TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 71 из 84 · 1,004 постов
Ажәҩан анхту, амза убартә ианкыду ашарԥазқәа раан "ашацкыра" даҽа ҳәашьакгьы амоуп: амзацәкы́ра. Амза ацәаара укыртә ианыҟало аамҭа, ашара аҵалацыԥхьаӡа ақьаад еиԥш ицәышхо ианалаго; мамзаргьы аарла ашәашь анаавҵало — ацәылашамҭа. Амза иадҳәалоу ажәақәеи азгәаҭарақәеи рырацәара џьашьатәым, ауаа наџьнатә аахыс изхәаԥшуа лашарбагоуп, уи ацлара-агхара иазҿлымҳан, адгьыл ақәаарыхраҿы хшыҩ азыршьҭуан: амзаҿа ангыло алаҵаразы ибзиоуп, амзаҭәымҭа – аиҭаҳаразы. Амза аҽеиҭакра афазақәа зегьы ажәак-ажәак рызкуп: 🌒Амзаимҭа – рождение луны; 🌓 Амзаҿамҭа – молодость луны; 🌔 Амзазҳамҭа – созревание луны; 🌕 Амзаҭәымҭа, амзашанхамҭа – полнолуние; 🌖 Амзеиҭасымҭа – убывание луны; 🌗 Амзажәымҭа – старение луны; 🌘 Амзаҭахамҭа – гибель луны; 🌑 Ажәымбара-ҿамбара – безлуние; 🌚 Амзаӡымҭа – перед новолунием. 🌙 Ианаацәырҵуа амзаҿа акәзар, ианҭахаша – амзакьа́гәа(куцая луна; полумесяц), уажәы ус иагьыҟоуп. #ажәахырҿиаара 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 7 дек.
"Ажәа "ацынҵәарах" иажәа каҳаны, ицәаԥҽыганы, мамзаргьы уаҩы излеихыччо, дызларыцҳаршьо ажәаны иҟам. Жәларык, мамзаргьы абиԥарак рхаҵара ззынхаз, ирҟәырҷахоу, иаҳҳәап, ахра ду бганы еилаҳар, аԥҽыха дук ишазырҳәо еиԥшоуп ацынҵәарах ҳәа ауаҩы ишизырҳәо". Баграт Шьынқәба иажәақәа, 1977 шықәсзы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟынтә 50 шықәса уажәаԥхьа ԥхынҷкәын мзазы ажурнал "Алашара" аҿы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь або иалагеит ароман "Ацынҵәарах". Шықәсык ааҵуаны (1974) хаз шәҟәны иҭыҵит. Ашәҟәыҩҩы аубых жәлар рлахьынҵа даргәаҭеиуан, ирызку ажәабжьк аҩра иҭахызижьҭеи акрааҵуан, иҽагьазикит 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз, Шәача ԥсшьара даныҟаз амшқәа рзы. Аҭоурыхтә материалқәа, архивқәа, ахсаалақәа ҭҵаауа иҿанынеиха, мчыбжьык-мызкы иалагӡаны иҩып ҳәа игәы иззаанагоз ажәабжь х-шәҟәык рыла еибыҭоу романхеит, жәашықәса егьаарыгымхо дадхалеит. Урысшәала ианҭыҵ асовет жәларқәа ирылаҵәеит, еиҳарак кавказаа ишьҭырԥааит, миллионҩыла аԥхьаҩцәа иаиухьаз еиҳагьы ирызҳаит европатәи абызшәақәа рахь еиҭарго ианалага. Аубых жәлар ирбаҟахаз аепикатә рҿиамҭа ҵакылагьы, мҽхакылагьы, философиатә ҵауларалагьы иаԥсаны иреиҳаӡоу ҩымҭас ишьоуп ХХ ашәышықәсазы аԥсуа литература адунеи ҳамҭас ианаҭаз рахьтә. Иахьагьы-уаҵәгьы ирхәыцгоуп ауаатәыҩса рзы. "Ачҳара ззымхаз нышәынҭрак изхеит". Асахьа: Борис Ашәба "Қәҿаҳәарҭада ашхәа" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 7 дек.
