TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват10,015Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 76 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 9 нояб.

Ажәытәаԥсуаспорт терминқәа 🏇🏻 Аҵəе́игəыдҵа — бой всадников дротиками Аҵəы́ршəра // Абҵы́ршәра — метание копья Аба́зшьҭыхра — ажәытәан 20 капеи ицоз абаз ахаҭа шьҭырхуан Ҽыҳәҵәы́ла а́исра — бой лошадей на дыбах Аҽы́рҩра — скачки Аҽы́мпыл — конный футбол А́ҳəаҟьара — рубка (вид конного спорта) Аҭарче́и — аԥсхәрақәа раан имҩаԥыргон Чара́з // Қьашьме́и — аҽы ақәыршьқьыраара 🤼‍♂️🏹 Аха́ҳəырԥара — метание камня (Нарҭаа репос аҿы иуԥылоит) Аиха́мпыл а́ршәра — метание ядра Шьамхы́ла а́иԥхныҩлара — бег А́имҭахара — состязание в стрельбе Бӷарҵахьы́ а́иқәԥара — борьба Махәҿа́ла а́иқәԥара — армрестлинг А́ҳәеинҟьара — фехтование Цыгәхы́ршәҭ — сальто Аҵəыргы́лахыԥара — прыжок в высоту (без шеста) Аушәа́қә а́ԥара — прыжок в длину Аҵəхҵəара́ — рубка (лозы) Алаба́шьаршəра — метание посоха (древний вид спорта) А́иԥхныҩлара — соревнование в беге Алабкы́ша — эстафета Алабе́имда — эстафетная палочка Аҵәҭаԥсара́, акьанҷҭаԥсара ́ — жеребьевка А́шҭаҳəыԥш — площадка А́ҩырҭа — беговая дорожка А́ҵҟьарҭа — старт А́мба — финиш; ворота Амба аҭалара — финишировать 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

825 views

Опубликован 8 нояб.

Шәҟәы бзиак ианаҳхыз аҟәышажәа 🌺🟠Ауаҩ инасыԥ асаркьа еиԥш ицқьоуп, аха ианԥҽуа уздырӡом. 🟠Зегь шыԥсуа рдыруеит, аха сыԥсыҵәҟьоит ҳәа аӡәгьы дыҟам. 🟠Хаҵеи ԥҳәыси анеилало иҳәыҳәхоит, ианеилыҵуа ихьыжьхоит. 🟠Зыбз ззыӡырҩуа иҿы аԥсы ашьоит. 🟠Зҿаҵа зырдууа…

895 views

Опубликован 8 нояб.

Абзиа убар, иуҳәароуп. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа шықәсыбжактәи аусура алҵшәа: ахәыҷқәа рзы иҿыцу ԥшьы-шәҟәыки алабҿабатә хархәагақәеи. Ашәҟәқәа гьамала ирхиоуп, асахьаҭыхцәа адыԥхьаланы, аԥхьаҩ ибла аргәырӷьартә иҩычоуп. Жьабаӷь фырхаҵеи, Ашәҭқәа рашәеи, Аамҭеи асааҭи – ахәыҷы исахьаркыратә хәыцшьа зырбеио, ашәҟәыҩҩцәа ажәа еинаалала иаԥырҵаз ҩымҭақәоуп. Ахәыҷӡақәа ацәажәара иалаго рзы ихәарҭахоит "Аԥсуа бызшәа асахьатә жәар". Аҭыжьымҭақәа зегьы ртираж – 3500 цыра ыҟоуп, уи аӷьырак Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ирхьыгӡахоит. Ақәратә категориа 3-10 шықәса. 👧🏻👦🏼 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

751 views

Опубликован 7 нояб.

