TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
К списку каналов
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT CHAT

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Лингвистика

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Подписчики1,260Текущее число подписчиков
Постов1,004Проиндексировано постов
Охват12,714Просмотры последних постов
Последние посты

Последние посты

Стр. 73 из 84 · 1,004 постов

Опубликован 24 нояб.

🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа • А́ӷбаҵәа • Абамбаҵәа́ • Аӡынҵәа́ • Аихаҵәа́ • Апарчанда́ • Аҵәагәа́ҩа • Аҵәажьа́кца • Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь) • Ашьақа́рҵәа • Аҳәырҵәа́ • Ацига́нҵәа • Аҵәа́хәа • А́ԥсуаҵәа • Мҵа́ратәи аҵәа • Ашампа́нҵәа • Апо́рт • Аҵәасса…

869 views

Опубликован 24 нояб.

🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…

960 views

Опубликован 23 нояб.

Иахьатәи аамҭазы иалукааша, иԥшӡоу аԥсуа хьыӡқәа шәразҵаауан. Еизаҳаҟәшәеит 150, ԥшьба-хәба нызқь рҟынтә. Реиҳарак ԥсыуа хьыӡқәаҵәҟьоуп, аха иаланагалазгьы аԥсшәа иарсахьеит, иаднакылеит. Хыҵхырҭас иҳахәеит Шьалуа Инал-иԥа, Адгәыр Инал-иԥа, Екатерина Шьаҟрыл, Валентина Амҷԥҳа рышәҟәқәа. Асиа иаҳарбеит, ҳгәанала, иахьа имаҷны ахархәара змоу, имчым, еинаалоу ахьӡқәа. Изыхәо аӡәыр дҟалар — абзиаӡа! #ахьӡқәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

2,270 views

Опубликован 23 нояб.

Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит. Валери Касланӡиа деицырдыруеит ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа равторк иаҳасабала, Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа раԥхьаӡа изанашьаз иара иоуп. Ихаҭа дшысабииз иаб диԥхеит (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы дҭахеит), иаб иашьа, аԥсуа актиор ду Леуа Касланӡиа диааӡон. Дшыхәыҷыз атеатр ахь дигон, акультуратә ԥсҭазаара дагәылаихалон. Апоет абри аамҭа игәалаиршәон абас: "Отелло" даныхәмаруаз, аспектакль алагара 2-3 сааҭ шагыз атеатр ахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон, сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Отелло ишәҵатәқәа рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәырҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ахԥатәи аиарус ахь сишьҭуан: "Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла" ҳәа насаҳәаны". Валери Касланӡиа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа рзы, уиижьҭеи иахьанӡа аԥхьаҩ дызмоу шәҟәыҩҩуп. Ажәеинраалақәа рнаҩс иҩуеит апиесақәа, аповестқәа, апоемақәа, атеатрқәа рҿы дықәдыргылахьеит. Хаҭашьала зынӡа ахӡыргара иашьҭам рҿиаҩуп, гәата-бӷата иус иациҵоит. Ҳазшаз абзиарақәа иаҭәеишьалааит, аԥсуақәра нагӡа ниҵааит, агәабзиара-ахабзиара иманы! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

1,680 views

Опубликован 22 нояб.

Ҳара ҳназлоу аҟәаа аӡәырҩы абҵарамза иаҵоу аҿыхьҭара рхазыршҭыз хҭысхеит "Амра ашәахәақәа" захьӡу асахьаҭыхҩы Борис Ашәба ицәыргақәҵа аартра. Занааҭла иекономисту аҟаза, шәыга лашала иаԥиҵаз адунеи уатәнатәуеит, уарзҩыдоит, доуҳак узыннажьуеит, иҿыханҵа абызшәа уаҩы еиликаартә иҟоуп. Ирҿиамҭақәа рҵакы, рсиужет, ирыҵоу аидеиа хада уҳәа, аҵыхәтәантәи аҵәаӷәаҷ аҟынӡа аԥсышәала иуацәажәоит. Аԥсабара асахьа акәзаргьы, убас аԥшшәқәа рҟәынкаашьак дақәшәоит, акраамҭа убла ихымҵуа. Борис Ашәба арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит. Ҳасасцәа зегь бзиа рыхьӡуп шәҳәаргьы имцхом, аха араҟа абаҩхатәреи, аламыси, ақьиареи бжьыцқьала ҿык еицҭацәажәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Лана Аԥшьлааԥҳа, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>> Ацәыргақәҵа аартуп ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