🥧Арыцмгьал(ореховый чурек пирог) Чгахьоуп, гәырхаагоуп, ацха ауҭар ахаачыс иаҩсуеит, ацха амҭакәагьы агьама бзиоуп, аҟәыд ианаалоит. Ачабаба ааухәо иҟалаанӡа аԥсрақәа раан агәылацәа ааигәақәа арыцмгьал ҟаҵаны инаргон, аҩнаҭеи иадыԥхьало ауацәеи ирҿарҵарц. Иаҭаху: ашыла кьылак, ачашыла (ма ахәыӡ шыла) 250 грамм, акакан арыц 300 грамм, аӡы (ахыз, аӡыршла) 2-3 ҵәыца, аџьыкахыш. Аҟаҵашьа: ашылеи ачашылеи еилаԥсатәуп, аҵаа змоу аӡы цәырҟәанда алаҭәаны амажәа укәаҳауеит, ҩба-хԥа сааҭ аԥхараҿы игылоуп, уахык инужьыргьы ҟалоит. Аамҭа анааилак аԥлакь ахәша ахьшьны амажәа абжа ануҵоит, ауразоуроу арыц ҟәаҟәа ахьугӡоит (ацха азҭо иара абра арыци иареи еибырҭоит), уи ахахьы иаанхаз амажәала ихуҩоит, иааурԥшӡоит. Уажәшьҭа аӡроуп иаанхаз. Арыцмгьал, егьырҭ амгьалхкқәа зегь реиԥш, ишԥхоу ифазар зегьы иреиӷьуп, ахарҵәы хьшәашәа адкыланы. Ахкқәа ԥыҭк ыҟоуп: амгьал, ацхамгьал, арыцмгьал, ашәмгьал, ачашәмгьал, ачамгьал, иара убас ахәышҭаараҿы ирӡуаз ақьабзтәқәа, жәабранмгьал, џьабранмгьал. Амгьал азы еиҳарак рхы иадырхәон аџьықәреиҟаԥшь, ма аҩеижь иалҵуаз ашыла, ахәыӡ шылеи иареи еилаԥсаны. 🌾 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 6 дек.
Аӡбаарра иазгагоуп, Ҵлак иқәтәан иубом, Уҟааргьы, уҳәҳәаргьы Убжьы аҳаӡом. Уҭахызар угылан Уас нас абыкь, Ишдагәац идагәан Иаанхоит Ацаблыкь. Валери Касланӡиа иажәеинраалоу ицуфара Аҽаҩрақәа рҭыԥ ианықәҵоу иааиуеит ацаблыкьқәа раамҭа. Аӡын Аԥсны изхызго…
Аӡбаарра иазгагоуп, Ҵлак иқәтәан иубом, Уҟааргьы, уҳәҳәаргьы Убжьы аҳаӡом. Уҭахызар угылан Уас нас абыкь, Ишдагәац идагәан Иаанхоит Ацаблыкь. Валери Касланӡиа иажәеинраалоу ицуфара Аҽаҩрақәа рҭыԥ ианықәҵоу иааиуеит ацаблыкьқәа раамҭа. Аӡын Аԥсны изхызго аԥсаатәқәа иреиуоуп дара, иреишәарыцоит. Иахьа ашьацмасса иагозар, уаанӡа ацаблыкьгьы (иара убас ардәына, аҳәыҳә, абнакәты, ажьа) хьшьла иркуан ачеиԥш, урҭ зкуаз ахьшь-бжьа аҳәыҳәрыхьшь ахьӡын – ианиҵеит Анатоли Хьециа. Ацаблыкьи уи "аеҳәшьаԥацәеи": Ацаблы́ – бекас Ацаблы́кь – вальдшнеп Ацаблы́џь – кроншнеп Ацаблы́ӷра – чибис Ацаблы́каҷкаҷ, аӡыхкәы́р – кулик-сорока Ацаблы́хә, акарка́р – турухта́н Ачмы́р – кулик-чернозобик Аԥы́ԥшьцаблы́ – щеголь Ацаблыкь асаӡуа диалект ала – акәаҵамлы́қь #аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 5 дек.
Аублаа рыжәла аҷкәынцәа хышықәса рхыҵаанӡа ршьапы адгьыл иакьысыр ҟалаӡомызт, акы рԥырхагоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аамҭа анааилак агәара агәҭаны ауасцәа даныргыланы, мрагыларахь рхы рханы дырныҳәон, нас ишьапы шыхту ашьац дыладыргылон. Ҭырқәтәыла инхо Аублаа ауасцәа…
Опубликован 5 дек.