Абаза литературатә бызшәеи аԥсшәеи еицырзеиԥшу алфавитк рымазҭгьы, ҳашәҟәы-быӷьшәы акхон: ҳагьаԥхьон, иагьеилаҳкаауан уадаҩрада. Ҿырҳәала ҳабызшәа усгьы еибакуеит. Ҳаалаган, ашәуа лакәк ԥсыуа нбанла иаҳкьыԥхьит, абызшәатә ҷыдарақәа зегьы еиқәырханы. Диалектуп уҳәап, убасҟак ҳаизааигәоуп иахьа уажәраанӡа! Ажәытәан зегь ҳазхылҵыз абазӷаа рҳәашьҭыбжь ахаҳкаауеит, шәахәаԥш шәаргьы. Алакә иахьӡуп "А́бага" 🦊 "Зны амшә чмазаҩхан, а́шәарқәа чмазаҩбара иазцақәон. Абага акәмызҭын ашәарқәа шқыҭугьы иазцақәат. Абага зынгьы игьазымцасызт, иазцарнысгьы гьагәиҭамызт. Мышкы ақәыџьми ажьи́ амшә иазцан араса арҳәт: – Шәа́рҭа абна иылу шқыҭугьы чмазаҩбара зны-зын, ҩан-ҩан иузааит. Абага зынгьы иузымааит! Ауи (а)ҽардууит иузааиуам. "Изымбахт амшә гьагәан (хәмаруа)!" аҳәит. – Ауи сара сазхап! Шәымгәжәажәан шәара! – аҳәат амшә. Ақәыџьми ажьи гәырӷьауа ицахт. Дук ахымҵуа ауи ахабар абага иаҳаит. Ианаҳа амшьҭахь мышк а́ҳа бжьымсуа амшә иазцат. - Зхаҵкы сцара, ушԥаҟу? Учымазаҩра ахабар саҳаизжьҭара шьарда ҵит, ауаса узырбзиахуш хәшәык сымамкәа сузааирныс сгәы иамуыт. Уажәаанӡара ауи сазыԥшуан. Ахәшә аныздыр, "Избап, ахәшәгьы асҳәап" – сҳәан сузааит. Амшәгьы гәырӷьан: "Иаасаҳә, ари адунеи иықәызҭын (иқәзар) сара иаасауп", – аҳәат. – Хәшәыҭа иаасауыз ажьа агәи ақәыџьма а́зази ракәуп. Ажьа агәы ԥшқаҭа ирҟәаҟәаҭа, қәыџьма зазла иалакәҳахҭа иуфарыкәын, ишуҷашәуа убзихушт, – аҳәат. Амшә ауи анаҳа: "Иауып, узҩадахаат, уцах!" – аҳәан, абага ааунашьҭхт. Абагагьы аԥықә иыҵхыччауа ицахт. Уадырҩана аҽын ақәыџьма анца, амшә аамҵасын иа́хәарат (иахәарит). Ауи ауа́са иштәаз ажьа наԥа́лт. – Уааигәа́! Ишԥабзииз ушааиз, арахь аргәаныҭа уааскьа! Маӡак уасҳәуашт, – анаҳәа, ажьа гәырӷьан, аныла-арыла инақәԥа-аақәԥан амшә иаӡхахт. Амшә аасын иыланаҟьат, иаақәшьшьын иарбыҵыт. Амшә наха-аахуамца ахәшә аланаҵан иафт. Ауа́са ахәшә закылагьы игьамхәат (иагьамыхәеит). Иаргьы шьарда ахымҵуа иԥсыт. Абага аԥхьа аҵкыс рыҵагьы бзиҭа ибзазуа идәықәылхт". 📖 А́шәарқәа– ашәарахқәа Шәа́рҭа– шәарахс абна илоу А́заз– аз (желчь) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

763 views

Опубликован 6 нояб.

Ҳашьцәа ашәуаа сынтәа раԥхьаӡа акәны Лыхнашҭа аныҳәа иалахәхоит. Аҿар 30-ҩык инарзынаԥшуа рҽеибаркны иаауеит хықәкыла ари агәырӷьамш ҳацырхыргарц. Ҳахиоуп ҳәа адырра ҟарҵеит Гәдоуҭа араион ахадарахь. Ашәҵатәы, аҟәынҵатәы, ачысмаҭәеи ачысқәеи, аамҭақәа реиқәҿыҭбжьы узырҳауа аҭоурыхтә маҭәарқәа ааргоит. Ибзиами! Аибабароуп агәыбылра узыркуа, даара ҳаигәырӷьеит ажәабжь. Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа мҩаԥысуеит ари амҽыша, абҵара 12 рзы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

741 views

Опубликован 6 нояб.

Ажәабжьқәа хкы-хкыла иаҳзеиҭазҳәо аԥсышәала Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵит. Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра ртелербагақәа раԥхьаӡа акәны ирнылеит Аҟәа асахьа, шәымҭак ашьҭахь иаацәырҵыз адикторцәа Леонид Хышбеи Кама Џьапуаԥҳаи "Хәлыбзиақәа!" ҳәа аԥсшәа рҳәеит. Зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшыз, Аԥсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа ари ахҭыс иаԥхьанеиуан еихсыӷьра зқәымыз аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, лымкаалагьы "130-ҩык рысаламшәҟәы". Ажәлар ирҿахәҳәагахарц иаартыз аԥсуа телерадиоеилахәыра еиԥҟьарада аус ауеит есҽны. Ҳаамҭазы уи амаҵ азыруеит 160-ҩык ауаа, аефир аамҭа 14 сааҭ рҟынӡа иазырҳауп. Ари ахәышҭаара еснагь еиднакылон, иахьагьы еиднакылоит ззанааҭ бзиа избо, здырра ҳараку, аџьабааи аҭакԥхықәреи ирцәымшәо аҟазауаа. Амшеикәшарала ихацыркыз ателеефир есааира иҭбаахон, иахьа ателехәаԥшцәа рзы иҭыҵуеит тематикалеи хырхарҭалеи еиуеиԥшым адырраҭарақәа 20: аҭоурых, аҟазара, аҵарадырра, акультура, алитература, аналитика, абзазара, ақыҭа алакҭа, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара, иалкаау ауааи ахҭысқәеи ирызку афильмқәа, ахәыҷқәа, аҿар, аспорт ирзырхоу апроектқәа уҳәа. Ҳрыдныҳәалоит Аԥсуа телехәаԥшра иазааԥсо, иазааԥсахьоу зегьы! Аизҳара, ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәазыҳәара рымазааит! АТ аҭоурыхаҟынтә>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

782 views

Опубликован 5 нояб.

"Амал абӷьыжәгьы иалоуп, малс иҟоу – ҟазшьоуп". Ҵарада ахшыҩ ҵар змаз ажәытәуаа ражәала. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

784 views

Опубликован 4 нояб.

Аԥсуа-адыга жәларқәа рҿы ҭоурыхла иаауа ахьӡшьара иаҳараку патуқәҵаран, аҭаацәа рыҩнуҵҟа илыԥшааху ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа шаԥыз аршаҳаҭуеит. Зыхьӡ ушьо зегь раасҭа иузааигәоу, угәы ззыбылуа, ма узыцәшәо ауп. Ахьӡшьара зыбжьаз хаҵеи ԥҳәыси мацара ракәым, аҭаца дызланагалаз аҭаацәа аиҳабацәа зегьы рыхьӡқәа лшьон, забхәа Жәаф ихьӡыз акәҷарақәа шылԥхьаӡоз шәгәаламшәои?😊 Лара аҭаца лхаҭагьы ахьӡ ҿыц лырҭон/лырҭоит: иԥшӡоу, иԥшқоу, иҿагәыбзыӷу хьӡык, уи дланарҟәуамызт. Лабраа рҿы лыхьӡ шылхыц иаанхон. Иааҳгап ҿырԥштәқәак. Аҭаца дызланагалаз аҭаацәара рыхьӡқәа шылшьоз: Абхәа - Дадаҳ, Дадаҳ ду, Ҳаҳ; Анхәа - Нанаҳ, Нан Аҳкәажә; Абхәында еиҳабы - Ҳаҳ, Ата́та, Хаара; Абхәында еиҵбы - Алаԥшӡа, Ҳаҷкәын, Ҵыбра (младшенький); Анхәыԥҳа - Ҳаԥҳәызба, Ҳҭыԥҳа. Анхәагьы лҭаца дылзыгәдуны лыхьӡ мҳәаӡакәа Стаца хәҷы, Сымш ҳәа лалҳәоит иахьагьы, ари традициоуп. Хаҵеи ԥхәыси рыхьӡеибашьарақәа: • Ҳаизарацаҩ, ахәыҷқәа раб, ари ауаҩ, ари, ҳаԥшәма/аԥшәма; • Аҩны иҟоу, ахәыҷқәа ран, ани аԥҳәыс, сҭакәажә. Ишаҳбо еиԥш, ахьӡшьарагьы, ҿыц еибагаз реиццәырымҵра еиԥш, аамысҭашәара згәылыжжуа ҵасуп. Уи азгәарҭоит иахцәажәахьоу аҵарауаа. Ахыҵхырҭа: Валентина Амҷԥҳа "Аԥсуаа рантропониммиа азҵаатәқәа" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

