TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват6,207Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 8 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 14 февр.

Иахьоуп данызба уи аԥҳәызба, ҿыц, Лнапқәа хәмаруа иаҿоуп арахәыц, Ачамгәыр цәажәоит хатә бызшәала иас, Аха дшәаҳәом лара дахьтәоу цас. Лыбла ҭбаақәа ӡыжьҵас сынрыхшәалт, Уахьтә сызхымҵуа уамашәа сыххалт. Закәы мчузеи аԥҳәызба илымоу, схызх? Исзымҟажо сзыҟалазеи схы? Лнапқәа хәмаруа иаҿоуп ачамгәыр, Ашәа ҭԥыруеит арахь сара сгәы. Сгәы арахәыцқәа роума лнапы зкьыс? Сгәы зшәаҳәозеи мамзар ла лаҵкыс?.. Иван Ҭарба, 1955 #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

439 views

Опубликован 14 февр.

❤️Абзиабара иазку ажәаԥҟақәа • Абзиабара еиҳау мал ыҟаӡам. • Абзиабара ахьыҟам агәырӷьара зыҟалом. • Амҳара хәҷы ччозар, аҩн дугьы ччоит. • Гәыкала узҭаху илакҭала дудыруеит. • Ҩ-гәык есқьынагьы мҩак еиманадоит. • Алеибабароуп агәыбылра ҟазҵо. • Ԥҳәыс дааугаанӡа убла хты, данааугалак маҷк ихҩа. • Мыцхә бзиа узбо абашазы дузгәаауеит. • Ааԥынтәи асы бзиа еибабо ргәеизынхара иеиԥшуп – иааит, ицеит. • Аибаҭахра иагьакуп, иагьыҩбоуп. • Зегь ирҭаху ҳәа уаҩ дыҟаӡам. • Абзиабара мчыла иузаагом. • Зыбзиабара еицәыӡыз иԥсаанӡагьы ирхашҭуам. • Еинасыԥу иахьыҟазаалак еиқәшәоит. • Унасыԥ ахьыҟоу ушьапы унанагоит. #ажәаԥҟақәа Афото: radasadygova 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

523 views

Опубликован 13 февр.

Ажәҩан аҿы аԥсаатә рацәа еилысуа-еилало аԥҭеиԥш ианхыло "мурмура́ция" ҳәа иашьҭоуп. Ари ажәа аетимологиа алатин бызшәа аҟынтә иаауеит: murmuratio — "бормотание, жужжание, карканье". Еигәыцхәым абызшәақәа рҟны ажәақәак анеиқәшәо ыҟоуп, ус еиԥш араҟагьы иаразнак ҳхаҿы иааиуеит аԥсуа ажәа "амырмы́рра" (бормотание). Иџьашьатәыми! Аԥсаатәқәа абас еилауаҭыруа ианеилоу, егьа иццакуазаргьы, егьа еизааигәахаӡаргьы, иааихаӡом — рыкәша-мыкәша иааҟоу зегь рбоит, еимдоит, еибадыруеит, "еицәажәоит" дара ртәала. (Аԥсыӡқәа рҿгьы уи аҩыза ыҟоуп). Ҳара иҳамбацт, аха ари апроцесс Амшын Еиқәа ахықәангьы уахҭыгәлар алшоит, амшқәа анеилгоу, ҭагалан, аӡын, ааԥын. Еиҳарак изҟазшьоу алаҳәаҵарақәа роуп (воробьинообразные). Шәкы-зқьы ԥсаатә рҽеидыркылар ҟалоит, ашьхыҵә ирҩызан. #аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

444 views

Опубликован 12 февр.

