳәа иаԥырырхуа иалагеит. Ари иаҵанакит 1931-тәи ахҭысқәа ирылахәыз реиԥш, ирылахәымызгьы, аха зажәа ԥхылнадоз. Дәрыԥшьтәи аизара амҩаԥысшьеи алҵшәақәеи ирызку аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

480 views

Опубликован 17 февр.

⛰Аимарааҭыԥхьӡ ахьынтәаауа А́имара — Ҷлоу ақыҭа аҩадахьы, ахәҵахь иҟоу ҳаблоуп. Дәаб аӡиас алсуеит. Уи аԥсҭа иахьааҭҟьо ҭшәарроуп, абахәқәа даара еизааигәоуп, уҽазҵәылухыр — ԥаҩк аҟынтәи егьи аԥаҩ уқәԥалар ҟалоит. Аҭыԥ аҟазшьа иахҟьеит уи иаду аҳабла ахьӡгьы "Аимара" (еимоу, аималара)". Иара Дәаб аӡы Дәаб аԥсҭа иахьааҭысуа аҭшәарра аиҩхаагьы А́имакыра ахьӡуп. Аимара аҳаблан диит апоет Анатоли Лагәлаа, аҳабла ахаҟны иит аишьцәа ашәҟәыҩҩцәа Алықьсеи Ҷыҷыкәеи Џьонуаа. Дәаб-шьха ашьапаҟынҵәҟьа ишьҭоу, Ҟада ахәы зхагылоу ари аҳабла блахкыгаҿы иуԥылоит аинтерес зҵоу, аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥхьӡқәа маҷымкәа: • "Аԥсҳа ибаа"; • "Аԥсҳа дахьжу"; • "Абираҟ ахьықәгылоу"; • "Аӷәылбаашьҭырҭа"; • "Аныхаҭра"; • "Алугәарҭа"; • "Ааба зҭоу" — уи аҭыԥаҿ аӡәы аԥш леиҵон аа-калаҭк ада ҭымҵит, убри иахҟьаны "ааба зҭоу" ҳәа иашьҭалеит. Ахыҵхырҭа:Валери Кәарҷиа "Аԥсны атопонимика"; Аимара иатәу ахьӡқәа рыхәҭак Ҷыҷыкәа Џьонуа ианҵамҭоуп. #атопонимика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

455 views

Опубликован 16 февр.

АԤСҬАЗААРА АЗХЬРА Иҵысуеит, иҵысуеит, Иҵысуеит агара. Аӡә дыԥсуеит, аӡә диуеит, Аӡәы иуеит ачара. Иҿышәшәоит, иҿышәшәоит, Иҿышәшәоит абӷьыцқәа. Аӡәы изоит, аӡәы ишәоит, Аӡәы дцоит дымхәыцкәа. Нарҭаа иит, Нарҭаа шәит, Нарҭаа гылт аамҭаказ. Аӡә дырхәит, аӡә дыршьит, Аӡә дымқьит хҿаказ. Лахьынҵоуп, лахьынҵоуп, Лахьынҵоуп ҳахҭысқәа. Зегьы ҵоуп, зегьы ҟаҵоуп, Зегьы рҳәаа иахымскәа… СЫԤХЫӠ ССИР Ԥхыӡ ссирк сналалт, ббаҳча сҭалазшәа ихааӡа, Сыхшыҩ сахызгоз аԥхыӡқәа збомызт ас уаанӡа. Былабжышқәа ашәҭ аӡаӡеиԥш ибҿыкәкәон, Бықьызқьызбжьы амза ҳкәажәҵәҟьагьы аргәырҩон… Са саныбба, мчыла, ссиршәаҵәҟьа быччеит, Быччаԥшь бырлашк, сыбла ихшәалазшәа исҿаҷҷеит. Симҵаныҳәеит, абас быссирхан ба бызшаз, Дынцәахшома алакә баалҵызшәа бзыхшаз? Аҵх ссирын, ббаҳчахьтә кыраамҭа сымцеит, Хьтәы уарҳалҵас амза сымҩа зегьы қәнаҵеит... СҴӘАХТӘУП Уахак сара сзыҳәан бгәырҩа, Сыҵалааит схьааха быгәгьы. Сҩызцәа саанрыжьит зымҩа, Маҷк сыбҟажарцаз баргьы. Исаҳә, сара ирхааны мцык, Жәеинраалаҵас баԥхь, еиқәыршәа. Сбызжьозар, сбызхыхуазар знык, Бгәаҵа сынҭалап сымшәа. Насыԥуп убраҟа схәаҽыр, Сҵаакәкәала сцап сышцара. Ҽаӡәыхгьы лыхцәы лыркәыкәыр, Илцәыӡхыр наӡаӡа сыԥшра… Сыбтәуп, сыбгагәышьеит, сыбтәуп, Сыбхамшҭырц бсыхӡыӡаан сҵәахы. Сҵәахтәуп, аха убасеиԥш сҵәахтәуп, Ахаҳә кылҵәеиԥш сахаршәтәуп бгәахы!.. Анатоли Лагәлаа Иҩымҭақәа реизга I атом аҟынтә, 2011 заатәи #алирика Афото: Альбина Анқәаб 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

498 views

Опубликован 15 февр.

Ишԥацәгьоу абас иҟоу ажәақәа абра ранҵара... Ари амш наӡаӡа иацкабеит лашара хаак — иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа. Ҩажәа шықәса инареиҳаны ажурнал "Алашара" аредактор хадас аус зуаз. Аԥсуа сахьаркыратә литература аизҳазыӷьара зыԥсҭазаара азызкыз, уи агәеисырҭаҿы иҟаз, иӡырызгоз, ашәҟәыҩҩцәа рабиԥарақәа цҳас ирыбжьаз. Анатоли Лагәлаа инапы иҵыҵхьоу аизгақәа 15 инареиҳауп. Иҩуан ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ахәыҷтәы рҿиамҭақәа. Ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ. Аԥхьаҩцәа бзиа ирбо ҳаамҭазтәи поетын. Иажәа иазыԥшын, ибжьы иазыӡырҩуан. Иқәгыларақәа еснагь еихымсыӷьуа напеинҟьабжьыла ихыркын. Инысымҩа кьаҿхазаргьы, еснагь иҭбаан: ирацәан инапы злакыз, ирацәоуп иаҳзынижьыз. Баҩхатәрала иҭәу апоезиа, апроза, апублицистика рынахысгьы, ателехәаԥшратә проектқәа, ауаажәларратә усура... Акыршықәса раахыс, ирҿиареи имаҵуреи иҽырхаршәаланы, Sputnik азыҳәангьы дыҩуан: аналитика, аиҿцәажәарақәа, агәалашәарақәа. Гәалсра дуӡӡоуп иҭәымҭаҿ дшыҟаз, игәы иҭақәаз нагӡамкәа, абас иаалырҟьаны иԥсҭазаара ахьҿахҵәаз. Аԥсынра алахь еиқәышәҵеит, Анатоли Ианкәа-иԥа, даара! Алашара зцыз, зегьы ирнаало ажәа зҿаз, хәыҷгьы-дугьы арҿиаратә гәацԥыҳәара рызҭоз ауаҩы хаа. Аҭаацәа ԥшӡа еиҵазааӡаз аб, абду, аҩыза иаша. Иԥсаҭа шкәакәахааит 🙏🏻 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

554 views
12•••5678910•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384