1,250 views

Опубликован 22 нояб.

Ашьхарахь асы ықәнаршәшәеит, Ауадҳара иагьышьҭагылт, уажәыҵәҟьа аа-сантиметрк ыҟоуп. Иааиуа амшқәа рзы уаҟа асҿыц иазыԥшуп, уахынла иҵаарҷҷо иалагоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Аӡынра ашьшьыҳәа иҳазлыбаауеит шьхала, сынтәа акыргьы амҩа иқәын. Ауаџьаҟ амца аныхаахо аамҭа... Шәазыԥшума, мҿыла шәеиқәшәоума? 😉 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

857 views

Опубликован 22 нояб.

Аԥсуаа ражәа иалоуп "сдаӷьхаргьы-смаҭхаргьы" ҳәа (сделать во что бы то ни стало). Иабантәаауеи ари ажәеицааира, избан адаӷьи амаҭи залыркаарыз? Иҟалап, абас ихаҳәханы абызшәа иалоу ажәытәӡа зны аԥсуа лакәқәеи амифқәеи ирхылҿиаазар. Иаагозар, аҵанаа амца анрыжәла, рхы ацәыргарц шьоукы аӡы иҭаԥалеит, егьырҭ аҵла агәаҩақәа ирҭатәеит. Аӡы зыҽҭазыԥсақәаз даӷьхеит, аҵла иҭалақәаз маҭхеит. "Адаӷьи амаҭи аҵан ирхылҵит" рҳәон уи аҟынтә. Аурыс жәлар рлакә "Царевна-лягушка" аиԥш зеиԥшу, адаӷь ацәа зхарԥоу аԥҳәызба илыхҳәаау анашанатә лакәқәа уԥылоит ҳара ҳфольклор аҿы, ашәуаа рҳәамҭақәагьы налаҵаны. Иааџьоушьаратәы аԥсуа цәа рхоуп асиужетқәа. Руак аниҵеит аҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба, изеиҭазҳәаз шьҭрала д-Арасаӡыхьтәын, Гагра дынхон. "Адаӷь ԥҳәысс изгаз илакә" ҳәа ахьӡны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит 2005 шықәсазы – Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа IV атом иагәылоуп. 🐸Адаӷьгьы аӡы изҭоу зегьы иреиҳазар аҭахуп. Адаӷь аӡы ианаанахәа, усгьы агаҟа сцон аҳәеит. (Ажәаԥҟақәа) 📖 Квакать – аҩаҿҩа́ҿра, аҟәаҿҟәа́ҿра 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

812 views

Опубликован 21 нояб.

Ажәеи ажәеи еихҳәалауа "Иԥсараха, иԥсҭараха ашьхақәа рыгәҭа иҭажьуп N ақыҭа. Есышықәса ааба-ааба мзы ашьхақәа аҳәааха, асыԥса амаҟаха, адунеи иаҟәырԥа, тәым ҵыс амырба, ибахҭаха ишьҭоуп иара". Абас иблахкыганы асахьа ҭихуеит М. Аҳашба иажәабжь аҿы ахҭысқәа…

751 views

Опубликован 21 нояб.