"Ҳасасцәа баша-машам, ҳәарыбзала ицәажәоит" Ҳәары́бза (абаза бызшәала: Пхӏварыбза) — ажәа маанала ацәажәара аанагоит, аԥсуаа рхы иадырхәоз амаӡа бызшәақәа иреиуоуп. Ҳәарыбзала иҳәоу ажәа аҵакы ззеилкааз ихшыҩ ҵаруп. Ажәытәан ус ала ауаа ԥыршәон: игәарҭон аҭыԥҳа лгәеилгара ахьынӡаҟоу, мамзаргьы аԥҳәысҳәара иааиз арԥыс иҩызцәеи иареи рхәыцшьа, рдырра. Афольклор аҿы ирацәоуп аҿырԥштәқәа. Абар уажәы афильм "Ахҩеишьцәа" ацыԥҵәаха: аишьцәа сасцәаны аҳҭынраҿы иааит, аҳаҷашь (асасааирҭа) амԥан иааинырсланы ирымҵарҵаз рхәы иахатәоуп (ацхеи амгьали), аҳҭныҷкәын иаҳаратәы изеилаҳауа рҳәоит, аха ҳәарыбзала, иара изеиҟәыршәом. "Ара ашәа ҳәо адәы иқәу, х-шьапык зҵоу аҽыз дақәтәаран дыҟоуп, уи дақәтәеит ҳәа дҳархәмаруама, даарҟәыҿы-мыҿны агәашә ҭшәа дкыламырхаӡакәангьы дҳашьҭыштеи". Аҳкәажә лмаҵуҩы "изеиҭалгоит" асасцәа ирҳәаз иаанаго: "Арбаӷь, уашәа ҳәоуп! Уажәы уҟаԥшьӡа уӡны абра аишәа уқәҵан уҳаур, ҳҟырҟы унҭаҳарԥҟап". Рхы иадырхәаз ажәақәагьы абар: • Гӏвна гӏвей(аҩны зырҿыхо) — арбаӷь; • Аҽ чарахса х-шьапӏык — аишәа 🍽; • Тарашәтшва(аҭрашә ҭшәа) — аҟырҟы (тама́къ) Еиликаар ихәҭан ҳәа лыԥхьаӡеит аҳкәажә, дагьиқәцәҟьеит. Шәара шәгәы ишԥаанаго, имариазма? (Дара асасцәа нас ауаса рзыршьит 🐑). 📖 Пхӏварыбза - иносказание, аллегория; язык басни у абазин 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

485 views

Опубликован 11 февр.

Иԥсы ҭазҭгьы сынтәа 65 шықәса ихыҵуан асахьаҭыхҩы, аграфик Оҭар Мацхарашвили (1961 - 2005). Абаҩхатәра злаз, иҵаулаз, адунеи даҽакала избоз рҿиаҩын. Далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, Қарҭ Аҟазарақәа ракадемиа. Аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, иара убас Аурыс театр аҟны асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩс. Аҟәа ахаҿра зырԥшӡоз апроектқәа дрылахәын, иҳаракӡоу аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаараан ааԥхьара ирҭон рхиаҩыс, дизаинерс. Иҭиҵаауан аԥсуаа ретнографиа, рҭоурых, ажәлар рнапҟазара ахкқәа. Аматериалтә культура аиқәырхара дашьҭан, аԥсуа милаҭ шәҵатәы, аҟәынҵатәы ареконструкциақәа уахь иналаҵаны. Ирацәоуп дызхьымӡаз, 44 шықәса роуп иниҵыз, аха Аԥсны акультураҿы, иҩызцәа-идырцәа ргәалашәараҿы ихьӡ лашаӡа иаанхоит. 2006 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит Оҭар Мацхарашвили игәалашәаратә цәыргақәҵа. Анаҩс иусумҭақәа Амилаҭтә галереиаҿы ишьҭан, рыхәҭак ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоуп. Аграфикатә сахьақәа рҟны Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ахҭысқәа аарԥшуп; Оҭар Мацхарашвили, 1983 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

518 views

Опубликован 11 февр.