892 views

Опубликован 4 нояб.

👰🏼Ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьақәа "Уа, Радеда, Мафа! Диҳәеит, дигеит, дичаԥеит!" Аҭацаагарашәа абжьы ахыҩуеит ҽаҩраҭагалан барақьаҭ. Аԥсуа чара иԥшӡоу, ихаау ахатә етикет ацуп, иара амҩаԥгашьа аамҭа иацныҟәаны аҽшарҿыцуагьы, агәыцә ԥсахра ақәымкәа иаауеит. Агәыцә…

779 views

Опубликован 4 нояб.

Узырлахҿыхуа аԥсуа жәаԥҟақәа 🟠 Амҿ кьаҳә амҿқәа ирнышәом. 🟠 Ацә атәыҩа иаразы ихьанҭам. 🟠 Аџьма гыды* еснагь иӡысу џьнашьоит. 🟠 Амшә ашьҭа збази ахаҭа збази еимаркуан. 🟠Асас дахь дызҭаз иаҵкыс игәылацәа гәырӷьон. 🟠 Ӷьычкәыр агьычцәа дрылабжьон. 🟠 Хаха-чаха ачара иуан, хабыхац дицхраауан. 🟠 Чаӷыр ихарԥ аниӡәӡәа еицәахеит. 🟠 Қыжә дзырырҳаз Хыжә даршәеит. 🟠 Зыҩны ифырџьану, тәымџьара иԥаҭхьу. 🟠 Ахәымаа-жьымаа Кәрыжәаа дрықәлоуп. 🟠 Алҭы иаанаго џьалҭы иагоит. 🟠 Унапы ӡәӡәа анырҳәа, "Нарҭоу сахьааруаз исыӡәӡәеит" зҳәаз иеиԥш. 🟠 Аашьаҩ ақалмышь аниба дадтәалеит, ачашә аниба дадиалеит. 🟠 Аҟәџьал шбылгьоз ахҩа ахашәеит. 📖Аџьма гыды́ - безрогая коза Ачча аашәҿықәыххызар, ҳгәы иахәоит. Шәаргьы бзиа ижәбақәо ҳзанышәҵа. #ажәаԥҟақәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

823 views

Опубликован 3 нояб.

Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, археолог Демур Бжьаниа иахьа дҳалагылазҭгьы, 70 шықәса ихыҵрын. Археологцәа зегьы ирқәашьхом зеиԥшыҟам аартрақәа рыҟаҵара, Демур Бжьаниа иразҟы иалан ус еиԥш: иара иоуп раԥхьаӡа акәны иаазырԥшыз аџьаз аамҭа (!) иаҵанакуа аԥсуаа ржәытә шхәа акыц ҿырԥшы (керамическая модель древнеабхазской лодки эпохи бронзы). Демур Бжьаниа тәамҩахә змамыз, зусура мар ацыз ҵарауаҩын. Ажрақәа дрылахәын, астатиақәа иҩуан, жәларбжьаратәи аконференциақәа рҿы дықәгылон, Ҭырқәтәыла, Чехьиа имҩаԥысуазгьы уахь иналаҵаны. Имонографиақәеи иҭҵаамҭақәеи атәым бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Аибашьраан Аԥсны аҭоурых ҵабырг ихьчон ҵарауаҩк иаҳасабала, уи азмырхакәа иԥсадгьыл ахақәиҭра дазықәԥон Гәымсҭатәи афронт аҿы. 1998 шықәсазы аусура далагеит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара Аусбарҭаҿы, Вадим Бжьаниа инапаҵаҟа. 2010 шықәсазы ари аусбарҭа дахагылоит. Аекспедициақәа разырхиареи, рымҩаԥгареи адагьы, илшаз рацәоуп археологцәа дуқәа Михаил Траԥшь, Иури Воронов, Гьаргь Шамба ргәалашәара иазкыз жәларбжьаратәи аконференциақәа реиҿкаара аҟынгьы. Аҵарауаҩ иаамҭанымкәа иԥсҭазаара ҿахҵәеит 2011 шықәсазы Оҭҳара имҩаԥысуаз аԥхынтәи аекспедициаан. Аԥсуаҭҵаара дазыҳаҵҳаҵон, иҟаиҵашаз рацәан иҵегь, аха илахь ианымзаарын. Иахьа уажәраанӡагьы дырхьаауп иҩызцәа, иколлегацәа, ацәыӡ амоуп дзыԥхаз аԥсуа ҭоурыхҭҵаара. Уаҩышьалагьы даара дхаҵа бзиан рҳәоит. Уахь акрыҟазар, далхымзааит! Ахыҵхырҭа: Аԥсны акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар Афото: Адгәыр Ӡиӡариа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