Ҳар рхы Владислав Арӡынба ижәлар дшырзыҟаз, аԥсуа анацәа дышрыхӡыӡаауаз аазырԥшуа ҭоурыхк. Ахы акуеит зыҩԥацәа ҭахаз Бабусиа Чамагәуаԥҳа гәыбылрала иҭәу лысаламшәҟәқәа рыла. Лара лсахьа ҳзымԥшааит, аха убла ихгыларатә еиҭалҳәоит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны…

711 views

Опубликован 21 нояб.

Ақырҭқәа ара ианыҟаз ҳашьхаҭыԥқәагьы дара рбызшәала идырцәажәар рҭахын, Мамӡышьха Мзиули ҳәа иашьҭан, Риҵа – Рисхва. "Арик учҳауа иҟамызт, сара саламгар амуит, ишьақәҳаргылеит", – еиҭеиҳәон аҵарауаҩ Таҷ Гыцба шықәсқәак раԥхьа арадио Sputnik иаиҭоз аинтервиу аҟны. Аԥсны ашьхаҭыԥқәеи ашьхацамҩақәеи еидкыланы ашәҟәы ианызҵаз, ирыхцәажәаз аҭоурыхдырҩы, атәылаҭҵааҩ, 30 шықәса инареиҳаны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Таҷ Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит абҵара 20 рзы. Таҷ Шьаабан-иԥа Аԥсны шьапыла иахысхьоу дыруаӡәкын, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа еиҵаиааӡон, ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьацәа аԥсуаа рҭоурыхи рыбзазашьеи деилзыркааша амҩақәҵага шәҟәқәа иҩит. Акырӡа ихырҳаганы аус иуан Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи, Аҳәынҭқарратә музеи рнапхгараҿы. 1978 шықәсазы аԥсуа жәлар рҿахәы зҳәоз "130-ҩык рысаламшәҟәы" зманы Москва ицаз иоуп, ари ашәҟәы иацын еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иалганы иргаз аҭоурыхтә-культуратә ҭынхас ишьоу амаҭәарқәа рсиа. Аԥхьагылара злаз, уаҩышьала еиҿкааз, амаӡа ус аҿы узықәгәыӷуаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит дыздыруаз. Таҷ Гыцба 1964 шықәса раахыс аҭыԥхьыӡқәа ранҵара даҿын. Ҳтәыла анҭыҵгьы Нхыҵ Кавказ, Егры-нырцә аԥсуаа рышьҭамҭа зныԥшуаз атопонимқәа ҭиҵаауан. Москва, Черқьесск, Ереван, Краснодар абиблиотекақәа рҿы дцаны, шьарда аматериал инапы иҵихит. Абысҟатәи аџьабаа здыз иусумҭа аибашьраан иԥхасҭахеит, ҩаԥхьа еиҭашьақәиргылеит, шьаҭасгьы иазыҟалеит 1997 шықәсазы иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахсаала. Владислав Арӡынба илаԥш зхыз, акрызҵазкуаз ари ахҭыс ахатә ҭоурых амоуп (ахсаала зны напыла иҭырхит, нас акьыԥхьразы Саратов иргеит, уагьы ирԥықәслоз ыҟан). Абарҭқәа игәалаиршәоит ари аус Таҷ Гыцба ицназыгӡаз, иара иуаҩышьеи иҩызашьеи иахцәажәаз аҵарауаҩ Леуард Барцыц. Иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра >> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

1,170 views

Опубликован 20 нояб.

📌 Ажәа бзиоуп Ачарбӷьы́(ветви и листья священных деревьев, заменявших стол на праздниках и молениях) Ажәакала иузеиҭамго, ажәытәра иагәылсны иаауа аилкаара. Хьыӡ ҷыдак аманы иҳаздыруамызт, ҳаамҭазы ахархәарагьы зынӡа имаҷхахьеит аҟынтә, иаҳԥылеит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа иусумҭақәа рҿы. Аҿахәы аҳәоит ари ажәа – узықәчо абӷьы. Ацуныҳәа, ажәла рныҳәарақәа, Хыхь иҟоу, анкьа амш анбзиаз ачарақәа раангьы икарҿон абас араса, ахьаца, ал уҳәа зымшьҭа бзиоу аҵлақәа ҳәа иԥхьаӡоу, рыфатә абӷьы ианҵаны ирфон, ус иаԥын. Ритуалтә ҵакык амамкәа иҟамызт ари аҵас, мамзар аиха ҟалеижьҭеи мҿқәак ааицарсаны реидҵара уадаҩра дук ацым, ианамуӡахгьы абыца, аӡахәа шышны, ашәымкьаҭ еиԥш изықәчашаз, зынакаакра маншәалоу ак рхәыцуан. Аха ус иҟамлеит. Уи амаӡа ҳзеилымкааргьы, абӷьы иаҵәа ахыԥхьалара аԥсуа аԥсабара дшазыҟаз, дшазааигәаз ҳнарбоит. Асахьаҿы: Леиаа рныҳәара #ажәа_бзиоуп 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

695 views

Опубликован 19 нояб.

Ажәеи ажәеи еихҳәалауа "Иԥсараха, иԥсҭараха ашьхақәа рыгәҭа иҭажьуп N ақыҭа. Есышықәса ааба-ааба мзы ашьхақәа аҳәааха, асыԥса амаҟаха, адунеи иаҟәырԥа, тәым ҵыс амырба, ибахҭаха ишьҭоуп иара". Абас иблахкыганы асахьа ҭихуеит М. Аҳашба иажәабжь аҿы ахҭысқәа ахьымҩаԥысуа, аурысшәақәа ахьымнеицыз ашьха қыҭа. "Ҳаи дад, аписар..." аԥсуа литератураҿы ицәырҵыз аҩбатәи ажәабжьуп, асовет аԥсуа литератураҿы - актәи. Д. Гәлиа "Атәым жәҩан аҵаҟа" иҩит 1918 шықәсазы, абри нахыс ицқьаны жәашықәса ааҵхьаноуп акьыԥхь анабаз ҳазлацәажәо аҩымҭа. Уи инашьҭарххны Аҳашба иҵегь иаԥҵамҭақәа алашара рбеит, хара имгакәа Самсон Ҷанбеи, Иван Папасқьыри, Ӡаӡ Дарсалиеи аепикатә жанр иаҵагылеит. Аха жәашықәса дуӡӡа ашәра иаҿын, ҩаԥхьа амч еизнагон хықәкыла ажәабжь ажанр. Дырмит Гәлиагьы шаҟа илуршози, арҵаҩра, арккара, аҭоурыхҭҵаара, атеатр, акьыԥхь - зегьы рхыҵхырҭаҿы игылаз, еицызбоз ауаҩы. Аԥсуа литература "агара илҵны" избандаз зиҳәозгьы уи акәын, иагьибеит. Нас, абарҭ ажәабжьқәа раамҭа цеит, иахьатәи ашколхәыҷ изы иуадаҩуп, иаҭахым ҳәа анырҳәало ыҟоуп. Шьаҭанкыла ҳзықәшаҳаҭым гәаанагароуп. Акласстә еиҟарамра, ма аколнхарақәа реиҿкаашьа акәым ара ихадароу - ҳазхысыз аҭоурых удырҵоит убла ихымҵуа асахьақәа рыла, имырхьаакәа, аамышьҭахь рхықәкы хадагьы нарыгӡоит: ахәыҷы ибызшәатә хәыцшьа арбеиара, иажәаҳәа арҭбаара. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа зыхә ҳаракхо, ахьырҵәаҵәа ҩымҭақәоуп 1920, 1930-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз: "Акаруал шәақь", "Ауаҩы шас", "Хамыжә уҽдыр", "Ақабла" уҳәа егьырҭ. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа

689 views
12•••5•••10•••15•••20•••25•••30•••35•••40•••45•••50•••55•••60•••65•••707172737475•••80•••8384