Ҳадунеи дықәымлацзар акәхап уаҩԥсык абри аԥсҭазаараҿ исзыԥшузеи ҳәа имхәыцыц, уи зегьы еицаҳзеиԥшу ҟазшьоуп — ауаҩы дыҟанаҵ акы деигәыӷуеит. Аха иҟоуп ауаа, ус акәымкәа, аԥсҭазаара сара сҟынтә иззыԥшузеи ҳәа азҵаара зхы иазҭогьы. Сара бзиарас инсыжьуеи, иахьа сызхәарҭахари ҳәа ихәыцуа, зхыдҵақәа ҳараку, амариа аус зхы адзымкыло. Ус еиԥш згәы еицҳауа ауаа рылшамҭақәа еснагь ирацәоуп, жәлар ирҵеицәаны игылоит. Раамҭа иалырԥаауа краамҭа имазарны инхоит, иагьԥхьаҟацаганы, ирӷьацаганы. XIX ашәышықәса аиҩшамҭа инаркны ХХ ашәышықәса аҩбатәи азбжаранӡа адунеи аҟны ауаа дуқәа аниуаз аамҭаны иԥхьаӡоуп. Ҳҭоурых иазынарханы уахәаԥшыргьы, ус ауп. Убарҭ абиԥарақәа дыртәуп Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу аҵарауаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩ, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Валери Кәарҷиа, жәабран 10 рзы 80 шықәса зхыҵыз. Абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа иусумҭақәа кавказҭҵааразы илагала дуны иҟоуп. Аԥсуаҭҵаараҿы иџьабаақәа рыхә ашьара уадаҩуп, Аԥсны атопонимика, аԥсуа-адыга лексикологиа, аетимологиа рганахьала инапы иҵыҵыит амонографиақәеи астатиақәеи рацәаӡаны. Икандидаттә диссертациа аԥсшәаҿы даара ибеиоу арахәааӡаратә лексика иазкын, идоктортә — Аԥсны атопонимика, ажәытәӡа инаркны иахьанӡа. Имаҷым убас аԥсуаа рнысымҩа иазку иҩымҭақәа, аиашеи ахәахәеи еилырганы аҭоурыхтә ҵабырг аарԥшраҿы илиршахьоу. Валери Кәарҷиа ауаажәларратә ус даҵагылеит дышқәыԥшӡаз, 1966-67 шықәсазтәи ацәқәырԥа дацны, иара иҳәан еиԥш, згәы былуа аԥсыуак аганаҿ данзымгылоз аамҭазы. Усҟантәи аҿыхацәа имҩаԥыргон аполитикатә акциақәа, аиҳабырахь ирыҩуан ашәҟәқәа, тәаха-цәаха рымамкәа, ажәлар рыбжьы неиҵыхны идыргартә аҭагылазаашьақәа аԥырҵон. Мчыс ирымаз зегь рыла ахақәиҭра иазықәԥон ҳажәлар, иагьааргеит. Аԥсуаа рзы иҳәазшәа иҟоуп Чехов абарҭ иажәақәа: "Сила и спасение народа в его интеллигенции, в той, которая честно мыслит, чувствует и умеет работать". Ҳара ҳҿы ус иҟан. Иҟазароуп есымшагьы. Валери Кәарҷиа ҳаамҭазтәи Аԥсны ашьақәгылара далахәуп. "Ахьтәы парламент" далан, хынтә Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын, Жәлар реизара дахантәаҩын. Хаҭала Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан аиқәыршәареи адкылареи рҿы ибзоура рацәоуп. Еснагь згәаанагара нҭырҳәцааны изҳәо, зыграждантә позициа еилыргоу, леишәалеи дырралеи узҿыԥшша ҳаиҳабацәа дреиуоуп. Агәабзиареи агәамчи имазааит, шәышықәса дыӷәӷәаны, дыбзабаҩны дырҭало! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

451 views

Опубликован 10 февр.

75 шықәса раԥхьа, жәабранмза 10 1951 шықәса рзы диит аԥснытәи аспортсмен, ақәԥаҩ, СССР-и Европеи рчемпион Рашь Хәытаба. Аҷкәын атлетикатә ҟазшьала деиҿартәан, азыҟаҵаҩцәа ирласны дгәарҭеит, дук мырҵыкәа аҟәатәи "Динамо" далахәны аренаҿы ақәҿиарақәа ааирԥшуа далагеит. 1981 шықәсазы Улан-Уде Хәытаба Аслан Хадарцев дииааит, 100 кьылак рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара СССР дачемпионхеит. 1982 шықәсазы, Европа Ачемпионат аҿы Асовет Еидгыла ахьӡала иқәгылараан, афиналтә еиндаҭлараҿы анемец спортсмен Уве Ноиперт дииааит. Аԥснытәи аспортсмен аиааира иигаз адагьы ачемпионат иреиӷьу ақәԥаҩ ҳәа далкаан. Иеихьӡарақәа рзы СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Рашь Хәытаба иананашьеит "Аџьатә халкааразы" амедал, иара убасгьы ихҵан "СССР жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза" ҳәа ахьӡ. Уажәы Рашь Хәытаба Аԥсны аспорттә қәԥара Афедерациа напхгара аиҭоит. 2015 шықәсазы иара ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.

397 views

Опубликован 9 февр.

Ажәаҳәа арҭбааразы✅ Аԥсшәеи абаза бызшәеи реиҿырԥшрақәак: • Сыла даахгылт — Сыла дааҵалт; • Ашара узбзиарахааит — Бзиала иуы́қәшааит; • Аҽы зшьапы ласу (аҽылас) — ишьа́ласу аҽы; • Ахьҩежь (чистое золото) — ахьа́ԥшь; • Ҳаицәажәеит (договорились) — ҳнапқәа еибаҳаркит(по рукам🤝). Аҿырԥштәқәа ааҳгоит асахьакыратә фильм "Ахҩеишьцәа" аҟынтә. Иҭыхын 2021 шықәсазы, ажәлар рлакә "Ахҩеишьцәа аҳ дшыржьаз" шьаҭас иҟаҵаны, арежиссиор — Аслан Аԥса. Афильм аинтерес аҵоуп ашьхарыуаа рҿы аиҳабра-аҵыбра неиҩымсрыда ишныҟәыргоз аганахьала. Шәахәаԥшырц ишәыдаагалоит иара убас абаза бызшәа злымҳа азыршьцыларц зҭаху, аԥсшәеи иареи ахьынӡеизааигәоу еиҿшәырԥшразы. Асиужет аазыркьаҿны: гәарԥк еицҭоу ахҩеишьцәа раб иҭынханы ирымаз аҽызаҵә рцәырӷьычуеит, ашьҭала изгаз деилыркаауеит, аха иҭихьан — аҽыццышә узмыхәаӡоз аҳак иднагалеит. Аишьцәа реизыӡырҩреи реидгылареи ирыбзоураны рыҽгьы дыргьежьуеит, адгьылгьы иақәиҭхоит. Дара аарԥшуп иагьфырхацәаны, рыхшыҩгьы ҵарны: ҳажәлар ридеалқәа инарықәыршәаны. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

450 views

Опубликован 8 февр.

Амра ԥхоит, ақәа леиуеит — абгахәыҷы ԥҳәыс даанагоит, абгаду кылԥшуеит. Абас рҳәоит амш иҟанаҵо узеилымкаауа, амрашәахәеи ақәаԥсатеи анеицу, ма ақәа цқьа ихымкәацқәа ашәалҟьамра анаакылԥхо (слепой дождь; солнечный душ). Ажәлар ирҳәамҭаны ҳхәыҷаахыс иаҳдыруа арҭ ацәаҳәақәа — автор дызмоу жәеинраалоуп, иацугьы ыҟоуп. Ахьӡыртәрақәа иреиԥшны, ашәаны иҳәон Жана Ачба иԥхьарца ианҵаны. Раԥхьаӡа акәны ашәҟәы ианҵан ХХ ашәышықәса аиҩшамҭазы афольклор аизгарақәа раан. Изҳәоз иазгәарҭон "Жана Ачба иҟынтә иҳаҳаз ауп" ҳәа, убас еснагь ихьӡ адырбон ажәабжьҳәацәа ҳәсагьы-хацәагьы иара ирепертуар анынарыгӡоз. Ари иалнаршеит ашәаԥҵаҩ ихьӡ анаӡаӡатәра. Аҩра-аԥхьара аныӷәӷәаха ашьҭахь Жана ихьӡ ҩаԥхьа ижәлар ирылаҵәеит аԥсуа шәҟәыҩҩы, арккаҩы Миха Лакрба ибзоураны. Анаҩс уи иус иациҵеит ашәҟәыҩҩы, апоет Гьаргь Гәыблиа. Ажәеинраала (ашәа) шеибгоу абас иҟоуп: АБГАХӘЫҶЫ АЧАРА Амра ԥхоит, ақәа леиуеит, Абгахәыҷы ԥҳәыс даанагоит, Абгаду кылԥшуеит. Ҽаб леиҩеиуеит, Жьабаӷь амҿы ԥнаҟоит, Хәаскьеи ачуан хиргылоит, Џьмажакьа абысҭа иуеит. Хабжь-иԥа адаул дасуеит, Мышәҳәар ықәлан икәашоит. Ҳаԥхьаҩцәа шәҟынтә иԥсабаратәым ахдырра знапаҿы иаазгахьоу дыҟазар, ари асиужет ахәыҷкәа рзы асахьаныҟәа ссир алҵуеит, абжьы ахаҵазар ауеит, иԥышәшәа! Ашәарахқәа бнак ирыцалоу абгахәыҷы ачара аҽны уаха-саха ҳәа амаҵ шыруа 🦊 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

467 views

Опубликован 7 февр.

Аклассика еснагьгьы иаамҭоуп. Аԥсуа жәлар ахақәиҭра ианеиԥхыӡуаз аамҭақәа рзы ииз ашәа цаҳәцаҳәқәа руакы: 🗡АԤСНЫ Анык лоуп сызхылҵыз, жәларык роуп сзыхшаз, Ҩ-бзиабарак сгәаҵаҿ наӡаӡа илашаз! Ак аԥхьа егьи мыхьшәашәааит бзанҵык, Рыҩбагь еицызааит, ирхазааит урҭ ԥсык! Атәыла хәыҷ ыҟоуп, Аԥсадгьыл хәыҷ – мап! Зыԥсадгьыл ҟәнызшьазгьы имҩа дахҟьап, Иабацәа изырҳәари иҟьалаз аԥа? Иҟьалаз аԥа – иҭабаз ацәқәырԥа!.. Уара, са сгәадура, сыԥсадгьыл, Аԥсны, Укыкахш ауп адгьыл санызҵаз суаҩны, Уҵеиџьқәа рӡы хьшәашәа ахашҭру схәыҷра? Сдунеи зегь арлашоит уара ухаҿра! Ушьхақәа лакәуп са сзыҳәа иахьагьы, Уӡыхьқәа гәхьаазгоит уажә иаҳагьы, Ушьац еиԥш ииаҵәоу шьац сымбаӡац, Ужәҩан еиԥш иԥшӡоу жәҩан ҟамлаӡац! Уӡиасқәа аԥсуа ицәаҩа сдырбоит: Ахәараҳәа еисуеит, иццакуеит, ицәқәырԥоит. Уҽыҩқәа бзанҵыкгьы ршьамхы кәадахом, Ушәҭқәа реиԥш иԥшӡоу шәҭыкгьы ҟалом! Исаҳә, уиҭахызма ихазыҳәан Анцәа? Амшын аҳауагь унаалеит рацәа: Ушәаԥыџьаԥ убас иԥшӡоуп, ииаҵәоуп – Удгьыли ужәҩани ԥштәык рзыԥҵәоуп!.. Исҭахуп сара гәыкала умаҵ зыуларц, Зқьышықәса умра шгыло збаларц, Аԥсны ԥшӡа, скәалаԥ хәыҷ, сымаӡа зҭоу, Аԥсны ԥшӡа, сдунеи ду, са исгәыӷырҭоу! Мушьни Лашәриа 1968, Москва #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

1,090 views

Опубликован 6 февр.

"Еицҿакны" даҽакала ишԥаҳҳәо? 🔸"Ршьапқәа неиқәыргыланы" Иахьазы еиҳарак ашәҟәаҿоуп иахьуԥыло ари афразеологизм, аха аԥсшәа аҭоурых азы аинтерес аҵоуп, аицхысра аанагоит, изхылҿиаазгьы ашәарыцара ауп. Ажәытәан ҩыџьа ашәарыцацәа амшә анырбалак, аӡәы ишьапы егьи ишьапы иақәиргылон, ианхыстәыз дақәыӷәӷәаны иирдыруан — еицхысырц. Амшә ашьра мариа усмызт, хык азы иааԥкны иугәыдлар алшоит, аха иаразнакала ҩ-хык ақәшәар, ашьапы аҵнамҟьаӡаргьы машәыр рызнауаҵәҟьа изыҟаломызт. Аицхысра амшә иадҳәаламзаргьы ҟалоит. Иаҳҳәап, ашәарыцацәа ҩыџьа ашәарах ԥыҭк шеицу ирбар, еибадырны еицхысуан — Ажәеиԥшьаа ирҿаҵахәны ирԥигалазар, дасу иара итәык лаишьҭуан. Егьырҭ зегь ҭрысны еимпуан. Ишиашоу аҵакала ахархәара: • "Акаҵәараҿ сылаԥш нарықәшәеит [ақәасабқәа — адм.]. Хәбаны еицын. Уара усыцызҭгьы, ҳшьапқәа неиқәыргыланы ҳреихсыр, даҽакгьы рыцҳарҟьон. (Џьума Аҳәба) Аҵакы еиҭарсны: • "Абригада иалаз зегьы ршьапқәа неиқәыргыланы [= еицҿакны] рбригадир изашшит". • "Шәшьапы еиқәыргыла иамшәхуаз ахантәаҩы даныҟаз, ас ҟазҵо уаҩы димбаӡацызтеи". (Алықьса Гогәуа) Алитература: В. А. Касланӡиа "Аԥсуа бызшәа афразеологиатә жәар", 1999 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

448 views

Опубликован 5 февр.

Пицунда амзара ҳәырԥсарраны иҟалеижьҭеи 100-шықәса ҵуеит сынтәа — аԥҵара арыцхәс ишьҭыхуп жәабран 9, 1926 шықәса. Усҟан ҩышә десҭын инареиҳаны адгьыл аҳәынҭқарратә хылаԥшра иаҵанакит. Даҽа 40 шықәса рнаҩс, 1966 рзы, Пицундатәи аҳәырԥсарра иадҵан Мысрагьы. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵакыра ԥшь-нызқь гектар инарзынаԥшуеит (зынӡа Аԥсны бнала ихҟьоуп 527 нызқь гектар). Ҽаџьара иҟам ашәаԥыџьаԥ хкқәа шәкы рҟынӡа уԥылоит ара, ҳадунеи иақәлоу амзаҵла анаҩсгьы, ашыц, аҵыҵындраҵла ҟаԥшь, ажәҩарӡы, ахаҳәрагәил ҟрымтәи уҳәа убас егьырҭьы. Ари аҳәырԥсарра аиԥш зеиԥшу ыҟаӡам адунеи аҿы. Пицунда ԥсшьарҭа қалақьны аҿиара зыбзоуроугьы, аԥхьаӡа иргыланы, иуникалтәу аԥсабароуп. Иахьа иаҳбо амзаҵлақәа абраҵәҟьа ирызҳауеит акыр миллион шықәса раахыс. Бзыԥ аӡиас ахы анааҵнах инаркны амшын ахь иаанагоз ахаҳә-мҿыхәи, анышәи, аԥслымӡи еилало-еилало ирчаԥеит Пицундатәи акра. Нас убра, амшын ахықә аҟынҵәҟьа, аԥслымӡраҿы иагәаԥханы игылеит амзаҵла, иҿиеит амзара. Апалеоботаникцәа ишырҳәо ала, Ҟрым-Кавказтәи ажәытәӡатәи аԥсабара ацынҵәарахс иҟоу ҵиаауп иара. Угәы иамыхәар ауам аҳәырԥсарра агәцаракреи ахылаԥшреи ахьагым ԥыхьеиԥш иахьагьы. Пицунда акра уанаавшәалак, ҟәарала уҿыноухар, сааҭкгьы уқәхом Амбаранӡа, устәи нас зынӡа иааигәоуп Мгәыӡырхәа агаҿа — арҭ аҭыԥқәа ирыбжьанакыз зегьы ҳәырԥсарроуп. Мысра ахәқәа бнала ибеиоуп, даара иԥшӡоуп: аџьра, ахьацара, аԥсара, ааигәанӡа ирацәан ахьагьы. Аԥсабара блахкыгоуп ашықәс аамҭақәа зегьы рзы, аҳауа зҩыдоуп мзашала, ԥсафҩыла илаҳалаҳауа. Аԥхын ишынеибакәу иаҵәабӷьыла иҭалаҳауп, ихьшәашәараӡа уныҵалоит. Мысреи Пицундеи ҭоурыхлагьы иӷәӷәоуп, арҭ аҭыԥқәа рҿы наџьнатә аахыс ауаҩы дахын. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

495 views
12•••5678910•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••75•••80•••8384