900 views

Опубликован 3 нояб.

Акәтыжәлақәа рҭаацәарахь иаҵанакуеит абнашәишәиқәа (тетеревиные), арҭ акыр иҟәазқәоуп, раамҭа аиҳарак адгьыл аҿы ирхыргоит иҟәбаҟәшәо, аҵлаҿы иԥхьарылоит, изеишәарыцо ԥсаатәқәоуп. Ажәла-мыжәлақәеи ахәаҷа-маҷақәеи рнаҩс фатәыс ирымоуп аҵиаақәа ргәыцә ԥшқарахқәа, аҵла рымахә аҟатарақәа, абнашәыр, аргәыцқәа (ажьынҵәры, абнашымҳа, абацә, амаахыр уҳәа). Абнашәишәиқәа иҭыԥынтәалоу ԥсаатәқәоуп, адәахьтәи еицырзеиԥшу ҷыдараны иаразнак игәоуҭоит "рыџьымшь" ҟаԥшьқәа. А́шьхашәишәи, ачаӷы́р, ашьапы́қамса(кавказский тетерев) Риҵатәи амилаҭ парк иамоуп, аха аламала иубаӡом, аҳаракырақәа роуп нызарҭас иалнахуа. Ашьапқәа қа́мсӡа (лохматые) иҟоуп, иӷәӷәоуп, акапан кьылак аҟара инеиуеит. Аӡӷымбы́б(глухарь) аӡӷаҿы "аԥаҵа" амоуп. Аурысшәаҿы ахьӡ иаху зыдҳәалоу ааԥын агәаџьраан алымҳаҵарра иахьагхо ауп. Абжьааԥны даара згәы зҽану абнашәишәи аҽырбара аамҭазы ашәарҭара атәы ахашҭуеит, усҟан ауп ашәарыцацәа анахаҩогьы. Идууп, 4-6 кьыла акапануеит. А́бнакаԥкаԥ(рябчик) акыр ихәыҷуп, акапан 500 г иреиҳам, афырфырҳәа икәаԥкәаԥуа иныҟәоит, иҷыӷраӡа иҟоуп, аҽыҵәахшьа адыруеит, абгақәеи ацыӷқәеи ирыцәшәоит. 📖 Аҭыԥынтәа́лара – оседлость; Агәа́џьра – токование. Ааԥын асы ӡыҭуа ианалагалак иаабац ашәишәиқәа реиԥш рҽырбабаны, рымҵәыжәҩақәа шьҭарссы, рҵыхәақәа рқәацәны, рыбжьқәа ҭырцоит игәаргәаруа, игәаџьуеит– ирылоу аадырԥшуеит. Ари ақәгылара зызку арцынақәа аицлабра иахәаԥшуеит, реиҳа зылшаз арбаӷьқәа ҩызас ишьҭырхуеит. #аԥсаатәқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

1,080 views
12•••5•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••70•••7475767778•••80•••8384