Иахьа, ԥхынҷкәын 5 рзы, 95 шықәса лхыҵит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог Мирра Хотелашьвили-Инал-Иԥа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа пату зқәу алахәыла, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу. Мирра Константин-иԥҳа занааҭла дбиологын, антропологиа дазҿлымҳан, аха лылахь ианын аҭоурых, ажәытәрақәа рыҭҵааҩыс аҟалара. Акыршықәса Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аус луит. Археологцәа дуқәа Л. Соловиов, М. Гәынба, Гь. Шамба рнапхгарала Аԥсны имҩаԥысуаз аекспедициақәа дрылахәын Хәыпын иԥшаҳәа, Аҟәа, Ешыра. Аԥсуа ҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-Иԥа ихатә ҩыза, ицнагаҩ, иарӷьажәҩа (рҭаацәа ԥшӡа еибызҭаз қьаӷьариас дрыман Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба), иԥсҭазаара зегь зызкыз аԥсуаҭҵаара ларгьы мцаны илыцралеит жәларык ирҿахәҳәагоу, адоуҳа зцу ишәҟәы "Абхазы" анҭыҵ. Иахьазы 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, набыцрак зқәым амонографиа шьахәқәа налаҵаны. 2020 шықәсазы хазы иҭыҵит хықәкыла аҿар рзы илҩыз Аԥсны аҭоурыхи аԥсабареи рышәҟәы. Мирра Константин-иԥҳа XX ашәышықәсазы аԥсуа жәлар ирыхҭыргаз агәаҟҵәаҟра рыцеиҩызшаз, имӷьаӡо ахәра ззынажьыз, анык лаҳасабала агәырҩа иабылхьоу ԥҳәысуп. Шықәсқәак раԥхьа ажурнаист Инна Ҳаџьымԥҳа лдырраҭара "Ашьхацамҩа" ла илызкын, убра ажәытәуаа ишырҟазшьоу еиԥш, гәҭыӷьгьала дцәажәоит лаамсҭашәара, лкан, лажәартәашьа уаршанхо. Убра дшаҳбаз еиԥш иҵегь ԥыҭк Анцәа днаишьҭааит зааԥсарақәа рацәоу аҵарауаҩ, агәабзиара лыманы, лхылҵ-ԥылҵ рзы лгәы ҭынчны, реихьӡарақәа рыла лгәы азҳауа! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 4 дек.
🌽Аԥсны иаадрыхуаз аџьықәреи жәлақәа • А́лаҭаҷаҷа; • Алага́жә; • Алагажәы́ҭ; • Ажәынҭы́ӷьла // ажәымҭы́ӷьла; • Алажәы́та (асаӡқәа рҳәашьала); • Алаҩы́та (цәжьаа рцәажәашьала); • Аҩысҭааџьықәреи (аҩсҭааиԥш); • Аџьықәреи ҟаԥшь; • Аҷыҷтәы́; • Аԥшыртҟәа́ц. Абра еиқәыԥхьаӡоу ахкқәа реиҳарак ҩеижьуп, рыхьӡқәагьы "ала", ма "алагара" иахаршалоуп. Иаагозар, алаҭаҷаҷа – "сморщенные зерна"; алагажә азы аӡы рацәаны "иажәуеит" рҳәон. Аџьықәреи XVIII ашәышықәсазоуп Аԥсны ажәла ркуа ианалага, аха ахкқәа зегьы аԥсышәала ахьӡқәа роуит. Аамҭакала ҩба-хԥа жәла аазрыхуаз ыҟан аԥсуаа, ацақәа ҩ-ҿык рыманы, еиҩкааны иҟарҵон, аҩеижьи аҟаԥшьи, аҩеижьи ашкәакәеи хаз-хазы иҭарԥсон. Иахьагьы иҟоуп быцала ишшу ажәытә цақәа зызгылоу. 🔸 Ажәи аҿеи еиқəаҳаԥсоит – мы богато живем (досл.: прошлогодний урожай еще не кончился – собрали новый) 📖 А́мгəахə – годовой урожай кукурузы, фасоли 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 3 дек.
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит". Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л? Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара…
Аҩнатә ԥстәқәа ирызку аԥсуа жәаԥҟақәа 🟠 Ауаса мариала изауз, ламзааит ҳәа дахәаԥшуан. 🟠 Дасу илеи иҳәеи иара иеиԥшхоит. 🟠 Ацгәы аԥсыӡ акыр аҭахын, аха ашьапы бааӡар ҳәа ишәон. 🟠 Ала ажьы ала иафом. 🟠 Аҳәа ду ахы ишақәгәыӷуаз иҭахеит. 🟠Абқәа рԥыза есымша рышьҭахь игылоуп. 🟠 Гәыкала зашҭа уҭало илагьы уадыруеит. 🟠 Заҳ дыӷәӷәоу илагьы ӷәӷәоуп. 🟠 Аҽада алақәа ианырк илахҿыххеит. 🟠 Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит. 🟠 Аџьма анынҵәаша тәыҩала еисуеит. 🟠 Зан иацымныҟәаз аҽҵыс ақәыџьмақәа ирфеит. 🟠 Зтәыҩа хжәоу акамбашь – камбашь бжоуп. 🟠 Акамбашь амхы абон, аанда абомызт. 🟠 Зыбӷа цәҟьоу аҽы харантә амҵ иабоит. 🟠 Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам. 🟠Аҽы зҭиуаз "чоу!" иҳәон, иаазхәоз – "ҭәыхь". #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Hashtags
Опубликован 2 дек.
Ԥсҳәы ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауа азы даара аинтерес зҵоу агәаанагара ҳԥылеит аҳҷыԥсаа рҳәамҭаҿы. Ажәлар ретимологиа анузышьақәмырӷәӷәо шыҟоу еиԥш, ахҭа ианҭанаршәуагьы ыҟоуп, версиак аҳасабала ахәаԥшра иаԥсазарҟалап. (Аҵарауаа ртәы ҳазааҭгылахьан хыхь). "Ҳнапы ахьынаӡуа – Анапоуп" Аҳҷыԥсы аҟара аибашьра иӷәӷәаны џьаргьы иҟамлаӡаст (1864 ш.). Рханы ашьхарыуаа тәан, иҵегьы ҩадахьы ашәуаа тәан, ашьха аӡы хеиҟәнашоз, рызқәа рҿы – аԥсуаа рызқәа рҿы – Ҟәбина нырцә азахәцәа тәан. Ашәуаа рыхьыӡ зыхҟьаз – ашәырҭа иқәтәоу, ихықәтәаз; ԥсҳәаа – Аԥсы-ҳәа*, аӡы иавакны итәан азы. Ашаԥсыӷқәа ажәытә ихьтәаз инхомызт – иааит. Шәачагьы аԥсыуа дгьылуп ауп ишаҳдыруаз, ҳаиҳабацәа ирҳәоз, уа Аублаа нхон, жәлан, Ачба иаҵкьыс еиҳан. "Аублаа иаԥхьа амӡырхаҿы узықәсом, ишьҭахьла уцароуп" акәын ишырҳәоз, даара ҳаҭыр иқәын. Аԥсуаа ажәытә Анапанӡа, Анапа анеҩс итәан, "ҳнапы хьынаӡуа – Анапоуп" рҳәон. Ҳара ҳабдуцәа изларҳәо ала, аибашьра аан, Кавказ аибашьра аан хҩык рҿы ҩыџьа ҭахеит. Аҭырқәа итәылаҿ инҩеи ачымазара, ахьҭа, амла, аибашьра ихҟьаны еиҭа хҩык рҿын ҩыџьа ҭахеит. Ҳара ҳахьыӡ "аԥсуаа" аҭырқәцәа "абаза" ҳа нҳарҳәоз изакәыз ҳаздырӡомызт, ирҳәон ҳаиҳабацәа, азахәцәа рзын "ачерқьез" анырҳәоз изакәу рыздырӡомызт, иаанагоз рыздырӡомызт, ҳабдуцәа Ҭырқәтәыла инҩеи "азахәцәа" акәын ишырдыруаз. Аԥсуаа аҭырқәа идгьыл 250 000-ҩык ыҟоуп. Акәыџба Исмеҭ иҳәамҭоуп, ианиҵеит Руслан ГәажәбаАҟәа, 01.11.1995 ш. Изҳәаз 40 шықәса дырҭагылан, аҳҷыԥсаа дреиуоуп, Анкара дынхон. 📖 Аԥсыҳәа = аԥшаҳәа – берег реки, долина Хҩык рҟынтә ҩыџьа ҭахеит – погибли две трети 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 1 дек.
Иҭабуп, ҳазҵаарақәа шәахьрывымсуа! ❄️Ԥхынҷкәын ах-вариантк рыла еиҭаугар ауеит, аха аҵакыҵәҟьа "аԥхын хәыҷ" ауп: декабрь = маленькое лето (в Абхазии). Ари ажәа – жәытә аԥсышәоуп, иахьазы зыԥсы ҭоу адиалектқәа еицырзеиԥшуп. Адгьыл иқәаарыхуаз, аԥсабара иашьклаԥшуаз ҳабдуцәа игәарҭахьан ҭагалан анҵәамҭазы амш ақәас-ӡысра адыруазар, ԥхынҷкәын бжеиҳан амра каҷҷа ишыԥхоз. Аԥхын ду (аншоураҵәҟьоу) ииасхьеит аҟынтә, ари аԥхын хәыҷ акәхон. Ари амза иҵегь ахьӡқәа амоуп аԥсшәаҿы: Ӡынхы, Ӡынԥынҵа (начало зимы); Қьырса (месяц Рождества (по старому стилю). Аҷкәын "ахәыҷы" ҳәа аанагоит иахьа уажәраанӡа ашәуаа ражәаҳәаҿы, ҳахәаԥшып атопонимика: Хәажә ду, Хәажә ҷкәын (Старо-Кувинск, Мало-Кувинск), Инџьыгь-Ҷкәын (Малый Зеленчук), Ҟәарбахҷкәын (Малая сухая балка), Бнаҷкәын (Маленький лес), Аӡыгьагьараҷкәын (Малое озеро). Иҵегь аҿырԥштәқәа ааҳгахьан абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа